АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Мшаҧы.2023

Есныгьтәи анхарҭа аҳасабала рҭоурыхтә ԥсадгьыл Аԥсныҟа иаахьеит 4 - 4,5 нызықьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа.

Аҟәа. Мшаԥымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Арепатриациа азы аҳәынҭқарратәх Еилакы адыррақәа рыла, Аԥсныҟа еснагьтәи анхарҭа аҳасабала ихынҳәхьеит 4 - 4,5 нызықьҩык инарзынаԥшуа ҳџьынџьуаа. Зегь реиҳа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ианыхынҳәыз ашықәсаны иҟоуп  2013 шықәса, усҟан Шьамтәыла иҟаз аибашьра иахҟьаны Аԥсныҟа иааит аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа маҷымкәа.

«Иааизакны уахәаԥшуазар, 2013 инаркны 2018 шықәсанӡа Шьамтәылантәи Аԥсныҟа иааит 700-ҩык инарзынаԥшуа», -ҳәа  «Апсны-иахьа» ахь адырра ҟаиҵеит арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа. 

 

2018 шықәсазы рҭоурыхтә Ԥсадгьыл ахь ихынҳәит 540-ҩык,  2019 шықәсазы – 270-ҩык, 2020 шықәсазы – 230-ҩык.

Асҭамыр Багаҭелиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аибашьрашьҭахьтәи 30 - шықәса  рыла  Аԥсны атәылауаҩра роуит 11 нызықьҩык, урҭ рахьынтә  7 нызықьҩык – арепатриант истатус роуит.  Уажәы арепатриант истатус рымоуп 280-ҩык.  

 

 


Read 431 times - Ахаша, 19 Мшаҧы 2023 19:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.