Аинформациатә ҿхышәқәа Е.Ешба ихьӡ зху Апарки Б.Шьынқәба ихьӡ зху Апарки Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху Аплошьади рҿы ишьақәыргылоуп.
24.Хәажәкыр.2023
АНАПЛАКЫ «АРГО-ИНВЕСТ» АИНФОРМАЦИАТӘ ҾХЫШӘҚӘА ХԤА ШЬАҚӘНАРГЫЛЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара амуниципалтә унитартә Наплакы «Арго-Инвест» аҳҭнықалақь аҿы аинформациатә ҿхышәқәа хԥа шьақәнаргылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.
Аинформациатә ҿхышә ацхыраарала атуристцәа аҳҭнықалақь аҭыԥ ԥшӡарақәа рбареи аԥсшьаразы аҭыԥ алхреи рзы хазхаҭала Аҟәа ақалақь ала рмаршрут ашьақәыргылара рылшоит. Аҭыԥ ԥшӡарақәа рсиеи урҭ ирызку адыррақәа рыҭареи рнаҩс еекскурсиа амҩаԥгаразы аелектронтә хархәага ақалақь аҭоурых, акультура, еиҳа изҭаауа акаҳуажәырҭақәеи акрыфарҭақәеи, иара убас ақьафурҭақәеи атуристтә базақәеи рҭыӡҭыԥқәеи рфотосахьақеи, уҳәа ирацәаны хра злоу аинформациеи рыҭаразы алшара амоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Арго-Инвест».