АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Хәажәкыр.2023

АЖУРНАЛИСТЦӘА РЕИДГЫЛА АКОНКУРС «ЦҚЬА ИДЫРЫМ АРРАТӘ ХҬЫСҚӘА» 2023 ШЫҚӘСАЗЫ ИАЦҴАХОИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аконкурс «Цкьа идырым арратә хҭысқәа»  2023 шықәсазы иацҵахоит. Ас еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит аԥшьаша, хәажәкырамза 30 рзы имҩаԥысыз ажурналистцәа Реидгыла апрезидиум аилатәара иалахәыз.

Ари 2022 шықәсазы имҩаԥысуаз аконкурс иацҵахоит ҳәа ауп иаанаго.  Уи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазкхоит.

Сынтәа Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аконкурс Аԥсны Аиааира агареи Ахьыԥшымреи Рымш 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара азы Аҳынҭқарратә комиссиа алархәны  имҩаԥнагоит. Убри аҟнытә аконкурс аԥхьахәтә фонд ҩынтә еиҳахоит, уи 300-нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иарбоу аԥхьахә аицҵалыҵ аҟынтәи 30 нызықь мааҭ аконкурс ажиури алахәылацәа русура ахә ашьара ахь идәықәҵахоит.

Ишьақәырӷәӷәаз аԥҟара ала, аконкурс ахь ирыдыркылалоит ԥхынҷкәынмза 1, 2022 шықәса инаркны жьҭаарамза 30, 2023 шықәсанӡа  акьыԥхь аҿы ицәыргази ателехәаԥшра, ма арадио аефир аҿы имҩаԥыргахьази ажурналисттә материалқәа.

Апрезидиум алахәылацәа Аԥсуа телехәаԥшреи арадиои русзуҩцәа ажурналистцәа: Гергиа Фатима, Асида Малыиа, Алика Ҭраԥшь, Милана Адлеибеи  Асида Гәыниеи ажурналистцәа Реидгыла ахь рыдкылара азы  еицҿакны рыбжьы рҭиит.

Аилатәара аҿы лаҵарамза 19 – 23, 2023 шықәса рзы Санкт-Петербург ақалақь, Аҳәынҭқарратә Ермитаж аҟны имҩаԥысраны иҟоу XVII есышықәсатәи жәларбжьаратәи амедиафорум «Акультурақәа рдиалог» Аԥснытәи ажурналист ҿарацәа ралахәхара азы аинформациа иазыӡырҩит.

Ажурналистцәа Реидгыла апрезидиум алахәылацәа ажурналқәа «Алашара», «Аԥсны аҟазара», «Амцабз» изаамҭанытәиу аномерқәа еиԥҟьарада рӡыргара шхымԥадатәиу азгәарҭеит.  .


Read 208 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.