АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Хәажәкыр.2023

АСЛАН БЖЬАНИА: «ИАХЬА 2008 ШЫҚӘСА РЗЫ ААСҬА АҬАГЫЛАЗААШЬА ХЬАНҬОУП».

Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Хәажәкырамза 21 рзы Аҟәа асасааирҭа «Интер-Сухум» аконференц-зал аҟны  имҩаԥысит аполитикатә партиа «Амцахара» XIV Аизара Ду. Аизара Ду аҟны иалацәажәеит Аԥсны адәныҟатәии аҩныҵҟатәии амшхәаԥштә иактуалтәу азҵаарақәа, ауаажәларра-политикатә, аекономикатә ҭагылазаашьа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аизара ду даҭааит, Аԥсны Аҳәынҭқарра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәеит аделегатцәеи Аԥсны жәлари ихы рықәкны.

Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Аԥсны акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа шыуадаҩу атәы. «Жәларбжьаратәи арра-политикатә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Урыстәыла, уажә аԥхьа ишҳәаз еиԥш, иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгара иаҿуп. Иара иаҿагылоуп 50 ҳәынҭқарра инареиҳаны, убарҭ рхыԥхьаӡара иаҵанакуеит Европа зегьи Еиду Америка Аштатқәеи, арҭ амчқәа Қырҭтәыла аиҳабыра ахырҳәар, аҩбатәи аибашьра хдыртырц рҭахуп. Абарҭ ахықәкқәа рымоуп азы ҳазҭоу ашықәс азы мшаԥымза-лаҵарамза рзы Қырҭтәыла мҽхакы ҭбаала аполитикатә акциақәа рымҩаԥгара ргәы иҭоуп. Иахьа 2008 шықәса рзы аасҭа аҭагылазаашьа хьанҭоуп. Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ганрацәалатәи ҳусеицура арӷәӷәара аҭахуп. Аамҭа кьаҿла ҳҳәынҭқарратә еизыҟазаашьақәа ирԥырхагоу азҵаарақәа рыӡбара алҳаршароуп, урҭ арбанқәоу ҳара ибзианы иаҳдыруеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу 2014 шықәса абҵарамза 24 аҟнытә Аиқәшаҳаҭраҟны иарбоу Атәыла ахьчаратә мчхара арӷәӷәаразы иҟаз алшара ишахәҭоу хархәара амаӡамызт. Раԥхьа иргыланы, зыӡбахә сымоу, 2019 шықәсазы Аԥсны иазԥхьагәаҭаз Очамчыра араион Мыркәыла ақыҭаҟны азеиԥш арратә база аргылароуп, убри инадкыланы Аԥсны Арбџьар мчқәа рырхәҭақәа рырҿыцреи уи аматериалтә – техникатә еиқәыршәареи азҵаароуп. Ари гха дууп азы, ари агха ҳауаажәлар ирныԥшыр сҭахымызт. Убас шакәугьы, аӷа ааишьа имаӡам, уи идызцалалкгьы. Ҳара Аԥсны аҩныҵҟа зегьы еидгылартә иҟаҳҵоит. Урыстәылеи ҳареи ҳаиҩызара иабзоураны иаҳзыԥшу, иҟоу ауадаҩрақәа ҳариааиуеит. Уи азы зегьы ҳаидгылароуп.

Иҟоуп иаартны исзымҳәо. Амобилизациатә зыҟаҵара ашьҭыхразы мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥаҳгоит Аԥсны Аҳәынҭқарра арбџьар мчқәа аибашьра разырхиаразы. Ҳара аибашьра ҳҭахӡам, аха зегьы ҳарзыҟаҵоуп. Аиашьара ҳзызуа Урыстәылеи ҳареи ҳаидгыларала.

Аизара ду иара иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, аиҳабыра алахәцәа, ақалақьтәии араионтәии администрациақәа рхаҭарнакцәа.

 


Read 354 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.