АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Хәажәкыр.2023

ИЗАКӘАНЫМКӘА АНАРКОТИКАТӘ МАҬӘАШЬАРҚӘА РЕИКӘЫРШАРА АЗЫ 2022 ШЫҚӘСАЗЫ АԤСНЫ 171-ҨЫК РУС РЫӠБЕИТ.

Аҟәа.  Хәажәкырамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2022 шықәсазы Аԥсны аӡбарҭақәа рыла изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкылара азы рус рыӡбеит 171-ҩык. Х-ҩык рганахьала амедицинатә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа рхархәара мҩаԥгоуп.  Зус  аӡбара мҩаԥысуаз иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы усеилыргарак иаанкылахеит. Арҭ арбагақәа арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкылареи рыларҵәареи рҿагылара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкны аԥшьаша, хәажәкырамза 30 рзы, ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥгаз Акоординациатә еилатәара аҿы иааигеит апрокуратура Хада Аӡбаратә усбарҭа анапхгаҩы Даур Амҷба.

Гагра араион аӡбарҭа ала Аԥсны  Ашьустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224.1 ахәҭа 3, ахәҭаҷ 224, ахәҭа   3 инарықәыршәаны ахара здыз  атәылауаҩ  Мумџьан М.Г. лганахьала  ариашаратә шьауӷақәҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. 2022 шықәсазы Аԥсны аӡбарҭақәа рыла апрокурорцәа алархәны ирыхәаԥшит   480 ашьаусеилыргарақәа. Урҭ рахьынтә 175, даҽакала иуҳәозар  36,4%  –  анаркотикатә маҭәашьарқәа, мамзаргьы урҭ раналогқәа изакәанымкәа раарыхра, рхархәара, рыҭира, Аԥсныҟа раагара азы ацәгьоурақәа ирыдҳәалоуп.

Анаркотикатә хархәагақәа рыларҵәара (рыҭира) азы  11-ҩык рганахьала 11 усеилыргарак ирыхәаԥшит.

Анаркотикатә маҭәашьар «прегабалин» аҳәынҭқарратә ҳәаа иахыганы аагара азы 18-ҩык рганахьала ирыхәаԥшит  аусеилыргарақәа 10.  Аӡәы иганахьала ариашаратә шьауӷақәҵара азы аӡбамҭа рыдаркылеит.

2022 шықәсазы анаркотикатә хархагақәа аҭира хықәкыс иҟамҵаӡакәа изакәанымкәа рыҵәахра акатегориа ала 129 ашьаусеилыргақәа  ирыхәаԥшит.  Рус рыӡбеит 127 - ҩык, урҭ рахьынтә 10-ҩык аҭакрала ахьырхәра иақәыршәоуп.   Аӡәы иганахьала амедицинатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара азы аӡбамҭа рыдаркылеит, даҽаӡәы иганахьала аусеилыргара аанкылахеит иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы.

Изакәанымкәа анаркотикатә хархәагақәа реиҭаҳареи раарыхреи рзы 15-ҩык рганахьала 16 усеилыргарак ирыхәаԥшит. Урҭ рахьынтә 10-ҩык ҭакрала ахьырхәра иақәыршәоуп.   

Иназыцҵоу ахьырхәра аҳасабала 2022 шықәсазы аӡбарҭақәа рыла ишьақәыргылаз ахараԥсақәа рзеиԥш еицҵалыҵ  16 млн. 628 нызықьи  930 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  


Read 212 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.