АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Хәажәкыр.2023

«ҲАРА ҲАҚАЛАҚЬ» АЛАХӘЫЛАЦӘА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҬОУРЫХТӘ ХӘҬА АҾЫ АРГЫЛАРАҚӘА РЫМҨАԤГАРА ИАДҲӘАЛОУ АПРОБЛЕМАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥшьгаратә гәыԥ «Ҳара Ҳақалақь» алахәылацәа рыпресс-конференциа мҩаԥысит ашәахьа, хәажәкырамза  27 рзы. Активистцәа ақалақь акомплексттә ҿиара, зинда аргылара, аҳҭнықалақь аҭоурыхтә хәҭа иахьаҵанакуа ҿыц иргылахо аобиектқәа реихагылара, уҳәа иадҳәалоу апроблемақәа ирылацәажәеит.  Конкретла ажәалагалақәагы ҟаҵан.

Архитекторқәа, арџьнырцәа, адизаинерцәа, асахьаҭыхыҩцәа, аурбанистцәа, азиндырҩцәа, ажурналистцәа зеилазаараҿы иҟоу аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа Аҟәа ақалақь аҿы иҳараку ахыбрақәа рыргылара атема ҩаԥхьа изышьҭырхуа еиҭарҳәеит.

Урҭ ргәаанагара ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа зегьы ирылагӡаны аҳҭнықалақь ауааԥсыра Аҟәа аҭоурыхтә ԥшаҳәа иахьаҵанакуа еицлабны, аиҳарак ала изакәанымкәа аргылара шымҩԥысуа рымбакәа иҟам. Раԥхьаӡа иргыланы излацәажәатәу Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа азааигәара игылоу ахыбра еихаххаа ауп.

Активистцәа агәраганы иҟоуп ас еиԥш иҟоу «архитектура»  XIX ашәышықәса анҵәамҭзы ишьақәгылахьаз аҭоурыхтә ԥшаҳәа иаҵоу аԥшӡареи ауникалреи ықәнагоит, иара убас  иҳаҩсыз аамҭақәа рзы аҟыбаҩ ду злаз архитеторцәа еиҷаҳаны иаԥырҵаз амшыни ашьхареи ркомпозициа ӷәӷәала еиланагоит.  Иарбоу аргыламҭа амра ашәахәақәа ишиашоу ари аҭыԥ аҟынӡа рынаӡара аруадаҩуеит, иара убри ала ԥсабаратәла аҳауаеиҭарсра еиланагоит. Иара убас, иара убри адагьы еидгәыԥланы ахыбрақәа ахьыргылоу аҭыԥ ахь анеирҭақәеи амашьынаргыларҭақәеи амцарцәаратә неирҭақәеи анџьныртә инфраструктуреи иадҳәаланы иҟоу аҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩуеит. Аҵыхәтәаны, хымԥада иазгәаҭатәуп даҽакгьы, – Аԥсны адгьылҵысратә (асеисмикатә) шәарҭаразы зиндекс ҳараку (9 рҟынӡа инаӡо) тәылоуп, убри аҟнытә ахыбра еихаххаақәа реизакра, еидгәыԥланы рыргылара мап ацәктәуп.   

 «Ҳара Хақалакь» алахәылацәа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи ааигәа иҟалаз адгьылҵысра ахҟьаԥҟьа дуқәеи уи зыдҳәалахаз аргыларақәа раан асеисмикатә шьақәтәара аԥҟарақәа реилагареи ртәы ҩаԥхьа еизаз иргәаладыршәеит.  Ахыбра заҟа иҳараку аҟара, аиҳарак аԥшаҳәа иахьаҵанакуа игылоу, араҟа иҟоу агеологиатә ҭагылазаашьақәа ҳасаб азуны уахәаԥшуазар, адгьылҵысра аан аилыбгаразы еиҳа ишәарҭоуп. Уи иаанагогьы, ахыбрақәа иарбоу аҭыԥқәа рҿы раргылараан асеисмикатә ԥҟарақәа зегьы рықәныҟәара хымԥадатәиуп.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа азааигәара игылоу ахыбра – ари изаҵәу проблеманы иҟаӡам иахьа. Анџьныр-ргылаҩ Асҭамыр Маан игәаанагарала, И. Коӷониа имҩаду ала игылоу иҳараку аҩнқәа реиҳарак иҟалар зылшо анормақәа ирхысуа еицыҟарамкәа аиқәысра рныԥшуеит. Уи ҵаҵӷәыс иамазар алшоит – ахыбра ахьыргылаз аҭыԥ аҿы иҟоу адгьыл ианаамҭаз иахәҭоу анализ азумызм, мамзаргьы афундамент ахаҭабзиара лаҟәхеит, иара убас аргылара апроцесс аан хазхаҭала ахыбра аихагылара ацҵаразы аӡбамҭа адкылара.

Аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа аҳҭнықалақь аҭоурыхтә хәҭа  иахьаҵанакуа аргыларақәа рымҩԥгара иадҳәалоу апроблемақәа рыӡбаразы вариантқәак рыдгалара мҩаԥыргеит.

Убас, архитектор Кама Кациа лгәаанагарала, Ақалақьргыларатә хеилак афункциақәа ирыцҵатәуп.  

Асахьаҭыхыҩ Мадина Ҷкотуа агәра ганы дыҟоуп аминистрцәа Реилазаара ақәыршаҳаҭра ала  иргылахо ахыбрақәа рыпроектқәа инацҵаны  аекспертиза рахгара азы аԥҟара алагалара хымԥадатәиуп.

Анџьныр-урбанист Инна Барчан амаҵурауаа инеиԥынкыланы аус рыцура иаҵоу аҵакы ахадара азгәалҵеит. Уи лажәақәа рыла, «активистцәа ачынуаа ркабинетқәа идәылымҵыроуп урҭ дара иқәдыргыло рзакәантә дҵақәа раҳаны рхахьы иаргаанӡа».

Асҭамыр Маан, архитекторцәа рхаҭақәагьы рганахьала, анаҩс аргылаҩцәа аус рыцураан изызхьаԥшша азиндырратә ԥкрақәа алагалазароуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Иқәгылақәаз ргәаанагарала, Ақалақьргыларатә Закәанеидкыла адкылара акыр аҵак ду амоуп. Уи ада Аҟәа ақалақь аҿиара аплан Хада аиқәыршәареи ашьақәырӷәӷәареи залыршахом.

Активистцәа инаҵшьны иазгәарҭеит, ауаажәларратә резонанс ӷәӷәа, иаарту алацәажәара, аргылара азы ақәиҭымзаара аамҭала алагалара азы ареферендум амҩаԥгарагьы уахь иналаҵаны, ауп ақыалақь аҭоурыхтә хәҭа аҿы ишабалак, доусы ихы ишааҭашәаз ала аргылара апроблема аӡбара ахь ҳцәырызго. Уажәазы, зда ԥсыхәа ыҟам, иаарласны имҩаԥгатәу ауснагӡатә аҳасабала активистцәа ргәаанагарала «аргылара азы зынӡа азин ахьыҟамло «азона ҟаԥшьқәа» ралкаара хымԥадатәиуп.

Апресс-конференциа аҿы ажурналистцәа идырбан Аҟәа ақалақьтә Еизара аҿы абҵарамза 12, 2009 шықәсазы ирыдыркылаз аӡбамҭа ахкьыԥхь. Уи инақәыршәаны, амшын аԥшаҳәеи аихамҩеи рыбжьара Аргылаҩцәа рымҩеи Титов имҩеи инадыркны Басла аӡиас (Ацҳа Ҟаԥшь) аҟынӡа иргылахо ахыбрақәа роура 16 метра еиҳамзароуп. Агәыԥ азиндырҩцәа ргәаанагарала, уажәазы иарбоу аӡбамҭа аԥыхразы изеиԥшразаалак адырра ҳәа акгьы ыҟам, аусшәҟәы иахьа уажәраанӡа азинмчы шамац иаанхоит.


Read 251 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.