АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Хәажәкыр.2023

ИНАЛ АРӠЫНБА: АԤСНЫ ИНДИА МҼХАКЫ ҬБААЛА АИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА РЫБЖЬАҴАРА ИАЗХИОУП.

Аҟәа. Хәажәкырамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Дели Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа Амшқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Жәларбжьаратәи абизнес-форум «Евразиатәи аҵакыра аҿы абизнес-диалог». Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр  Инал Арӡынба онлаин-формат ала афорум алахәылацәа рҿаԥхьа адныҳәаларатә ажәахә ҟаиҵеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит. 

Инал Арӡынба атуристтә усхкы Аԥсны аекономика аҿиара хадара злоу ахырхарҭаны иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Уи иара убас, ареспублика анапхгара атуристтә сектор аҿиара ҷыдала ахшыҩзышьҭра анаҭоит ҳәа иазгәеиҭеит. Аминистр иажәақәа рыла, Аԥсныҟа иаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара   ессааира иахьазҳауа инамаданы, иахәҭоу аинфраструктуратә ҭагылазаашьақәа раԥҵареи рыҿиареи мҩаԥысуеит. «Ҳара ҳреспублика аҿы аус ауеит апрофильтә Министрра, Аԥсны актила аусеицуреи аинциативақәа реицынагӡареи иазхиоуп»,- ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Инал Арӡынба.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада Аԥсны Индиа мҽхакы ҭбаала аусецуреи хра злоу аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ишазхиоу азгәеиҭеит. 


Read 346 times - Асабша, 25 Хәажәкыр 2023 12:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.