АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Хәажәкыр.2023

АҞӘА АРАИОН АХАТӘЫ ГЕРБ АИУИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араионтә Еизара адепутатцәа араион аофициалтә герб шьақәдырӷәӷәеит.   

Агерб автор   –  аилатәара ахь ааԥхьара зырҭаз асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьпуа.

«Аԥсны араионқәа зегьы рхатәы герб рымоуп, ҳара ҳраион ауп иахьа уажәраанӡа уи змамыз. Сара сгәанагарала, агерб – ари араион аҭоурых-культуратә ҭынха аазырԥшуа символуп. Даара аҵак ду змоу усура мҩаԥган. Хазы ҷыдала иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп агерб автор, асахьаҭыхҩы Баҭал Џьопуа», - ҳәа иҳәеит аилатәара зхы алазырхәыз Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа.

Адепутатцәа ирыхәаԥшит ирыдгалаз агерб авариантқәа хԥа, анаҩс ашьақәырӷәӷәаразы иалырхит агерб авариант «Гәыма».

Аизара ахантәаҩы Валери Смыр иалхыз асимволика инагӡаны араион ахаҿра аанарԥшуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Агерб ашьақәырӷәӷәаразы рыбжьы рҭиит аилатәара иалахәыз 10-ҩык адепутатцәа.

Агерб «Гәыма» ахцәажәара

Агерб – ари Аԥсны Аҳәынҭқарра агерб еиԥшу, зыгәҭа еиҩшоу, еиҩыҟҟабжоу адгьылбжьарамшнынтә ԥырак маҷ ауп.  

Агеральдикатә ԥырак арӷьаратәи  аган, мамзаргьы декстер ҳәа изышьҭоу аҿы ахьтәы қәыԥшылараҿы иқәгылоу згәашә дуқәа аарту,  аԥштәы ҟаԥшь змоу ишьҭыҵуа-илбаауа зеихац шьҭыху, згәашәқәа рхыхь аԥштәы ҟаԥшь змоу ацаԥха арбоу абааш ануп. Абааш арӷьаратәии армаратәии аганқәа рҿы иахаргылоуп Аԥсны аҭоурыхтәии ҳаамҭазтәии абираҟқәа. Абааш ахыхь, аԥштәыхада аҿы иарбоуп аа-шәахәа рыла еилоу араӡны иаҵәа.

Ҵаҟатәи аганахьала ицәқәырԥарку ҩ-цәаҳәк арбоуп.

Аԥырак еиҩызшо ацәаҳәа аҟны игылоуп араӡны иалху аԥсуа лабашьа.

Аԥырак армаратәи аган аҩадатәи акәакь аҿы  – ииаҵәоу аԥштәыхада аҿы иарбоуп зыцәқәа рҿы ф-кәакьк змоу аиаҵәақәа шьақәыргылоу ахьтәы хылԥақәа ҩба.  

Агеральдикатә ԥырак армаратәи аган аладатәи акәакь аҿы –  аквамаринтәии ашкәакәеи цәаҳәақәа рыла еиҟараны еихшоу аԥштәыхада арбоуп.  

Ахьтәы ԥштәыхада – аҭышәынтәалара, аицамкра, абарақьаҭра, аҟәышра рсимволра ауеит.

Араӡны бааш – афырхаҵареи агәымшәареи  ахьамҵреи ахачҳареи араион ибеиоу аҭоурыхи акультуреи астратегиатә ҭагылазаашьеи рсимволра ауеит.  

Иаарту агәашә дуқәа – асасдкылареи агәаартреи аанарԥшуеит.

Ишьҭыху, аԥштәы ҟаԥшь змоу ишьҭыҵуа-илбаауа аихац – атәылахьчара азы аибашьра азхиара асимволра ауеит.  

Ҵаҟатәи аганахьала иарбоу ицәқәырԥарку ҩ-цәаҳәк – аӡиасқәеи амшыни агеографиала иахьышьҭоу аҭыԥи асимволра ауеит.  

Араӡны лабашьа – биԥарак аҟынтәи даҽа биԥарак ахь ииасуа аҟәышреи аиҭынхареи аԥсуара иреиӷьу атрадициақәеи рсимволра ауеит.

Агеральдикатә ԥырак армаратәи аган аладатәи акәакь аҿы иарбоу аквамаринтәии ашкәакәеи цәаҳәақәа рыла еиҟараны еихшоу аԥштәыхада   – Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ, ажәлари аԥсадгьыл аҵакыреи ракзаареи рсимволра ауеит.  


Read 341 times - Асабша, 25 Хәажәкыр 2023 12:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.