АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Хәажәкыр.2023

АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА АИЛАЗААРА ҾЫЦ ИНАГӠАНЫ ИШЬАҚӘЫРГЫЛОУП.

Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ауаажәларратә Палата аилазаара ҿыц инагӡаны ишьақәыргылахеит.  

Жәабранмза 20, 2023 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа ала Аԥсны Ауаажәларратә Палата алахәылацәас ишьақәырӷәӷәахеит:

Адлеиба Асҭамыр Борис-иԥа;

Ашба Роберт Шамсудин-иԥа;

Гериа Роман Шьоҭа-иԥа;

Џьынџьал Сократ Раҷ-иԥа;

Кьычба Гәыли Михаил-иԥҳа;

Лолуа Лиудмила Ирадион-иԥҳа;

Ломиа Оҭар Каҷ-иԥа;

Миносиан Вараздат Мелкон-иԥа;

Осиа Леонид Дмитри-иԥа;

Ԥлиа Давид Ҷыҷа-иԥа;

Ԥиԥиа Ҭемыр Ахра-иԥа;

Страничкин Алеқсандр Виктор-иԥа;

Хапат Низам Хасан-иԥа.

Ауаажәлрратә Палата аилазаара ахь Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтәи хәажәкырамза 11, 2023 шықәсазы иалххеит:

Алхас Гәыргәылиа (Аҟәа ақалақьтә Еизара);

Лана Цаа (Аҟәа ақалақьтә Еизара);

Дауҭ Агрба (Гагра араионтә Еизара);

Дона Малиа (Пицунда ақалақьтә Еизара);

Ахра Агрба (Гәдоуҭа араионтә Еизара);

Витали Смыр (Афон Ҿыц ақалақьтә Еизара);

Леуан Чхьеиӡе (Аҟәа араионтә Еизара);

Кочу Махмеҭ Хакан (Гәылрыԥшь араионтә Еизара);

Беслан Перцхьелиа (Очамчыра араионтә Еизара);

Омар Џьынџьал (Ҭҟәарчал араионтә Еизара);

Ҭенгиз Инал-иԥа (Гал араионтә Еизара).

Апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи хәажәкырамза 27, 2023 шықәса рзы Ауаажәларратә Палата аилазаара ахь иалырхит:

Даур Агрба – Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсадгьыл»);

Ерасҭ Агәмаа – Ауаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны амҵәышәмпыл Афедерациа;

Баҭал Аиба – Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Ҳара ҳаҩны–Аԥсны»;

Асҭамыр Ахба – Ауаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны Жәларбжьаратәи афонд»;  

Коба Гогохьиа  – аполитикатә партиа «Амцахара»;  

Ҭенгиз  Џьопуа – Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны аветеранцәеи аҿари Реидгыла»;

Абесалом Кәарҷиа – «Ааглыхыҩцәа, адгьылқәаарыхыҩцәеи аусдкылаҩцәеи Реидгыла»;

Едик  Қриа  –  Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥснытәи амилаҭтә конференциа», 

– Асҭамыр Логәуа –  аполитикатә партиа «Аԥсны Жәлар Рфорум»,  

– Изольда  Ҳагба  –  Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс.

– Руслан  Ҳашыг  –  Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла.

хәажәкырамза 10, 2023 шықәса рзы, «Аԥсны Ауаажәларратә Палата азы»  Азакәан ахәҭаҷ 8, апункт  5 инақәыршәаны, Ауаажәларратә Палата аилазаара Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ила ишьақәырӷәӷәаз  13-ҩык Аԥсны атәылауааи 11-ҩык аконкурстә лыԥшаара апроцедура ала Ауаажәларратә Палата аилазаара ҿыц ахь иалххо  аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыла зыдгалара мҩаԥгаз араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәеи атәыла аиустициа Аминистрра аҟны ашәҟәы иҭагалоу аполиикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ауаажәларратә еидгыларақәеи 11-ҩык рхаҭарнакцәеи рыла ишьақәгылоит. 

Аҳәынҭқарра Ахада ила ишьақәырӷәӷәоу Ауаажәларратә Палата алахәылацәа рышьақәырӷәӷәара амш инаркны 10-мыш ирылагӡаны аконкурстә лыԥшаара апроцедура ала аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыла зыдгалара мҩаԥгаз 11-ҩык араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәа Ауаажәларратә Палата аилазаара ҿыц ахь рыдкылара азы аӡбамҭа рыдыркылоит.

Аҳәынҭқарра Ахада ила ишьақәырӷәӷәоу Ауаажәларратә Палата алахәылацәа Ауаажәларратә Палата аилазаара ҿыц ахь ирыдыркылаз 11-ҩык араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәа рыцны 10-мыш ирылагӡаны аполитикатә партиақәа, ауаажәларра-политикатә еиҿкаарақәеи ауаажәларратә еидгыларақәеи 11-ҩык рхаҭарнакцәа Ауаажәларратә Палата аилазаара ҿыц ахь рыдкылара азы аӡбамҭа рыдыркылоит.

 


Read 369 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.