АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Хәажәкыр.2023

АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА АПАНДЕМИА ААН ИҞАЗ АТРАГЕДИАТӘ ХҬЫСҚӘА РЫЛА АБЖЬАХӘААХӘҬРАТӘ ЦӘАЖӘАРАҚӘА АЛЫРЫМХЛАРЦ АЗЫ АПОЛИТИКЦӘА РАХЬ ААԤХЬАРА ҞАНАҴОИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Агәабзиарахьчара Аминистрра аполитикатә партиа «Аԥсны жәлар ракзаара Афорум» ахантәаҩы Аслан Барцыц апартиа Аизара Ду аҿы иқәгылара аҿы «акоронавирустә ҿкы чымазара «COVID-19» апандемиа аан зыԥсҭазаара иалҵыз атәылауаа рхыԥхьаӡара далацәажәо ихы иаҭәеишьаз ацифрақәа реицакра» иадҳәалахеит.  

«Аԥкрақәа раԥыхра азы аӡбамҭа иахҟьаны 1000-ҩык рҟынӡа ҳтәылауаа рыԥсҭазаара иалҵит», -ҳәа иҳәеит Аслан Барцыц. «Ҳара иаҳгәалашәоит 1000 – ҩык ҳтәылауаа рыԥсҭазаара ишалҵыз», – ҳәа еиҭах иҳәеит иара иажәахә аҩбатәи ахәҭа аҿы.

«Агәабзиарахьчара Аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵоит, «акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа аамҭа иалагӡаны ҳара иҳаԥхеит 696-ҩык, урҭ зегьы рыԥсҭазаара аиқәырхара азы аҳақьымцәа реиԥш, асанитарцәа роума, авалантиорцәа роума, зегьы уахи-ҽни инеиԥынкыланы, имтәа-имгыла, рхы агәхьаа мкыкәа аус руан. Дарбанызалак ҳтәылауаҩ иԥсра – ари зхыԥхьаӡара рацәам аԥсуа уаажәларра рзы цәыӡ дууны иҟоуп, ари трагедиа дууп шәареи ҳареи ҳзы», - ҳәа иаҳәоит Аминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа аҿы.

Агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы анаҩс аполитикатә бжьахәаахәҭра хықәкыс иҟаҵаны, уеизгьы даара ихьанҭоу арбагақәа аизырҳара аганахьала рхыркәшара иузудымкыло, уимоу ихьымӡӷыргагоу усны иҟоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. 

«Ҳтәылауаа рыԥсҭазаара аполитикатә хәмаррақәа рҿы рхархәара ҟалашьа змам усуп. «COVID-19» иахҟьаны зыԥсҭазаара ҿахҵәаз ауаа рхыԥхьаӡара арбагақәа имаӡоу аинформациа ахь иаҵанакӡом, уи анаӡара аартуп», - ҳәа иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҟны.

Агәабзиарахьчара Аминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҿы игылоу акомпиутертә тамограф аиҭашьақәыргыларазы афинанстәра ахыҵхырҭа Аслан Барцыц иажәахә аҿы ииашаны иарбаӡам. Зеицҵалыҵ 4 млн 400 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо  аппарат аиҭашьақәыргыларазы аԥаратә хархәагақәа Москватәи аԥсуа диаспора ахарџь ала акәымкәа, амеценат Хазреҭ Совмен иҟаиҵаз афинанстә цхыраара аҟынтәи иазоужьхеит. 

Агәабзиарахьчара Аминистрра иара убас ишьаҭаркым  аҳәамҭақәа ҟазҵо иргәаланаршәоит, Ахылаԥшырҭа акоронавирустә ҿкы чымазара захьыз ауааԥсыра «Актемра», «Артлегиа» реиԥш иҟоу зыхә ҳараку ахәшәқәа рыла реиқәыршәара шымҩаԥнагоз. Убри иабзоураны аӡәырҩы рыԥсҭазаара аиқәырхара алыршахеит.

Иааизакны акоронавирустә ҿкы чымазара «COVID-19» аҿагыларазы Аԥсны ахатәы ԥаратә хархәагақәа рҟынтәи миллиардк мааҭ инеиҳаны.   

Агәабзиарахьчара Аминистрра аполитикцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи цқьа игәаҭам, ирҵабыргым афактқәа разхьаԥшра амыцхәрас, иаҭахханы иҟалазар, агәабзиарахьчара аусхкы аганахьала астатистикатә дыррақәа раиуразы Аминистрра ахь иадҵаалаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.

«Агәабзиарахьчара Аминистрра аполитика иалаӡам. Ҳусура зегьы ахықәкы хаданы иҟоу –Аԥсны атәылауаа ианаамҭоу амедицинатә цхыраара рыҭареи рмедицинатә маҵзура аеффективра аҩаӡара ашьҭыхреи роуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҟны.


Read 200 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.