АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Хәажәкыр.2023

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АԤСНЫ АТӘЫЛАУАА МШАԤЫМЗА-РАШӘАРАМЗА 2023 ШЫҚӘСАЗЫ АРРАТӘ УАЛԤШЬА АНАГӠАРАХЬ ААԤХЬАРА РЫҬАРА АЗЫ АҚӘҴАРА ИНАПЫ АҴАИҨИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны атәылауаа мшаԥымза-рашәарамза, 2023 шықәсазы арратә уалԥшьа анагӡарахь ааԥхьара рыҭара азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Атәылахьчара Аминистрра аҭакԥхықәра адуп:

- мшаԥымза-рашәарамза 2023 шықәсазы Аԥсны атәылауаа Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы арратә уалԥшьа анагӡаразы ааԥхьара амҩаԥгара алыршара;

- арратә маҵзура ахь ааԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара анапхгараҭареи ахылаԥшреи рыҭара;

- Ԥхынгәымза 31, 2023 шықәсанӡа мшаԥымза-рашәарамза, 2023 шықәсазы Аԥсны атәылауаа Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы арратә уалԥшьа анагӡарахь ааԥхьара рыҭара аихьшьаалақәа рзы адыррақәа аминистрцәа Реилазаара ахь инашьҭызароуп.  

Аҟәа ақалақьи араионқәеи рхадарақәа ԥхықәраны ирыдуп: ааԥхьаратә комиссиақәа раԥҵара;

- ааԥхьаратә комиссиақәа иахәҭоу атерриториа, ауадақәеи амазареи атранспорти абылтәи-ахьшьтәи рыла еиқәыршәазароуп, иара убас  арра ирго ареспубликатә аизгаратә пункт рахь рнагара алыршазароуп;

- ақыҭақәеи апаселкақәеи рхадацәеи егьырҭ арра-зыҟаҵаратә усура азы аҭакԥхықәра зду ахаҿқәеи арра иргараны иҟоу араионтә ааԥхьаратә комиссиақәеи Аҟәа ақалақь ааԥхьаратә комиссиеи реилатәарақәа рахь рнеира алыршара азы аҭакԥхықәра рыдҵоуп.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иаԥхықәроуп: Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы арратә уалԥшьа анагӡаразы ааԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы ареспубликатә, араионтә ааԥхьаратә комиссиақәеи Аҟәа ақалақь ааԥхьаратә комиссиеи реилазаарақәа ирылагалазароуп ахылаԥшырҭа ахаҭаранакцәа;

- арратә уалԥшьа анагӡара иацәхьаҵуа ахаҿқәа рыԥшаара иазку аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара алыршазароуп.

- Агәабзиарахьчара Аминистрра иаԥхықәроуп: Арра ирго рмедицинатә гәаҭара амҩаԥгара азы ааԥхьаратә комиссиақәа реилазаарақәа рахь аҳақьымцәа-аспециалистцәа ралагалара;

- араион аҿы иахәҭоу аҳақьымцәа-аспециалистцәа рыҟамзаараан аусуразы ааԥхьаратә комиссиақәа реилазаарақәа рахь егьырҭ араионқәа, ма Аҟәа ақалақь аҟынтәи аспециалистцәа радыԥхьалара мҩаԥгазароуп;

- араионтә ааԥхьаратә комиссиақәеи Аҟәа ақалақь ааԥхьаратә комиссиеи рыла арентгенологиатә, афлиуорографиатә, алабораториатә, уҳәа аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы азы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара алыршазароуп.

Ареспубликатә медицинатә комиссиа амҩаԥгара аамҭахәҭа иалагӡаны еиҭаҵуа афлиуорограф ала аиқәыршәара хымԥадатәиуп;

- атәылахьчара Аминистрра алархәны ааԥхьаратә комиссиақәа  акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 аҽацәыхьчара азы ихымԥадатәиу ахархәагақәа рыла еиқәыршәазароуп;

- Ареспубликатә Арратә комиссариат, ааԥхьара иаҵанакуа аконтингент амедицинатә гәаҭара ахгара азы аҳақьымцәа-аспециалистцәа алархәны ааԥхьара амҩаԥгараан акоронавирустә ҿкы чымазара аҿагылара иазку аилатәара мҩаԥгазароуп.

Аҵарадырра Аминистрра арратә уалԥшьа анагӡара ахь ааԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы ааԥхьаратә комиссиақәа реилазаарақәа рахь иаланагалароуп Ахылаԥшра ахаҭарнакцәа, иара убас   Аԥсны  аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо, арратә уалԥшьа ааԥхьара иаҵанакуа атәылауаа ааԥхьаратә пункт ахь рнеиреи ааԥхьара аҟынтәи аҽҳәарахырԥара аиуразы азин арҵабыргра азы ихымԥадатәиу аусшәҟәқәа рымазаареи ахылаԥшра анаҭалароуп.

Амаассатә информациа аҳәынҭқарратә хархәагақәа Аԥсны атәылауаа мшаԥымза-рашәарамза, 2023 шықәсазы арратә уалԥшьа анагӡарахь ааԥхьара шымҩаԥысуа азы адырраҭарақәа рыҟаҵара азы адҵа рыҭоуп.

Абри Ақәҵара анагӡара азы ахылаԥшра иадҵоуп Аԥны атәылахьчара Аминистрра.

Ақәҵара анапаҵыҩра мҩаԥгоуп «Арратә маҵзуреи арратә ҭакԥхықәреи рзы», «Атәылахьчара азы» азакәанқәа инарықыршәаны, Аҳәынҭқарра Ахада хәажәкырамза 22, 2023 шықәсазы иҭижьыз «Мшаԥымза-рашәарамза, 2023 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵзурахьы рааԥхьареи арратә маҵзураҟнытә рхы рақәиҭтәреи азы» Аусԥҟа  No101 анагӡара азы».       

 

 


Read 325 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.