АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Хәажәкыр.2023

ПИЦУНДА-МЫСРАТӘИ, ԤСҲӘЫ-ГӘЫМСҬАТӘИ АҲӘАРԤСАРРАҚӘЕИ РИҴАТӘИ АРЕЛИКТТӘ МИЛАҬТӘ ПАРКИ РУСУРА АИҾКААРА ИАЗКУ АНОРМАТИВТӘ ШӘҞӘЫНҴАҚӘА АԤСНЫ АԤСАБАРАХЬЧАРАТӘ ЗАКӘАНԤҴАРА ИАҚӘШӘО АҞАҴАРА АЗЫ АУСУРАТӘ ГӘЫԤ АԤҴОУП.

Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҭижьыз Ақәҵара инақәыршәаны, Пицунда-Мысратәи, Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәарԥсаррақәеи Риҵатәи ареликттә милаҭтә парки русура аиҿкаара иазку анормативтә шәҟәынҵақәа Аԥсны аԥсабарахьчаратә Закәанԥҵара иақәшәо аҟаҵара азы усуратә гәыԥ аԥҵоуп.

Аусуратә гәыԥ аилазаара иалалеит:

Сангәлиа Д. Р. – Аминистрцәа Реилазаара Аппарат анапхгаҩы (акомиссиа ахантәаҩы);

Аҩӡба В. 3. – Аҳәынҭқарратә усбарҭа «Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәарԥсарра» адиректор;

Аҳәба А. M. – Адгьылхархәареи акадастри рзы аҳәынҭқарратә Усбарҭа анапхгаҩы;

Дбар Р. С. – Аҳәынҭқарратә наукатә усбарҭа «Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут» адиректор;

Џьергениа Т. Н. – Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк абнахылаԥшыҩ хада;

Кәпалба А. В. – Афинансқәа Рминистрра азиндырратә ҟәша аспециалист хада;

Лакербаиа Е. Л. – аиустициа аминистр ихаҭыԥуаҩ;

Лобода С. Л. – Аҳәынҭқарратә Усбарҭа «Пицунда-Мысратәи аҳәарԥсарра» анауктә усзуҩ еиҳабы;

Мелкумов К. С. – Абнатә нхаҩа азы аҳәынҭқарратә Усбарҭа;

Ҭарба A. X. – Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк азиндырратә ҟәша аиҳабы;

Ҷыҭанаа С. М. – Аекологиа азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы;

Ҷыҭанаа А. С. – Аминистрцәа Реилазаара Аппарат азинтә еиқәыршәара аусбарҭа ареферент (амаӡаныҟәгаҩ).

Аусуратә гәыԥ нанҳәамза 31, 2023 шықәсанӡа  ахәаԥшразы адгалара мҩаԥнагароуп:

– Пицунда-Мысратәии Ԥсҳәы-Гәымсҭатәии аҳәарԥсаррақәа рзы аҳәаақәеи аԥҟарақәеи рышьақәырӷәӷәара азы аминистрцәа Реилазаара ақәҵарақәа рыпроектқәа;

–    Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк азы аԥҟареи Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк анапхгараҭара назыгӡо аиҿкаара аиҿакаара-зинтә форма азы аԥҟареи Аԥсны азакәанԥҵара иашьашәало аҟаҵаразы аминистрцәа Реилазаара ақәҵара апроект.


Read 238 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.