
pressadmin-2
АТӘЫЛА АԤЫЗА-МИНИСТР АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ НХЫҴ-КАВКАЗТӘИ АФЕДЕРАЛТӘ УНИВЕРСИТЕТ АДЕЛЕГАЦИА ИДИКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә университет аделагациа идикылеит. Аделегациа напхгара аиҭоит ауниверситет аректор Дмитри Беспалов.
Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, «Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә университет аделегациа Аԥсны аԥыза-министр аусецуреи аметодикатәи анаука-техникатәи цхыраара аҭареи ареспублика ашколқәа рырҵаҩцәа разыҟаҵареи рзанааҭтә дырра аҩаӡара аизырҳареи рганахьала адгылара аҭареи рзы иҟаиҵаз аҳәара зныз ашәҟәы аҭак аҳасабала Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара анапынҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа иааны иҟоуп. Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университети (ақ. Ставрополь) аԥсуа гани абар шьҭа акыр аамҭа иалагӡаны аусецура рыбжьоуп.
2014 шықәса инаркны 2020 шықәсанӡа азанааҭдырра аҩаӡара аизырҳара акурсқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны азыҟаҵара иахысит 1 725-ҩык Аԥсны аҵарадырра аусхкы аҿы аус зуа; 2020 шықәсазы Аԥсны Анаукақәа Ракадемиеи Аԥсны Аҳәынҭқарратә Университети рылшарала иаԥҵан жәларбжьаратәи анаука-ҭҵааратә лабораториақәа ԥшьба. Урҭ аҭоурых, азиндырра, аекономика аусхкқәа рҿы аҭҵаарақәа мҩаԥыргоит; 2018 - 2021 шш. Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа алархәны афундаменталтә ҭҵаарақәа рзы Урыстәылатәи афонд жәларбжьаратәи агрантқәа ҩба рыҭара мҩаԥган.
Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет ацхыраарала аԥсуа ҵарауаҩцәа 42 инарзынаԥшуа рнаукатә усумҭақәа кьыԥхьхеит, жәларбжьаратәи аконференциақәа ҩба мҩаԥгахеит.
Ирҳаз аусеицуратә ԥышәа хра злоу аҟазшьа амоуп ҳәа иазгәаҭан, убри аҟнытә Аԥсны анапхгара аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара акыр аҵакы ду амоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ҳәа аиԥылара аҿы иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.
ИНАЛ АРӠЫНБА УРЫСТӘЫЛА АХАДА ҨБАНЫ ИҞОУ АТӘЫЛАУАҨРА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА РЫӠБАРА АЗЫ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ АИҚӘШАҲАҬРА РЫБЖЬАҴАРА АЗЫ АҚӘҴАРА ИНАПЫ АҴАИҨИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ҩбаны иҟоу атәылауаҩра иазку азҵаарақәа рыӡбара азы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи Аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵара азы иҭижьыз Ақәҵара дахцәажәеит.
Цәыббрамза 9 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин инапы зҵаиҩыз Ақәҵара ала Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ҩбаны иҟоу атәылауаҩра иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбаразы Аԥсны Аиқәшаҳаҭра абжьаҵара азы азԥхьанҵа аиуит.
«Хара имгакәа, адипломатиатә еимадара ала урыстәылатәи агани ҳареи иарбоу Аиқәшаҳаҭра ҳалацәажәараны ҳаҟоуп. Ари Аиқәшаҳаҭра – аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара азы акырӡа зҵазкуа шьаҿоуп.
АԤСНЫ АҴӘАХЫРҬАТӘ БАНК ЦӘЫББРАМЗА, 2022 ШЫҚӘСАЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АТӘАНЧАХӘҚӘА РЫҬАРА АГРАФИК ШЬАҚӘНАРӶӘӶӘЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҵәахырҭатә Банк цәыббрамза, 2022 шықәсазы Аԥсны иқәынхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу ауааԥсыра урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара аграфик шьақәнарӷәӷәеит.
Ианииз ашықәс инамаданы атәанчаҩцәа ф-гәыԥкны еихшоуп. Атәанчахәқәа рызшәара иалагоит цәыббрамза 16 инаркны.
Цәыббрамза 16, 19, 20 рзы атәанчахәқәа рызшәахоит 1-тәи агәыԥ (1940 шықәсанӡа ииз) иаҵанакуа атәанчаҩцәа, иара убас 2-тәи агәыԥ (1941-1947шш.рзы ииз) иаҵанакуа атәанчаҩцәа;
Цәыббрамза 21, 22 ,23 рзы – 3-тәи агәыԥ (1948-1950 шш. рзы ииз), иара убас 4-тәи агәыԥ (1951-1953 шш. рзы ииз) иаҵанакуа атәанчаҩцәа;
Цәыббрамза 26, 27, 28 рзы – 5 -тәи агәыԥ (1954 - 1956 шш. рзы ииз) иаҵанакуа атәанчаҩцәа;
Цәыббрамза 29 инаркны цәыббрамзазы атәанчахәы роур алшоит 6-тәи агәыԥ (1957шш. рзы ииз) иаҵанакуа атәанчаҩцәа зегьы.
АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАЦӘА ААИГӘАТӘИ АПЕРСПЕКТИВА АЗЫ АУСУРА АПЛАНҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, цәыббрамза 12 рзы, имҩаԥысит адепутатцәа есымчыбжьатәи русуратә еилатәара. Уи мҩаԥигон Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба.
Аилатәара аҿы адепутатцәа атәыла иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратәи аусбарҭа ԥхьаҟатәи аусуратә зԥхьагәаҭарақәа ирылацәажәеит, ааигәа имҩаԥысуа ҭагалантәи асессиа аилатәарақәа рҿы изхәаԥшраны иҟоу хазы игоу азакәан апроектқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәагьы уахь иналаҵаны.
ОЧАМЧЫРА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АХӘЫҶБАҲЧА «АӠЫХЬ» ААРТРА ИАЗКНЫ АНЫҲӘАТӘ УСМҨАԤГАТӘ МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 12 рзы Очамчыра ақалақь аҿы ахәыҷбаҳча «Аӡыхь» аартра иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит. Ацеремониа рхы аладырхәит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа.
Ахәыҷбаҳча «Аӡыхь» Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара азы Аинвестициатә Программа ахарџь ала иргылахеит.
Ахәыҷбаҳча аргылара хацыркын ԥхынгәымза, 2017 шықәса рзы, аргыларатә усурақәа хыркәшахар акәын ҭагалан, 2019 шықәса рзы, аха иаарԥшхаз агхақәа ирыхҟьаны аобиект араион ахадареи аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрреи рыла ахархәарахь адкылара залмыршахеит.
ЦӘЫББРАМЗА 13 РЗЫ ИАЛАГОИТ АҲӘСА РКОМАНДАҚӘА РЫБЖЬАРА АМҴӘЫШӘМПЫЛ АЗЫ ИААРТУ АРЕСПУБЛИКАТӘ ТУРНИР «КАВКАЗ АЖӘЛАРҚӘА РЕИҨЫЗАРА АХРАҾА» .
Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 13 – 17 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥыслоит аҳәса ркомандақәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы иаарту ареспубликатә турнир «Кавказ ажәларқәа реиҩызара ахраҿа».
Атурнир рхы аладырхәуеит аԥснытәи ҩ-командак, иара убас Донецктәи Жәлартә Республикеи Ҟарачы-Черқьестәи Ареспубликеи Краснодартәи атәылаҿацә ақалақьқәа Кропоткини Лабински рҟынтәи амҵәышәмпыласыҩцәа.
Атурнир аартра иазку агәырӷьаратә церемониа мҩаԥгахоит цәыббрамза 13, асааҭ 11:00 рзы аспорттә хәмаррақәа рзы Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ аҿы. (Надежда Курченко лыхьӡ зху апарк иахьаҵанакуа).
ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА АУСЗУҨЦӘА АРТУР КИРКИНАӠЕ ИԤСЫБАҨ АԤСНЫҞА ИААРГЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа цәыббрамза 8 рзы иҭахаз Артур Кьыркьынаӡе иԥсыбаҩ Донецкынтәи Аҟәаҟа аагара алдыршеит. Артур Кьыркьынаӡе хатәгәаԥхаралатәи аҟәшеиҵақәа реилазаараҿы Донецктәи Жәлартә Республика ахьчаразы деибашьуан. Иҭахаз аибашьҩы иԥсыбаҩ Аԥсныҟа адәықәҵара аламҭалазы алахьеиқәҵаратә церемониеи иҭахаз аибашьҩы ихаԥхьареи мҩаԥысит, ҳәа иаанацҳауеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
АСЛАН БЖЬАНИЕИ МУРАҬ КУМПИЛОВИ ХАТӘГӘАԤХАРАЛАТӘИ АИБАШЬЦӘА ИРԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадаипресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аслан Бжьаниеи Адыгеиа Ареспублика Ахада Мураҭ Кәумпилови 1992-1993шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ирԥылеит.
Аиԥылара аартуа, Мураҭ Кумпилов иазгәеиҭеит Адыгеиеи Аԥсни аиашьара шрыбжьоу, ареспубликақәа ари ишахӡыӡаауа.
«Арҭ аизыҟазаашьақәа шәышықәсалатәи аҭоурых рымоуп, хықәкыс иҳамоу – аԥхьаҟагьы урҭ рырӷәӷәароуп, иҳамоу акультура-ҭоурыхтә еимадарақәа рыхьчара, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура аиҿкаара ауп.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Адыгеиантәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит аиашьареи аҭынчреи рыхьӡала иаадырԥшыз афырхаҵаразы.
«Аишьцәа гәакьақәа реиԥш шәҳавагылеит, шәара иҟашәҵаз Аԥсны жәлар ирхашҭраны иҟаӡам. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ари еизҳауа абиԥарақәа рымадаразы. Даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәфырхаҵаразы, хаҭа-хаҭала агәабзиареи аихьӡарақәеи шәзеиӷьасшьоит», - ҳәа азгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Анаҩс, Аслан Бжьаниа хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит.
АСЛАН БЖЬАНИА АДЫГЕИА АРЕСПУБЛИКА АХАДА ИМАҴУРАХЬЫ ИНЕИРА ИАЗКЫЗ АУСМҨАԤГАТӘ ДАЛАХӘЫН.
Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адыгеиа Ареспублика Ахада имаҵурахьы инеира иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын.
Мураҭ Кумпилов Адыгеиа Ареспублика Ахадас ҩынтәны далхуп.
Аинаугурациа иазкыз ацеремониа иалахәын Адыгеиа Ареспублика актәи Ахада Аслан Џьаримов, аҩадакавказтәи ареспубликақәа рхадацәа, урыстәылатәи аполитикцәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала иара ихьӡала Мураҭ Кәумпилов идиныҳәалеит Адыгеиа Ареспублика Ахада имаҵзура нап ахьаиркыз.
«Шәара – аԥышәа ду змоу аполитик, аҳәынҭқарратә усзуҩы, шәнапхгарала Адыгеиа Ареспублика акырӡа аихьӡарақәа аиуит асоциал-економикитә ҿиара ахырхарҭала. Шәара шәымч-шәылшеи, шәџьабааи ирыбзоураны, шәыуаажәлар рыбзиабареи раҳаҭыри шәрыԥсахеит, иҟәыӷоу аполитик, адырра змоу анапхгаҩы иаҳасабала»,- ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
АСЛАН БЖЬАНИА БАШАР АСАД ИИАРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Башар Асад иира Амш идиныҳәалеит.
«Шәиара Амш инамаданы ишәыдышәкыл гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара. Адунеи зегьы аҿы Шәара зтәыла амилаҭтә интересқәа хьаҳәхьачарада изыхьчо, уи аизҳазыӷьареи ашәҭыкакаҷреи рзы хамеигӡарыла зымчи зылшареи адызҵо, ахара иԥшуа, акыр здыруа аҳәынҭқарратә усзуҩны шәеицырдыруеит.
Агәра ганы сыҟоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи хра злоу аусеицуреи ҳаԥхьаҟа аҩтәылак рыжәларқәа ринтересқәа рыхьӡала аҳәаақәа шыҭбаахало ессааира ишыӷәӷәахало», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаратә цҳамҭа аҟны.