АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Хәажәкыр.2023

АԤСНЫ АԤСЫЛМАНЦӘА ИАКУ РДУОУҲАТӘ УСБАРҬА ИԤШЬОУ РАМАДАН АМЫЗ АЛАГАРА АРЫЦХӘ АЛАҲӘАРА МҨАԤНАГЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҭатә Усбарҭа анапхгараҭара ареспублика иқәынхо аԥсылманцәа иԥшьоу Рамадан амыз алагара арыцхә рыланаҳәеит.

Алаҳәара аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Аԥсылманцәа, Аԥсны атәылауаа зегьы рырдырразы. Иахьа ҿыц игылаз амзаҿа абара залмыршахаӡеит, убри аҟнытә уаҵәы – Шьаабан амыз 30-тәи амш ауп.  Сынтәа аԥсылманцәа зегь рзы иԥшьоу амыз Рамадан актәи амш хәажәкырамза 23  иақәшәоит, иалагоит аԥсылмантә мзар амзақәа ируаку, иԥшьоу Рамадан амза.

Загь зымчу Аллаҳ иԥшьоу Рамадан амыз азы Ачгара адкылареи анагӡареи Иаҳхылаԥшхәу иганахьала амҵахырхәареи рзы алшара ҳаиҭарц, ҳаԥсҭазааратә мҩа ҳақәнаҵы иҟаҳҵахьоу ҳагәнаҳарақәа ҳанажьреи рзы ҳиҳәоит. Амин!»

Аԥсылманра аканонқәа инарықәыршәаны, Рамадан амза алагара ҳәаақәырҵоит ҩ-хкык рыла: ҿыц игылаз амза абара алыршарала, ма ииасуа амза 30-мшы рыла ахыркәшарала.

Аҟәырҟан излаҳәо ала, Рамадан амыз азы ауп Аллаҳ ауаа ари Аԥшьаҩыра анырзынаишьҭыз. Рамадан амыз иалагӡаны аԥсылманцәа ачгара иҵалоит, урҭ амза ахы инаркны аҵыхәанӡа ҽынла афатә-ажәтә, хаҵеи-ԥҳәыси реизыҟазаашьа рҽацәхьаркуеит. Згәы бзиами, ныҟәара иҟоууи, ахәыҷқәеи, абыргцәеи уи маҷк аилагара азин рымоуп.

Аурычра ацхыраарала ауаҩԥсы иԥсы даиааиуеит, иҟамло зегьы мап рцәикуеит. Аурычра дыҵанаҵы ауаҩы илшо зегь ҟаиҵоит еиҳа иеиӷьу иганқәа раарԥшразы.  Аурычра иҵоу ауаҩы ихы-иԥсы ааникылоит, Аллаҳ дышимҵахырхәо ааирԥшуеит. Уи Иаҳхылаԥшхәу уизааигәанатәуеит. Ари иԥшьоу амыз азы аԥсылмантә дин ныҟәызго Аллаҳ изааигәахара, ҳагәнаҳарақәа ҳхыхра, арыцҳаибашьара, аилибакаара, ԥсылманҵасла ҳазшаз иашьапкра, уҳәа абарҭ аусқәа рымҩаҧгаразы абжьааԥны еиԥш акәымкәа, еиҳа ласы-лассы аџьамаақәа ирҭаауеит, уаҟа коллективла Иаҳхылаԥшхәу иганахьала имҵахырхәоит, Аҟәырҟан иаԥхьоит.

Аколлективтә матанеирақәа рнаҩс, Рамадан амыз иалагӡаны хатәгәаԥхарала Иаҳхылаԥшхәу иганахьала уахынлатәи амҵахырхәарақәагьы мҩаԥыргоит. Аԥсылманцәа зегьы рзы Иԥшьоу амыз ахыркәшара ашьҭахь иааиуа амш Аурычра ныҳәа, Ураза баирам ҳәа изышьҭоу ныҳәамшны иԥхьаӡоуп. Ари амш аҽны Акыр змоу аԥсылманцәа иалаҟам ауаа рзы афатә-ажәтә ала асадаҟы ҟарҵоит. Уи ашьҭахь аџьамаа аҿы аколлективтә ныҳәатә мҵахырхәара мҩаԥгахоит. 


Read 289 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.