АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Хәажәкыр.2023

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АРРАХЬ ААԤХЬАРАЗЫ АУСԤҞА ИНАПЫ АҴАИҨИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.

Аҳәынҭқарра Ахада аррахь ааԥхьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Хәажәкырамза 22 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит 2023 шықәса  мшаԥымза-рашәарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵзурахьы рааԥхьареи ааԥхьара инақәыршәаны арратә маҵзура иахысуаз арратә маҵзураҟынтә рхы рақәиҭтәразы.

2023 шықәа мшаԥымза 1 инаркны рашәарамза 30-нӡа Аԥсны имҩаԥысуеит 18 шықәса зхыҵуа инадыркны 27 шықәса зхыҵуа рҟынӡа ԥхьатәара иҟам, арратә маҵзурахь ааԥхьара иаҵанакуа атәылауаа аррамаҵзурахьы рааԥхьара.

Аусԥҟа инақәыршәаны, ааԥхьарала  зарратә маҵзура аҿҳәара нҵәаз аррамаҵзураруаа рхы иақәиҭтәхоит.

Аминистрцәа Реилазаара, араионқәеи Аҟәа ақалақьи радминистрациақәа рхадацәа ирыдҵоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵзурахьы рааԥхьареи арратә маҵзураҟнытә рхы рақәиҭтәреи ирыдҳәалоу ауснагӡатәқәа нхарҭәааны рынагӡара ахылаԥшра.

 

 


Read 271 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.