АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Хәажәкыр.2023

АҚЫҬАНХАМҨА АМИНИСТРРА АҾЫ ИМҨАԤЫСИТ АПРОГРАММА «2023 ШЫҚӘСАЗЫ АҚЫҬАНХАМҨА АҾИАРА» АНАГӠАРА АЗЫ АКОМИССИА АҨБАТӘИ АИЛАТӘАРА.

Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра аҿы анапхгаратә аамҭакьаҿлатәи апрограмма «2023 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара» анагӡара азы аконкурстә комиссиа аҩбатәи аилатәара  мҩаԥысит.   Уи мҩаԥигон атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.

Беслан Џьопуа апрограмма «2021 – 2022 шш. ақыҭанхамҩа аҿиара азы» ала имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит.

2021 шықәсазы Ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәи ақыҭанхамҩа аҿиаразы азоужьразы иазԥхьагәаҭан 100 млн. мааҭ. Урҭ рахьынтә ахархәара аиуит  91 млн. 742 нызқьи 172 мааҭ абарҭ апрограмма иалагалоу аусмҩаԥгатәқәа рзы:

9 616 062 мааҭ рыла – ақыҭанхамҩатә еиҭаҳамҭақәа рыхәшәтәра азы иаахәоуп;

1 673 813 мааҭ – Гәылрыԥшь, Очамчыра, Гал араионқәа рҿы ауааԥсыра ицәҩабжьоу амармалташьтә пты напыла аҟәшәара азы ирызшәан;

2 393 896 мааҭ – 10 339 гектар иахьаҵанакуа ақыҭанхамҩатә дгьылқәеи аҳаблабжьарамҩақәеи ахимиатә маҭәашьарқәа рыла аус рыдулара азы иныхын.  

77 млн 483 нызқьи 683 мааҭи инарзынаԥшуа азоужьразы ақәыршаҳаҭра аиуит, аҵиааӡара, арахәааӡара, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус рыдулара, аԥсыӡкра, уҳәа ахырхарҭақәа рыла 91 проект нагӡахеит.  Зынӡа анаплак маҷқәа рҿы иаԥҵоуп 73 усуратә ҭыԥ, ақыҭанхамҩа аалыҵ аарыхра рнапы алакуп 122-ҩык.

Ақыҭанхамҩа аалыҵ аус адулара: ақыҭанхамҩа аалыҵ аус адулара азы иаԥҵоуп анаплакы маҷқәа 7, адгылара рыҭоуп  анаплакы маҷқәа 5 (73  усуратә ҭыԥ).  Иарбоу ахықәкқәа рзы иныхын 37 млн. 482 нызқьи  743 мааҭ.  

Аҵиааӡара: 82 гектар инарзынаԥшуа  шықәсырацәа изызҳауа ашәырҵлақәа рыла еиҭаҳауп, арԥхарҭақәа хԥа ргылоуп.  Иарбоу аусхкы аҿы аус руеит 76 – ҩык, уи иақәхарџьхеит  26 млн. 713  нызқьи 440 мааҭ.

Арахәааӡара: арахә аахәара иадҳәалоу 19 проект иақәшаҳаҭхеит, урҭ ирықәхарџьхеит 8 млн. 475 нызықь мааҭ.

Ҩ-проект рзы арахә аахәан аҭыԥантәи ауааԥсыра рҿы. Уи иақәхарџьхеит 1 млн 555 нызқьи  320 мааҭ. (21 камбашьи 10 хык ажәқәеи).

Апрограмма 17-ҩык алахәылацәа рзы  Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрреи Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Тауруси» (Ҭаҭарсҭан иҟоу арахәааӡарҭатә нхамҩа) ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҿаҵан  90 хы арахә. Уи иақәхарџьхеит 6 млн. 919 нызқьи   680 мааҭ.

Аԥсатәааӡара: адгылара роуит 9 проектк. Аус зуа рзеиԥш хыԥхьаӡара – 15-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Иақәхарџьхеит 3 млн 812  нызқьи 500 мааҭ.

Аԥсыӡкра: адгылара аиуит проектк. Уи аусуратә ҭыԥқәа хԥа амоуп. Апроект иақәхарџьхеит 1 млн. мааҭ.  

2021 шықәсазы апроектқәеи аԥаратә хархәагақәеи араионқәа рахь реихшара абас ала имҩаԥысуан:

Гагра араион  – 8 проектк. Уи ахәԥса аицҵалыҵ  3 816 578 мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

Гәдоуҭа араион – 18 проектк. Уи ахәԥса азеиԥш еицҵалыҵ  11 934 563  мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

Аҟәа араион –  6 проектк. Уи ахәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 5 839 680 мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

Гәылрыԥшь араион –  12 проектк. Уи ахәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 9 472 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

Очамчыра араион –  39 проектк. Уи ахәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 28 292 862 мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

Ҭҟәарчал араион –  5 проектк.  Уи ахәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 16 278 000  мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

Гал  араион –  3 проектк.  Уи ахәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 1 850 000  мааҭ  рҟынӡа  инаӡоит.

Беслан Џьопуа 2022 шықәсазы иҟаз аихьӡарақәа дрылацәажәеит.

2022 шықәсазы, 2021 шықәсазы еиԥшҵәҟьа, ареспубликатә биуџьет ала  ақыҭанхамҩа аҿиаразы азоужьра азԥхьагәаҭан - 100 млн.мааҭ. Аконкурстә комиссиа иақәшаҳаҭхеит 162 проект. Уи ахәԥса азеиԥш еицҵалыҵ  76 млн. 811 нызқьи 404 мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Урҭ рахьынтә абарҭ аусхкқәа рахь иазоужьхеит:   

Аҵиааӡара - 56 проектк. Урҭ рыхәхԥса азеиԥш еицҵалыҵ  27 530 578 мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

Арахәааӡара - 50 проектк. Урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ  16 680 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

Ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адулара азы - 17 проектк.  Урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 25 547 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

Амеханизациа маҷ аахәара азы - 35 проектк. Урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 8 871 404 мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

Аԥсыӡкра азы - 2 500 000 мааҭ;

Ахимиатә маҭәашьарқәа (апестицидқәа) раахәара азы - 10 000 000 мааҭ;

Араионқәа рҿы иҟоу аматор-трактортә Станциақәа рзы аԥсахга маҭәахәқәеи абылтәи ахьшьтәи раахәара азы - 6 000 000 мааҭ;

Аветеренартә лабораториақәа рзы аиқәыршәагақәа раахәара азы - 3 871 018 мааҭ.

2022 шықәсазы  апроектқәеи аԥаратә хархәагақәеи араионқәа рахь реихшара абас ала имҩаԥысуан:

Гагра араион – 8 проектк;

Гәдоуҭа араион – 25 проект;

Аҟәа араион–  17 проект;

Гәылрыԥшь араион –  26 проект;

Очамчыра араион –  70 проект;

Ҭҟәарчал араион–  3 проектк;

Гал  араион –  10 проект.  

Иааизакны уахәаԥшуазар, ҩы-шықәса рыла 253 проект рфинанстәра мҩаԥган. Урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 154 млн. 295 нызқьи 087 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

 


Read 251 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.