АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәатәи ақалақьтәи аӡбарҭа Аԥсны аҳәынҭарра аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аусеилыргаратә ҟәша аусеилыргаҩ  Смыр А.Д., Такалаӡе Кристина Володиа-иԥа лганахьала иалху ахьырхәра аҭакрала ацҵара азы иҟаиҵаз аҳәара иахәаԥшит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь аӡбарҭа аофициалтә саит.  

Заанаҵтәи аусеилыргара ишышьақәынагылаз ала, Кристина Такалаӡе, аҳәаанырцәтәи аԥшыхәра аҟынтәи илоуаз адҵа инақәыршәаны, иҷыдоу амаҵзура амотивқәа рыла, цәыббрамза,  2021 шықәса инаркны ԥхынгәымза, 2022 шықәса аҟынӡа  гәҭакыла Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан ахьчара аҵаҟа иҟоу арратә, аҳәынҭқарратә, уҳәа егьи имаӡоу аинформациа иаҵанакуа адыррақәа реизгареи, анаҩс аԥшыхәратә гәҭакқәа рынагӡаразы Қырҭтәыла иҷыдоу амаҵзурақәа рхаҭарнакцәа рахь аиагареи лнапы алакын.

Аҟәа.  Цәыббрамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза    16 -  18 рзы Черкесск ақалақь аҿы имҩаԥысуан Урыстәыла аспорт азҟаза Роберт Џьемакулов игәалашәара иазкны Иаарту ареспубликатә турнир.  

Атурнир рхы аладырхәит 400 – ҩык инарзынаԥшуа Аԥсны, Ҟарачы-Черқьесстәи Ареспублика, Даӷьсҭантәи Ареспублика, Краснодартәи атәылаҿацә, иара убас егьырҭ Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи аспортсмен ҿарацәа. Атурнир аихшьаалақәа рыла, аԥснытәи аспортсменцәа аҩбатәи ҭыԥк, ахԥатәи ԥшь-ҭыԥк ааныркылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза  20, 2022 шықәса, асааҭ 14:00 рзы, Гагра араион Цандрыԥшь аҳабла аҿы, Октиабртәи амҩаду ала, макьаназы зхаҭара шьақәыргылам ахаҿы, автомашьына «Тоиота» (ашәҟәҭагаларатә дырга С 883 BK ABH) ала аҳабла агәаҿы днеины згәыцә еизадоу ашәарыцага шәақь ала (№5299) Анқәаб Ш.Д. ҩынтә диеихсит.  

Ш.Д. Анқәаб иаразнак Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа хада ахь днаргеит, араҟа уи иахәҭоу амедицинатә цхыраара ирҭеит.  

Ацәгьоура ҟаҵаны, ихысыз автомашьына «Тоиота» ала еилкаам ахырхарҭала иҽиӡеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысыз Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак аилатәара аихшьаалақәеи Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз анапынҵақәеи  рыла,  Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ихаҭыԥуаҩцәа Сергеи Пустовалови Владимир Делбеи алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Аилатәара иара убас ихы алаирхәит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.      

Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Алеқсандр Анқәаб ар амедицинатә, афинанстә, аматериал-техникатә еиқәыршәара аиӷьтәра, аҳақьым-ааԥхьаратә комиссиақәа русура аиҿкаара, Арбџьармчқәа ррезерв аус ацура иахәҭоу аҩаӡара ахь анагара, анхара-казарматә фонд аиҭашьақәыргылареи, иара убас егьырҭ хырԥашьа змам аусқәа рынагӡареи  рганахьала абжьгарақәа рыҟаҵара азы ахылаԥшрабжьаратәи аусуратә гәыԥ аилазаара азы ажәалагалақәа рыҟаҵареи рыдгадареи  рзы анапынҵақәа ҟаиҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Акультуратә гәыҳалалратә Фонд «Ашана» адиректор Мактина Џьынџьал Едуард Быҭәба  амедицинатә акциа «Згәы бзиоу абиԥара» еиҭаз адгылара азы аџьшьаратә шәҟәы ианалшьеит.

Апроект ахықәкы хаданы иҟан амедицинатә цхыраара аиура армариара  ала атәылауаа ргәабзиара аиӷьтәра адгылара аҭара, зцәа зтәым аҳәса рхылаԥшреи ареспублика ауааԥсыра ироуа амедицинатә цхыраара ахаҭабзиара ашьҭыхреи, иара убас ауааԥсыра  амедицинатә усзуҩцәа рҭаара акультура аизырҳара.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инспекциа, аекологиа азы аҳәынҭқарратә аҳәынҭқарратә Еилакы аҟны  аконсудьтациақәа рымҩаԥгара ашьҭахь,  аҽыкәабаратә сезон аофициалла ахыркәашара азы арыцхә шьақәнаргылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 21 рзы москватәи  «Вегас Сити Холл» аҿы имҩаԥысит апрофессионалтә бокс азы ахәылԥаз Shamo Boxing 72 «Уқәԥа, Уаиааи!» мҩаԥысит.  Абокс ахәылԥаз аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ермантәыла, Урыстәыла, Молдова, Узбекьисҭан, Малава, Аладатәи Африка, Кыргызҭан, уҳәа атәылақәа рҟынтәи аԥышәа змоу абоксиорцәҿа реиԥш, аспортсмен ҿарацәагьы злахәыз жә-еиндаҭларак мҩаԥысит. Аспорттә ԥсҭазаараҿы раԥхьаӡтәи апрофессионалтә еиндаҭлара мҩаԥигеит аԥснытәи абоксиор Герман Арџьениа, уи ԥшь-раундк рыла имҩаԥысраны иҟаз аиндаҭлара аҟны актәи араунд аҿы атехникатә нокаут ала Узбекьисҭантәи аспортсмен Огарбек Темиров дииааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Азыҟаҵаҩ Елизбар Џьологәуа иажәақәа рыла, аиндаҭлара ҟалаанӡа 15 мшы шыбжьаз аппонент дрыԥсахыр акәхеит. Узбекисҭантәи абоксиор, аспорт азҟазарахь акандидат аринг ахь дцәырҵит икьаҿу ардырра ала.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны атрансфер аныҟәцаҩцәа реилазаара Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 29-шықәса ахыҵра инамаданы, аибашьара аветеранцәа ацхыраара рыҭара иазку агәыҳалалратә акциа мҩаԥнагоит.

Цәыббрамза 21 азы иҟаз адыррақәа рыла, акциа рхы аладырхәит 354-ҩык. Иахьазы еизгоуп  471 000 мааҭ.

Аԥаратә цхыраара рырҭахьеит актәи агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа Ҵәыџьба Р., Задикиан Т., Атиан Т.,  Ишутинов А.,   Ковалиов С., Савосин А., Мумџьиан Иу.  Урҭ зегьы рыцыԥхьаӡа жәаба-жәаба нызықь рыҭахеит.

Егьырҭ еизгаз аԥаратә хархәагақәа аинвалидцәа ирыҭахоит цәыббрамза 26, 2022 шықәсазы 1992 – 1993шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа араионтәии ихадоуи афондқәа рҿы.  

Аԥаратә хархәагақәа реизгара иацҵахоит.

Абанктә хсаалага «Тинькофф» аномер -  5536 9141 1510 6936, Алиас.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳҭнықалақь Ахадара аҵарадырра Аусбарҭа апроект «Сахьынхо, аҵара ахьысҵо ақалақь азы издыруазеи сара» ҳәа хыс измоу апроект нанагӡоит.  

Ари апроект анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит акциа «Агәалашәара амҩа». Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш ( Цәыббрамза  27, 1993 шықәса) аламҭалазы аҳҭнықалақь ашколхәыҷқәа ақалақь амҩадуқәа зыхьӡ аху аибашьцәа хьӡырҳәагақәа знысыз амҩа ахцәажәара мҩаԥыргоит, ҳәа иаанацҳауеит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.  

Ақалақь ашколқәа зегьы ирымоуп алшара арепортаж аҳасабала аибашьра афырхаҵа ихьӡ зху амҩадуқәа руак аҭоурых ахцәажәара.  

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2022 шықәхса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа  напхгара зиҭо Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра аделегациа  цәыббрамза 21 - 23 рзы ақалақь Санкт-Петербург имҩаԥысуа  V GLOBAL FISHERY FORUM SEAFOOD EXPO RUSSIA ахы аланархәуеит.  

Жәларбжьаратәи аԥсыӡааглыхратә форуми аԥсыӡтә индустриа, амшынаалыҵи атехнологиақәеи рцәыргақәҵеи – ари урыстәылатәи аԥсыӡтә ааглыхра аҿы  ихадоу аконгресстә усмҩаԥгатәуп. Уи рхы аладырхәуеит аԥсыӡтә аахлыхра аусхкқәа зегьы рхаҭарнакцәа. Афорум аплошьадкақәа рҿы ирылацәажәоит еиуеиԥшым азҵаарақәа – амшын аҟны аԥсыӡкреи уи аалыҵ анаҩс ахархәаҩ иҟынӡа анагареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит.

Афорум аҟны аиԥыларақәа ихадоу атемақәа: аԥсыӡкра  аекономикатә еффективреи асоциалтә ҭышәынтәалареи.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.