АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Хәажәкыр.2023

ВОЛГОГРАД АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИААТИТ АҾЫХАНҴЕИ АФОТОСАХЬАҚӘЕИ РЦӘЫРГАҚӘҴА «АԤСНЫТӘИ АԤШАҲӘА».

Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 24 рзы И.И.Машков ихьӡ зху Волгоградтәи асахьаркыратә ҟазарақәа рмузеи аҟны иаатит «Аԥснытәи аԥшаҳәа» ҳәа хыс измоу ацәыргақәҵа. Аидеиа автори апроект акуратори Альбина Иаруллина лоуп.

Аекспозициа шьақәгылоуп аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рыла. Ицәыргақәҵоу аусумҭақәа хаҭала асахьаҭыхыҩцәеи хазхаҭалатәи аколлеционерцәеи ацәыргақәҵахь ицәырыргаз роуп.   

Аекспозициа иалалеит аԥышәа ду зоу аахьаҭахыҩцәеи ҿыц арҿиаратә мҩа ианылаз аахьаҭыхыҩ ҿарацәеи: Б. Џьапуа, Д. Воуба, А. Амԥар, А. Ҳагба, Д. Хьынҭәба, А. Воуба, Н. Аҩӡба, С. Кәарҷелиа, С. Кәыҵниа, Б. Арсоу, С. Жеткар, Н. Барцыц русумҭақәа. Ацәыргақәҵа аҿы ахәаԥшцәа ирыдгалоуп аҿыханҵа, аграфика, афотосахьақәа.

«Ари аладатәи аокруг ахԥатәи қалақьуп, ахԥатәи музеиуп ҳцәыргақәҵа ахьымҩаԥысуа. Сара даараӡа сеигәырӷьоит ацәыргақәҵатә коллекциа ессааира ахьҽаԥсахуа, аҳәаақәагьы ахьарҭбаауа – волгоградтәи ацәыргақәҵа рхы аладырхәраны иҟоуп хә-ҩык автор ҿарацәа, ицәыргақәҵоуп хыԥхьаӡара рацәала афотоусумҭақәа.  Аиҿкаара аганахьала ауадаҩрақәа маҷымкәа ицәырҵуан, аха ҳара уи анагӡара ҳалшеит», –  ҳәа илҳәеит ацәыргақәҵа акуратор Альбина Иаруллина.

Уи иара убас апроект «Аԥснытәи аԥшаҳәа» дахцәажәеит.

«Уи сара хаҭала сыблаҿы иааиз, угәаҿы иаанымхарц злымшо, бзиа избаз Аҟәа аверсиа ауп. Уи ала иалагеит сара ари атәыла, ақалақь ахь исымоу икылкаау азҿлыҳара. Узыршанхо, игәыҟаҵагоу атәыла хәыҷы, ҷыдала згәы разу ауаа. Акы иаламҩашьо аҭыԥантәи аԥсҭазаара акалорит, атрадициақәеи амифологиатә хдырреи, ҷыдала аԥсабара азааигәареи рыла игәылҭәаауп.  Аԥсуа жәлар рҭоурых акыр иҵаулоуп, ибеиоуп, аха сара сзыршанхаз атәыла аҿыц ԥсҭазаара ауп. Дара роуп – автор ҿыцқәа, дара роуп сара иахьа зҟазара шәсырдырырц сҭаху ртәыла наӡаӡа сгәаҵаҿы иаанхартә иҟазҵаз атәыла акультуратә ԥсҭазаара арҿиаҩцәа».

Ацәыргақәа аус аулоит мшаԥымза 24 аҟынӡа.

Апроект ацхыраара ду арҭеит асахьаркыратә галереиа  Auada Gallery Анна Азарнови (FOLLOW ART)..


Read 244 times - Асабша, 25 Хәажәкыр 2023 14:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.