АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Ауаажәларратә Палата аҿы имҩаԥысуеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи аоппозициа ахаҭарнакцәеи реиԥылара.

Аиԥылара цәыббрамза 6, 2022 шықәса рзы ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны жәлар реиҿкаара» анапхгаҩы Адгәыр Арӡынба, ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» анапхгаҩы Ҭемыр Гәлиа, ареспубликатә политикатә партиа  «Аԥсны жәлар ракзаара Афорум» ахантәаҩы Аслан Барцыц, аполитикатә партиа «Аԥсны» ахантәаҩы Витали Габниа, Ауаажәларратә Палата абазаҿы Аконсультативтә Хеилак аԥҵаразы  Аиқәшаҳаҭра апроект алацәажәара инамаданы  аиԥылара аиҿкааразы  инашьҭыз ааԥхьара инақәыршәаны, Ауаажәларратә Палата абжьгареи абжьацәажәареи рыла еиҿкаахеит.

Аиԥылара рхы аладырхәуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, «Аԥсны Жәлар Реиҿкаара» анаԥхгаҩы Адгәыр Арӡынба, Ареспубликатә уаажәларратә Еиҿкаара «Аруаа» анапхгаҩы Ҭемыр Гәлиа, Ареспубликатә политикатә Партиа «Аԥсны Жәлар ракзаара Афорум»  ахантәаҩы Аслан Барцыц, аполитикатә Партиа «Аԥсны» ахантәаҩы Витали Габниа.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атранспорттә  Прокуратура жәеиза шықәса зхыҵуаз Сара Ахвелидиани  лҭахара афакт инамаданы агәаҭара хацнаркит. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура Хада асаит.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, цәыббрамза 15 -27 рзы Аҟәа ақалақь аҿы антитеррористтә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит.  Аҽызаҟаҵарақәа Аҟәатәи амшынтә баӷәазеи уи иаԥну аҵакыреи рҿы имҩаԥыслоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахада Беслан Ешба цәыббрамза  23 рзы ақалақьзегьтәи аекологиатә акциа «Ицқьоу ақалақь» амҩаԥгара азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара асаит.

Аҳҭнықалақь Ахадара ақалақь ауааԥсыра зегьы акциа рхы аладырхәырц рықалақь гәакьа  иацхраарц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.

Акциа аиҿкаареи амҩаԥгареи рзы ақалақьтә штаб аԥҵоуп.

Аҟәа.  Цәыббрамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахадеи Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәеи реиԥылара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ареспублика адепутаттә корпус ахаҭарнакцәа алархәны аиԥылара мҩаԥигеит.

Аиԥылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иубарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҳәынҭқарра Ахада Иубарҭа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ҩаԥхьа агуманитартә еидара Донбассҟа идәықәҵахеит. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа Донецҟҟа инаргараны иҟоуп   17 тонна агуманитартә еидара.

Аҟәа.  Цәыббрамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 6 инаркны 9-нӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дызхагылаз аделегациа Ҟарачы-Черқьестәи Ареспубликаҟны иҟан.

Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит аиԥыларақәа жәпакы, ҷыдала, ҞЧА Ахада Рашид Темрезов, Ҟарачы-Черқьесиа хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, иҭахаз ранацәа рԥылара. Иара убас аҳәынҭқарра Ахада ҞЧА 100 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә далахәын.

Цәыббрамза 9 инаркны 10-нӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика даҭан. Аԥсни Ҟабарда Балкариеи р-Хадацәа авидеоеимадарала аиԥылара мҩаԥыргеит К.Коков ичымазара иахҟьаны.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас Ҟабарда хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа дырԥылеит, рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

Аԥснытәи аделегациа Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика раҭаара иара убас Ареспублика 100 шықәса ахыҵра иақәыршәаны имҩаԥысит.

Цәыббрамза 10 инаркны 12-нӡа Аслан Бжьаниа иусуратә ныҟәара мҩаԥысит Адыгеиа Ареспубликаҟны. Аҳәынҭқарра Ахада напхгара зиҭоз Аԥсны аделегациа иалху Ареспублика Ахада Мурат Кумпилов инапынҵақәа рахь инеира иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын.

Имҩаԥысит иара убас Аҳәынҭқарра Ахадеи 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз Ҟабарда хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәеи реиԥылара

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҳәынҭқарра Ахада еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигеит.

 

Аҟәа. Цәыббрамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны ААР Урыстәыла ААР аҟынтә аҳәынҭдача «Пицунда» иазку Аиқәшаҳаҭра азы анота аиуит.

Адокумент аҿы иарбоуп:

Урыстәыла иазыԥхьагәанаҭоит Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 4 аҟны иарбоу аобиект, адгьылҭыԥқәа, амшын аӡымҽхакыра Урыстәыла азакәанԥҵара инақәыршәаны аҳәынҭқарратә хьчара иаҵанакуа ахаҿқәа злахәу аҳәынҭуснагӡатәқәа рымҩаԥгареи рыԥсшьареи мацара рзы ахархәара рыҭазарц.

Аҟәа. Цәыббрамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 12 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҟны аҵаратә процесс алагеит.  Сынтәа ААУ иҭалаз астудентцәа рхыԥхьаӡара  565-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Абитуриентцәа рыдкылара мҩаԥысуан  32 хырхарҭа ала –  42 аҵаратә программақәа рыла.

Сынтәа зегьы раасҭа изыдҵаалоз ахырхарҭақәаны иҟан азиндырра, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа,  аекономика, ахархәаратә математика, информатика,  аграфикатә дизаин.

Аҟәа. Цәыббрамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы ауниверситет аректор Алеко Алеқсеи-иԥа Гәарамиеи агеографиатә наукақәа рдоктор, апрофессор,  Ареспублика Башкортосҭан зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ Ауфар Гарееви реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ААУ аофициалтә саит.

Аиԥылара аҿы ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа раан иреиҳаӡоу аҵарадырра аҿы аҭыԥ змоу апроблемақәа рзы агәаанагарақәа  еимырдеит.  Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан апрофессионалтә кадрқәа разыҟаҵара аганахьала ауниверситетқәа рыбжьара аусеицура аперспективақәа. ААУ аректор асовет аамҭа аныҟазгьы башкиртәи аҵараиурҭақәа рҿы хыԥхьаӡара рацәала аԥснытәи астудентцәа аҵара рҵон ҳәа иазгәеиҭеит. Акадрқәа разыҟаҵара аганахьала Башкириа ацхыраара ду ҟанаҵон 1992 -1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рызгьы. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.