АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Хәажәкыр.2023

АРАКЬЫЧ АҚЫҬАН ИБЛИТ АШКОЛ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 23 азы Аракьыч ақыҭан амца акит абжьаратәи ашкол.

Амашәыр шыҟалаз азы адырра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥыԥшырҭа ахь иҟалеит 21 сааҭи 55 минуҭи рзы.   Амцарцәаҩцәа аҭыԥ аҿы ианнеиз аламҭалазы ашкол ахыбра зегьы амца акхьан, уи ахыбгьы еилабгахьан. Аҩбатәи аихагыла зегьы амца акхьан.

Амцарцаҩцәа ражәақәа рыла, амца ирласны амҽханакра зыхҟьаз иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы иргылаз ари ахыбра аҩныҵҟа амҿы иалхны иҟаз адашьмақәеи аихагылеиҩкаагақәеи роуп. Амца арцәара иалахәын Очамчыра, Гәылрыԥшь, Аҟәантәи иааз амцарцәаратә гәыԥқәа 6.

Иҟалаз амашәыртә хҭыс аҿы амцарцәаҩцәа ирылшеит ашкол актәи аихагыла аҿы уадақәак реиқәырхара.  Аха иарбоу ахыбра аиҳарак шьаҭанкыла иблит. Иҟалаз ахҭыс зыхҟьаз аилакааразы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.


Read 254 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.