АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Хәажәкыр.2023

АТӘЫЛА АНАПХГАРА АҾЫ АКРИПТОФЕРМАҚӘА РҾАГЫЛАРА АМЕХАНИЗМҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа.  Хәажәкырамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы Ареспубликатә штаб аилатәара мҩаԥигеит.

Изакәанымкәа ишьақәыргылаз атрансформаторқәа рыла имҩаԥгаз аусура аихшьаалақәа рыла адҵақәа ҟаҵоуп, ҳәа иаанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» изакәанымкәа ишьақыргылаз атрансформаторқәа рыла атехникатә ҭагылазаашьақәа реилкаара азы аусура хнаркәшароуп.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура изакәанымкәа ишьақәыргылаз атрансформаторқәа рыла ироуз аинформациа агәаҭара иацырҵароуп. Астандартқәеи ахархәареи атехникатә хылаԥшреи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы иара убас ачаӡырҭақәа, аргыларатә маҭәахәқәа рҭыжьырҭақәа, амаҵзурақәа рымҩаԥгареи ауаажәларратә крыфара аусхкқәа назыгӡо анаплакқәа, ахәаахәҭратә обиектқәа, аџьармыкьақәа, автотранспорттә хархәагақәа рыӡәӡәарҭақәеи автоҟазарҭақәеи, аҽырԥшӡарҭақәа, уҳәа уахь иналаҵаны,  хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа рнаплакқәа рҿы афымца ахархәара аԥхьаӡагақәа рыҟазаара гәанаҭоит.

Аҳәынҭстандарт Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» ацхыраарала акурорт-туристтә усхкы аҿы зусура назыгӡо аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи робиектқәа рҿы афымца ахархәара аԥхьаӡагақәа рыҟазаара, мамзагьы урҭ рыҟамзаара азы адыррақәа еиқәнаршәароуп. 

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Аҳәынҭстандарт изакәанымкәа акриптовалиута арҳара азы аиқәыршәагақәа рыԥшаареи рымхреи рзы аусмҩаԥгатәқәа рыцҵара азы адҵа рыҭоуп.


Read 331 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.