Аҟәа. Мшаԥымза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан Аалӡга аӡиас ихыу автомашьынатә цҳа аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.
Аҳәынҭқарратә наплакы «Аԥсныаҟәарахьчара» анџьныр хада Иури Воробиов Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо ацҳа аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит.
«Ҳара зоура 90 метра рҟынӡа инаӡо ацҳа аиҭашьақәыргылара ҳаҿуп. Ҭагалан иҟаз амшцәгьақәа инарымаданы Аалӡга аӡиас аҟны аӡы аҩаӡара ахалареи ӷәӷәала аӡы амҩасреи ирыхҟьаны, 15 метр рҟынӡа инаӡоз ацҳа –ҩ-бжьакӡараки абжьашшаратә шьаҟаки бгеит.
Ҳара амшқәа бзиахар, ацҳа аиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа ҩы-мчыбжьк рыла рхыркәшара ҳгәы иҭоуп», – ҳәа иҳәеит иара.
Иури Воробиов ацҳа аиҭашьақәыргылара Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә фонд ахарџь ала ишымҩаԥысуа азгәеиҭеит.
Автомашьынатә цҳа ааха аиуит жьҭаарамза, 2022 шықәса рзы.
Ацҳа иҳаҩсыз ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәа рзы идыргылеит.