Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, хәажәкырамза 22 рзы имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы Аилак инарҭбаау аилатәара.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палатазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны адепутатцәа ахәаԥшит Аконтрольтә палата ахантәаҩы имаҵзуразы ирыдгалаз Кама Гогиеи Каха Пертаиеи ркандидатурақәа.
Аилак алахәылацәа азыӡба рыдыркылеит абри азҵаара Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахәаԥшразы ақәыргыларазы.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵәахырҭатә банк Ахантәаҩы Роберт Агрба икандидатура иахәаԥшит Амилаҭтә банктә хеилак алахәҩыс иаҭаразы. «Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 21 инақәыршәаны ари акандидатура Апарламент аҟны иқәиргылеит Аԥсны Абанк Ахантәаҩы.
Аилацәажәара аихшьалақәа рыла Аилак иара убас Апарламент иаднагалеит ари азҵаара асессиа аилатәара амш азҵаара алаҵара.
Анаҩс адепутатцәа алацәажәеит абарҭ азакәанқәа рыпроектқәа: «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак ИАА аҳәаақәҵара ахәҭаҟны аԥсахрақәа ралагаларазы», «Аинвестициатә усуреи ашәахтәқәҵареи русхк аҟны азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы». Азакәанапроектқәа рыҩбагьы ааигәа имҩаԥысуа апарламент асессиа аилатәарахь ицәыргахоит.
Аилатәара мҩаԥигеит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан.