АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Хәажәкыр.2023

УРЫСТӘЫЛА АТУРОПЕРАТОРЦӘА ЛАҴАРАМЗАЗЫ ИҞАЛО АԤСШЬАРАМШҚӘА РААН АԤСНЫҞА ААРА ЗҬАХУ РХЫԤХЬАӠАРА ЕИҲА ИШЫРАЦӘАХО АЗГӘАРҬОИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥхынра -2023 шықәсазы аԥсшьараамҭа азы Аԥсныҟа аара зҭаху аԥсшьаҩцәа шырацәахо ҩаԥхьа ишьақәнарӷәӷәоит лаҵарамзазтәи аныҳәамшқәа Аԥсны изхызгарц зҭаху рхыԥхьаӡара аиҳахара, ҳәа иазгәарҭоит Урыстәылатәи атуристтә операторцәа Рассоциациа аҿы.

«Урҭ иҟарҵо адыррақәа рыла, бжьаратәла уахәаԥшуазар, иарбоу аамҭахәҭа азы заа иаанкылоу аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара уажәанатә иҳаҩсыз ашықәс арбагақәа раасҭа 20-40% рыла еиҳахахьеит. Еилазаарақәак рдинамика еиҳагьы еиҳауп, урҭ лаҵарамзазтәи аныҳәамшқәа раан ԥсшьараҳәа Аԥсныҟа иаауа рхыԥхьаӡара ҩынтә аиҳахара иазыԥшуп», - ҳәа иазгәаҭоуп Урыстәыла атуристтә операторцәа Рассоциациа аофициалтә саит аҟны.

Атуристә усхкы иалаху разԥхьагәаҭарақәа рыла, уи ашыкьамҭа мшаԥымза  актәи азыбжа иақәшәоит. 

Атуроператорцәа разгәаҭарақәа рыла, асасааирҭа, мамзаргьы аԥсшьараҩны ахьыҟоу аҭыԥи иамоу асервиси инарымаданы, лаҵарамзазы аныҳәамшқәа раан Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа раанкылара ахәԥса иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны 5 инаркны 40% рҟынӡа иацлеит. Иааиуа атуристтә аамҭахәҭа ашыкьаҳәымҭазы урҭ рыхәԥсақәа еиҭа ихаларгьы алшоит.


Read 322 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.