«Апоезиа Амш хықәкыс иамоуп алитература ҳаамҭазтәи ажәлар реилазаара акультуратә ԥсҭазаараҿы инанагӡо ароль дуӡӡа аарԥшреи адунеи зегьы аҟынтәи апоетцәа аусеицуреи аимадареи рыбжьҵареи. Ҳара ҳарҿиаратә еиҿкаара аусура ахырхарҭақәа иреиуоуп астудентцәеи ашколхәыҷқәеи рԥылара, урҭ алархәны алитературатә семинарқәа, астол гьежьқәа, аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара. Зегьы ирыцку – аҟыбаҩ злу аҿар раарԥшреи алитературеи исахьаркны аԥхьареи рахь абзиабара рылааӡареи ауп. Ҳазҭоу ашықәс ҷыдоуп, апоезиа Амш азгәаҳҭоит ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90-шықәса ахыҵра ашықәс азы», – ҳәа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абхазоу. Уи еизаз Аԥсны ижәытәӡоу арҿиаратә еиҿкаарақәа ируаку аиҿккаара аԥҵара, ашьақәгылара, аҿиара аҭоурых атәы рзеиҭеиҳәеит, иара убас зегьы апоезиа Амш рыдиныҳәалеит.
Ашәҟәыҩцәа Реидгыла ала еиҿкаахеит афотоцәыргақәаҵа «Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла – 90 шықәса ахыҵит». Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыжьыз ашәҟәқәа: аԥсуа литература аклассик Қьаазым Агәмаа иҩымҭақәа реизга «Иалкаау», иара убас ашәҟыҩҩы Никәала Ҳашыг икалам иҵыҵыз ашәҟәы «Аԥсуара ашьаҭақәа» рӡыргара мҩаԥгахеит.
Апоезиа аныҳәа аиԥылара иалахәыз ирыдырныҳәалеит ААУ афилологиатә факультет адекан Баҭал Ҳагәышь, аԥсуа литература акафедра арҵаҩы, аԥсуа-дыгатә филологиа Ацентр адиректор Ахра Анқәаб.
Адныҳәаларатә ажәахә ҟалҵеит, лхатәы жәеинраалақәагьы абаза бызшәала дрыԥхьеит Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспублика ахаҭарнак, еицырдыруа абаза шәҟәыҩҩы Лариса Шебзухова.
Рхатәы жәеинраалақәеи аԥсуа литература аклассикцәа ражәеинраалақәеи ирыԥхьеит апоетцәа Анатоли Лагәлаа, Гәында Сақаниа, Гәында Кәыҵниа, Алхас Чхамалиа, ААУ астудентцәа.