
pressadmin-2
14 ШЫҚӘСА РАԤХЬА УРЫСТӘЫЛЕИ АԤСНИ АДИПЛОМАТИАТӘ ЕИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА РЫБЖЬАРҴЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ацҳаражәҳәарҭақәа рыҩаӡараҿы адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеижьҭеи 14 шықәса ҵуеит. Жьҭаарамза 24,2008 шықәса рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩыс дҟалеит урыстәылатәи адипломат Семион Григориев. Ԥхынҷкәынмза 16 рзы Семион Григорие усҟан Аԥсны Ахадас иҟаз Сергеи Багаԥшь агәрагагатә шәҟәқәа инапы иаиркит.
ШӘАГААЛА ИМАҶУ АӶБАҚӘА РЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ИНСПЕКЦИА АУСЗУҨЦӘА АМШЫН ИАГОЗ ҨЫЏЬА АҬЫԤҲАЦӘА ЕИҚӘДЫРХЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иацы ахәылбыҽха шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә Инспекциа аусзуҩцәа аҟәатәи абаӷәаза аҿы, аӡҭаларҭа «Синоп» иахьаҵанакуа аӡы иагоз аҭыԥҳацәа реиқәырхара рылдыршеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура. Аӡы иагоз аҭыԥҳацәа рхаҭара шьақәыргылоуп, урҭ 1994; 2003 шш. рзы ииз аҭыԥан инхо роуп.
Асиорфинг-ӷәқәа рыла урҭ амшын агәаҿынӡа инаӡеит, аҟәара аҟынтәи 700 метра инарзынаԥшуа инаскьеит. Аха шьҭахьҟа ахынҳәра рымч ақәымхо иалагеит. Рҭелқәа иамаз арлашагақәа рыла урҭ аҟәараҿы иҟаз ауаа рылаԥш рықәшәартә иҟарҵеит, урҭ анаҩс аиқәырхаҩцәа адырра рырҭеит.
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА НХЫҴ КАВКАЗҞА ИУСУРАТӘ ҬААРА ИАЦҴОУП.
Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Нхыҵ Кавказҟа иусуратә ҭаара иациҵоит. Цәыббрамза 8 рзы Аҳәынҭқарра Ахадеи аԥснытәи аделегациа ахаҭарнакцәеи Ҟарачы-Черқьесиантәи иааны хатәгәаԥхарала еибашьуаз, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Аслан Бжьаниа хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз, иҭахаз ранацәа дырԥылеит. 120-ҩык Ҟарачы-Черкесиантәи Аԥсныҟа иааны хатәгәаԥхарала еибашьуан, урҭ рахьынтә 13-ҩык ҭахеит.
Иахьа Аслан Бжьаниа иара убас Жәларбжьаратәи Ачерқесстә Ассоциациа напхгара азҭоз, иара убас ҟабарда жәлар Рконгресс ахантәаҩыс иҟаз, Урыстәылатәи Афедерациа иналукааша, еицырдыруа аҳәынҭқарратәи аполитикатәи аусзуҩ Иури Калмыков ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Ҟарачы-Черкестәи Ареспублика Абазатәи араион аул Кара-Паго аҿы Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху ашкол даҭааит.
АԤСНЫ ИҞОУ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АЦҲАРАЖӘҲӘАРҬА АОФИЦИАЛТӘ САИТ АҞНЫ ИКЬЫԤХЬУП АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДАЧА “ПИЦУНДА” АЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА.
Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аофициалтә саит аҟны икьыԥххьеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҵанакуа аобиект Урыстәылатәи Афедерациа ахатәрахь аиагареи уи ахархәара аԥҟарақәеи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра».
Аусшәҟәы аурыс бызшәеи аԥсуа бызшәеи рыла икьыԥхьуп.
Иарбоу аусшәҟәы азы азхьарԥш: Аҳәынҭқарратә дача «Пицунда» ала Аиқәшаҳаҭра.
АҲАЗЫЛХЫҨЦӘА АҬАҬЫН ААЛЫҴҚӘЕИ АКРИПТОВАЛИУТА АРҲАРА ИАЗКУ АППАРАТҚӘЕИ РКӘАНДРАБАҬ АԤХЬЫРҞӘҞӘААРА РЫЛДЫРШЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 6 рзы аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» ашьапылатә ыиасырҭа иахьаҵанакуаз аҳазылхыҩцәа рылаш лықәшәеит «акоридор иаҵәа» ҳәа изышьҭоу ала Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аԥсныҟа зхы хаз атәылауаҩԥҳәыс, уи иаанаго лара аҳазылхратә шәҟәҭагалара зыхәҭоу атауар лымаӡам ауп.
Ажәакала, аԥҳәыс илымаз анапылеидара агәаҭараан иаарԥшын иагьлымхын аҳазылхратә гәаҭара иақәыршәамыз, маӡала аиагара азы зҽазышәара ыҟаз Урыстәылатәи Афедерациа акцизатә дыргақәа змоу, зхыԥхьаӡара 9 400 цыра рҟынӡа инаӡо аҭаҭын аалыҵ.
ГӘДОУҬАТӘИ АХӘЫШӘТӘЫРҬА АҾЫ АЦРЫӠМҨАНГАРЕИ АӠЫМҨАХГАРЕИ РСИСТЕМА АРҼЕИРА МҨАԤГАХЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәыҭа аҟны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада, Гәдоуҭа араион асанитартә ҳақьым хада, Гәдоуҭа архитектор хада, иара убас аҳәынҭқарратә Еилазаара «Аԥсныргылара» ахаҭарнакцәа.
Аилатәара иалахәыз ахәышәтәырҭа аусура аиҿкаашьа, иара убас арыцқьаратә шьақәгылагақәа русура иадҳәаланы ицәырҵыз ауадаҩрақәа ирылацәажәеит.
Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба иажәақәа рыла, уажәазы астационартә хәышәтәра араҟа иахысуеит акоронавирустә ҿкы чымазара змоу 12 - ҩык апациентцәа. Аиҳарак урҭ иарбоу ачымазара иаццәырҵуа ачымазара лаҽқәа змоу роуп.
ҬАМИЛА МЕРЦХӘЛАА: АХӘААХӘҬРА-ААГЛЫХРАТӘ ПАЛАТА ААИГӘАТӘ МРАГЫЛАРА, АЗИА, АФРИКА АТӘЫЛАҚӘА АУС РЫЦУРА АҲӘААҚӘА РЫРҬБААРА ИАДГЫЛОИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата Апрезидент Ҭамила Мерцхәлааԥҳа Иорданиа Ахәаахәҭра –Ааглыхратә Палата ахаҭарнак Амин Бакиж длыдылкылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата апресс-маҵзура.
Ҭамила Мерцхәлааи Амин Бакижи аԥснытәи аусдкылаҩцәеи анаплакыҩцәеи ринтересқәа рӡыргареи Аԥсны Иорданиатәи Ҳашимиттә Акралра аҿы апрезентациа амҩаԥгареи ирызку аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара иалацәажәеит.
Аиԥылара аҿы иара убас ишьҭыхын «Аԥсуа – уԥсадгьыл уаҭаа» ҳәа хыс измоу Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата апроект анагӡара иадҳәалоу азҵаарақәагьы. Ҭамила Мерцхәлаа напхгара зылҭо Ахылаԥшырҭа Иорданиа иқәынхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рхәыҷқәа рабацәеи рабдуцәеи рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҭоурых, акультура, атрадициақәа рырдырразы рыдкылара иазхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.
ҲАЗҬОУ АШЫҚӘС НАНҲӘАМЗА АЗЫ АҲАЗЫЛХРАТӘ ШӘАТӘҚӘА РЗЕИԤШ ЕИЦҴАЛЫҴ 262,6 МЛН. МААҬ РҞЫНӠА ИНАӠЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022 ш. Аԥсныпресс. 2022 шықәса, нанҳәамза азы аҳазылхратә шәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 262,6 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи аплантә рбага аҵкьыс 11,5 млн. мааҭ рыла еиҳауп. Нанҳәамзазтәи аплан 105% рыла инагӡоуп, ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы апресс-маҵзура.
2021 шықәсазы аиԥшзеиԥшу аамҭахәҭа азы иахыԥхьаӡалан 235,9 млн. мааҭ. 2022 шықәса аамзы ирылагӡаны аҳазылхратә шәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 1 млрд 882 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. 2022 шықәса аамзы азы иазԥхьагәаҭаз аплан 124,4% рҟынӡа инаӡоит. Анагӡара азеиԥш еицҵалыҵ 369,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
НЕСТОР ЦУЖБА АԤКЬАҬМПЫЛ АЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АТУРНИР АҾЫ АИААИРА ИГЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 29 инаркны цәыббрамза 4 аҟынӡа Москва ақалақь аҿы 9-10 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара имҩаԥысуан аԥкьаҭмпыл азы Урыстәылатәи атурнир «Аԥкьаҭмпыл азы Москватәи Академиа Ахраҿа». Уи ихы алаирхәит Аԥснытәи аспортсмен қәыԥш Нестор Цужба, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аспорти аҿари русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс маҵзура.
АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТР ЕДУАРД БЫҬӘБА АБЛА АМИКРОХИРУРГИА АЗЫ АРЕГИОНБЖЬАРАТӘИ ЗТЕХНОЛОГИАТӘ ҨАӠАРА ҲАРАКУ АКЛИНИКА АНАПХГАРАҬАРА АХАҬАРНАКЦӘА ДЫРԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Аҳақьым Шаталов Иклиника» анапхгараҭара ахаҭарнакцәа дырԥылеит. Аиԥылара лхы алалырхәит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра ахәышәтәра-профилактикатә цхыраара Аусбарҭа анапхгаҩы Саида Делба.
Атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара иалахәыз абла амикрохирургиа азы Арегионбжьаратәи зтехнологиа ҳараку Аклиника аҿы (Шәача ақ.) ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Иара убас аганқәа абла амикрохирургиа Ацентр еиҭаҵуа адиагностикатә комплекс Аԥсныҟа аашьҭра азы еиқәшаҳаҭхеит.