АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Хәажәкыр.2023

АСЛАН БЖЬАНИА БЕСЛАН АГРБА ИИРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Москватәи Аԥсуа Диаспора» анапхгараҭара ахантәаҩы Беслан Агрба Иира Амш идиныҳәалеит.

 

Адныҳәалара атекст аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Беслан Радион-иԥа! Шәира Амш инамаданы ишәыдышәкыл сара сҟынтәи гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара.

Москватәи Аԥсуа Диаспора напхгара аҭо, Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла иаҳасабала, Шәара Урыстәылатәи Афедерациа аҿы ҳаҭырла  Аԥсны жәлар ркультуреи рытрадициақәеи рӡыргара мҩаԥыжәгоит.  

Шәара шәзанааҭдырра ҳаракы, шәымч-шәылша, хаҭала хра злоу шәҟазшьа аҷыдарақәа дарбанызаалак аԥсуа изы иҿырԥшыганы иҟоуп.

Агәыҳалалра, анаука, аҟазара, агәабзиарахьчара, аҵарадырра, уҳәа аусхкқәа рыҿиара хатәгәаԥхарала адгылара аҭареи агәыҳалалра аарԥшреи рганахьала Шәара шықәы рацәа инеиԥынкыланы инашәыгӡо аусура Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлари анапхгареи даара пату ақәырҵоит.  

Исымоу алшара схы иархәаны, ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, шәыԥсадгьыл аизҳазыӷьара  иазкны ганрацәала шәнапы злаку аус аҿы аманшәалареи ақәҿиара дуқәеи».  


Read 288 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.