АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Хәажәкыр.2023

ХӘАЖӘКЫРАМЗА 23 РЗЫ ИМҨАԤЫСУЕИТ АПАРЛАМЕНТ АСЕССИА АИЛАТӘАРА.

Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 23 рзы имҩаԥысуеит Апарламент асессиа аилатәара.

Амшхәаԥштә иалагалоуп 18 зҵаара, урҭ рахьынтә  7 адгьылтә зҵаарақәа ирыдҳәалоуп.

Адепутатцәа «Афинанстә қьыра (ализинг) азы».  Азакәан апроект иахәаԥшуеит.  «Аԥсны Аҳәынҭқарра атуристтә усура азы», «Аԥсны Амилаҭтә банки (Аԥсны Абанк) азы», «Административтә зинеилагарақәа рзы аусқәа рыла аиӡбареиҿкаара азы», «Аԥсны аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьа азы» иҟоу азакәанқәа аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азԥхьагәаҭоуп.

Административтә зинеилагарақәа рзы Аԥсны Азакәанеидкыла, иара убас амҩаҿы аныҟәара аганахьала адинистративтә зинеилагарақәа рзы аҭакԥхықәра арӷәӷәара аганахьала Аԥсны азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәакгьы Аиҭакрақәа алагалахоит.  

Адепутатцәа Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу далырхраны иҟоуп.  Апарламент ахь ахәаԥшразы инашьҭуп х-кандидатурак –  Гәында Џьениа, Диана Керселиани Анас Кьышьмариеи.


Read 207 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.