Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иузахмырԥо азеиԥш хықәкыттә напхгаратә программа «Аҳәынҭқарратә ҳәаа адемаркациеи аделимитациеи рзы Аԥсны-Урыстәылатәи анапхгарабжьаратәи акомиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны амшынтә ҵакырақәа аҳәаа абжьазаара», аԥшьаша, мшаԥымза 27 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы ишьақәдырӷәӷәеит.
Апрограмма аус адулара мҩаԥысуан Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут аҿы.
Апрограмма ахықәкы хадақәа рахь иаҵанакуеит:
– Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара амшынтә ҵакыра аҳәаа абжьазаара анаукатә ҵаҵӷәыркра иазку аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара;
– еиӷьу алагамҭатә рбагақәа ралкаара;
–еиуеиԥшым аҳәаа абжьазаарақәа рзы ахсаалагақәа реиқәыршәара;
– Ԥсоу аӡиас аӡалаларҭатә зона аморфодинамика Ареспублика Аԥсны амшынтә ҳәаа аԥхьалагаратә рбагақәа рышьақәыргылараҿы иамоу анырра ахәшьара аҭара;
– Амшынтә ҵакырақәа аҳәаа рыбжьазаареи Амшынеиқәатә регион аҿы апрецендентреи;
– Ареспублика Аԥсни Ареспублика Қырҭтәылеи рыбжьара амшынтә ҵакырақәа аҳәаабжьаҵаратә аиҟәыҭхага цәаҳәа ашьақәыргылара азы ихымԥадатәиу аԥхьалагаратә рбагақәа рышьақәыргылара.
Апрограмма 2023 – 2025 шш. иҭагӡазароуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аусмҩаԥгатәқәа х-етапкны имҩаԥгахоит:
2023 ш. – I аетап:
– Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут агидрографиеи агидрофизикеи рыҟәша инацҵаны аиқәыршәара иазку аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара;
– Ԥсоу аӡиас аӡалаларҭатә зона аморфодинамика Ареспублика Аԥсны амшынтә ҳәаа аԥхьалагаратә рбагақәа рышьақәыргылараҿы иамоу анырра ахәшьара аҭара;
– Амшынтә ҵакырақәа аҳәаа рыбжьазаара аҭоурыхтә аспекти Амшынеиқәатә регион аҿы апрецендентреи;
– амшынтә ҵакырақәа аҳәаа рыбжьазаара аганахьала агидрофизикеи агидрографиеи рыҟәша аспециалист иазыҟаҵара;
2024 ш. – II аетап:
– Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара амшынтә ҵакырақәа аҳәаабжьаҵаратә аиҟәыҭхага цәаҳәа ашьақәыргылара азы ихымԥадатәиу аԥхьалагаратә рбагақәа рышьақәыргыларазы абжьгарақәа реиқәыршәара.
2025 ш. – III аетап:
– аԥснытәи аделегациа анапхгарабжьаратәи акомиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны аусура аиҿкааразы, Урыстәылатәи Афедерациа иаԥну аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи адемаркациеи рзы Аԥсны-урыстәылатәи анапхгарабжьаратәи акомиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны амшынтә ҵакырақәа аҳәаа рыбжьазаара азы аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара алыршара хықәкыс иҟаҵаны, анаукатә ҭҵаарақәа рылҵшәақәа рыла акартографиатә ҳасабырбареи аилыркааратә нҵамҭақәа рыҟаҵареи.;
– Ареспублика Аԥсни Ареспублика Қырҭтәылеи рыбжьара амшынтә ҵакырақәа аҳәаабжьаҵаратә аиҟәыҭхага цәаҳәа ашьақәыргылара азы ихымԥадатәиу аԥхьалагаратә рбагақәа рышьақәыргылара.
Апрограмма анагӡаразы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иазоужьхоит 3,9 млн. мааҭ:
2023 ш. – 1,2 млн. мааҭ, 2024 ш. – 1,35 млн. мааҭ, 2025 ш. – 1,35 млн. мааҭ..