Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Рауль Лолуа амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рызҵаарақәа рзы абжьгаҩыс иҟаҵаразы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.
Лолуа Рауль Валери-иԥа диит жәабранмза 20, 1976 шықәса рзы, Аҟәа ақалақь аҿы.
1993 шықәсазы далгеит Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №17.
2000 шықәсазы далгеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Аҟәатәи абжьаратәи амилициа ашкол ҷыда «азанааҭдырҩы, аоператив-ԥшааратә усура» азанааҭ ала.
2005 шықәсазы далгеит Москватәи асоциал-гуманитартә Институт аҿга апсихологиа афакультет.
2013 шықәсазы «Аҳәынҭқарратәии амуниципалтәии анапхгараҭара» азанааҭ ала далгеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу аҳәынҭқарратә маҵзуреи жәлар рынхамҩеи рзы Урыстәылатәи Академиа.
1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын, Леон Иордени «Агәымшәаразы» амедали ианашьоуп.
1998 шықәасзы Ирласу анырра азы Иҷыдоу Аотриад (СОБР) аилазаараҿы Гал араион аҿы ақырҭуа адиверсиатә гәыԥқәа рықәгара иазкыз аоперациа.
2001 шықәсазы Ирласу анырра азы Иҷыдоу Аотриад (СОБР) аилазаараҿы Е. Квициании Р. Гелаеви рнапхгарала бџьарла еибыҭаз агәыԥқәа Аԥсны агәы алалара азы рҽазышәарақәа рыԥхьырҟәҟәаара далахәын.
2008 шықәсазы Атеррористҿагыларатә центр напхгара аиҭоит. Иарбоу ацентр урыстәылатәи архәҭақәа ирыцны Қырҭтәыла аҭынчра ахь мчыла азаагара азы аоперациа иалахәын.
Хәажәкырамза 20, 2012 шықәса рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иҷыдоу азкызаара змоу Ацентр аиҳабыс дҟаҵан.
Жьҭаарамза 15, 2014 шықәса инаркны лаҵарамза 11, 2015 шықәса аҟынӡа. – Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан.
2017 – 2022 шш. – Жәлар Реизара-Апарламент афбатәи ааԥхьара адепутатс дыҟан.
Р. Лолуа – амилициа аинерал-маиор ҳәа ахьӡ ихоуп (Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада 23.05.2014 ш. иҭижьыз Аусԥҟа №48). Последнее изменение 27.03.2023, 12:27.