АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Мшаҧы.2023

Ансамбль "Гәында" Очамчыра ақалақь аҿы иқәгылоит, ахортә капелла - Гал ақалақь.

Аҟәа. Мшаԥымза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура Аминистрра ареспубликатә гастрольтә план аҳәаақәа ирҭагӡаны, мшаԥымза 26  рзы С. П. Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернал аҿы имҩаԥсыраны иҟоуп авокал-инструменталтә ансамбль «Гәында» аконцерт.  Аконцерт алагоит  14:00 сааҭ рзы.

Ансабль асахьркыратә напхгаҩы – Аԥсны жәлар рартистка Роза Чамагәуа.

Мшаԥымза 27 рзы Гал ақалақь акультура Аҩны аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт мҩаԥысуеит.  

Асахьаркыратә напхгаҩы – Аԥсны жәлар рартистка Нора Аџьынџьал. Адирижиор Хада Аԥсны жәлар рартист – Нодар Ҷанба.

Аконцерт алагоит 17:00 сааҭ рзы. Ахәаԥшразы аҩналара хәыда-ԥсадоуп.  

 

 


Read 434 times - Аԥшьаша, 20 Мшаҧы 2023 14:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.