АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Мшаҧы.2023

ДАУР АМҶБА: ЗЕГЬЫ ИРЕИҲАУ АПРОБЛЕМА – АЗИНХЬЧАРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РОПЕРАТИВТӘ МАҴЗУРАҚӘА РУСЕИЦУРА АҞАМЗААРА АУП.

Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкылареи рыларҵәареи рҿагылара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкын аԥшьаша, хәажәкырамза 30 рзы, ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥгаз Акоординациатә еилатәара. Уи ахантәаҩра аиҭон атәыла апрокурор хада Адгәыр Агрба.   

Аилатәара рхы аладырхәит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Занҭариа, Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб   Ашәба,    Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Виачеслав Бганба,  апрокурор Хада ихаҭыԥуаҩцәа,  апрокуратура Хада аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, Аҟәа ақалақь апрокурор, араионқәа рыпрокурорцәа, аҷыдалкаатә прокурорцәеи урҭ рхаҭыԥуаҩцәеи, амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа.

Ажәахә хада ҟаҵо дықәгылеит апрокуратура Хада Аӡбаратә усбарҭа анапхгаҩы Даур Амҷба. Уи иажәахә аҿы 2022 шықәсазы астатистикатә рбагақәа ааигеит.

«Иаагозар, 10 шықәса раԥхьа изакәанымкәа анаркотикатәии арҩышьыгатәи амаҭәашьарқәа рыдкылара азы ашьаустә ҭакԥхықәра иақәыршәахоз ауаа реиҳарак аибашьра иалахәыз ракәызҭгьы, иахьа анаркоманцәа – ари ақәыԥшцәа роуп», - ҳәа иазгәеиҭеит ажәахәҟаҵаҩы.  

Даур Амҷба иажәақәа рыла, «анаркотикатәии арҩышьыгатәи амаҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршра, ауааԥсыра анаркотикқәа рыдкыларазы ралагалара, аиҳарак аҿар, амилаҭ агәабзиара азы ӷәӷәала иаҵоу ашәарҭара адагьы, аҵыхәтәантәи аамҭазы активтә ҟазшьа зауз аекстремисттә цәырҵрақәеи акоррупциеи ҳасаб азуны уахәаԥшуазар, иааизакны аҳәынҭқарра азы ашәарҭара ду шаҵоу умбар залшаӡом».

Аҵыхәтәантәи аамҭазы анаркотикқәа рхаҭабзиара аҩаӡара адагьы, урҭ рыларҵәареи рхархәареи рметодқәагьы рҽырыԥсахит, аҽаԥсахит иара убас урҭ здызкыло ахаҿқәа ркантингентгьы.

Аҽаԥсахит иара убас анаркотикқәа рыларҵәара знапы алаку рмилаҭра, насгьы уаанӡа уи аиҳарак ахацәа ракәызҭгьы уажәы аҳәсақәагьы лассы-лассы иаҿашәоит. Уаанӡа  ари аус Урыстәылатәи Афедерациа атәылауааи аҭыԥантәи атәылауааи инарыгӡозҭгьы, уажәы урҭ ирыцлеит Казахсҭан, Узбекьысҭан, Ҭаџьыекьысҭан, уҳәа атәылауаа. Уаанӡа аҭиҩы ихала аус наигӡозҭгьы, уажәы уи аиҳарак гәыԥ-гәыԥла еиҿкааны инарыгӡоит.

Агәҭынчымра узцәырнамгар залшаӡом анаркотикқәа здызкыло ауаа амашьына арныҟәцара азы азин зырҵабыргуа аршаҳаҭгақәа ахьрымоу, урҭ рхарала лассы-лассы амҩа-транспортә машәыртә хҭысқәа ҟалоит.

«Анаркотикатәии арҩышьыгатәи амаҭәашьарқәа здызкыло ауаҩы азинхьчаратә системеи аҳәынҭқарра анапхараҭара асистемеи рҿы аус иуо ҟалашьа аманы иҟамлароуп. Аха рыцҳарас иҟалаз, ас еиԥш зныктәи агәаҭарақәа алагалахоит мацара алхратә маҵзурақәа рахь зҽықәзыргыло ахаҿқәа рганахьала», -ҳәа иҳәеит Даур Амҷба.  

Уи иара убас ишазгәеиҭаз ала, раԥхьатәи аоперативтә материалқәа реиқәыршәараан иҟаҵахо агхақәа ирыхҟьаны, аӡбарҭақәа рҿы рҽеишьа змам аилагарақәа аарԥшхоит, уи, жәаҳәарада, ахара зду ирықәҵахо ахьырхәра аквалификациа анырра анаҭоит.

Аҿырԥшы аҳасабала Даур Амҷба Гагреи Гәылрыԥшьи рраионтә ӡбарҭақәа рҿы ирыхәаԥшхьаз ашьаусеилыргарақәа ааигеит (Ҭемыр Ҭорчуа, Баҭал Ақаҩба, Марииа Мумџьиан, Сурам Кәкәасқьыр, уҳәа убас егьырҭ аусеилыргарақәагьы).

«Аԥышәа ишаҳнарбо ала, анаркотикатә маҭәашьарқәа раагара азы 15 шықәса рҟынӡа аҭакра, иара убас ԥсраҽнынӡа ахақәиҭра амхреи ашьра ақәҵарала ашьауӷатә ҭакԥхықәра арӷәӷәара азы Жәлар Реизара-Апарламент 2019 шықәсазы иаднакылаз Ақәҵара, анаркотикқәа изакәанымкәа реикәыршара иадҳәалоу ашьусеилыргарақәа рдинамика аизҳареи анаркотикатәии арҩышьыгатәи амаҭәашьарқәа здызкыло ауаа рхыԥхьаӡара аиҵатәреи акрызҵазкуа анырра анамҭаӡеит», - ҳәа иазгәеиҭеит ажәахәҟаҵаҩы.


Read 200 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.