АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Хәажәкыр.2023

УРЫСТӘЫЛАТӘИ АҴАРАУАА АԤСНЫ АНЫШӘҞАԤШЬ АМҼХАК АҾИАРА АҬҴААРА ИАЛАГЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа Асубтропикатә наукатә центр аҵарауаа ргәыԥ Аҟәа ақалақь акәша-мыкәша анышәҟаԥшь амҽхак аҿиара иазкны адәытә ҭҵааратә усурақәа мҩаԥнагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа Асубтропикатә наукатә центр апресс-маҵзура.  

Ас еиԥш иҟоу анышәхкы Урыстәыла иахьҵанакуа иуԥылаӡом, уи аҷыдарақәа рахь иаҵанакуа ирацәаны иалоу аихеи алиумини роуп. 

Аиха аҵәыҵәрикра иахҟьаны анышә ицәҩаԥшьу аԥштәы аанахәоит. Ас еиԥш анышәхкы аиҳарак асубтропикатә абыӷьҟьаҟьатә бнарақәа ирызҷыдаҟазшьаны иҟоуп. Урҭ аиҳарак иахьуԥыло ҭыԥқәаны иԥхьаӡоуп – Алада-Мрагыларатәи Азиа, Австралиа мрагыларатәи ахәҭа, иара убас Аладатәи Америкеи Африкеи агәатәи рыхәҭақәеи. Аԥсны ас еиԥш иҟоу анышәхкы Колӷьҭатәи алаҟәыра инамариашаны иуԥылоит. 

Анаукатә усзуҩцәа агеодезиатә усурақәа раламҭалазтәи аҭыԥ аҭҵаара мҩаԥыргеит, анаҩстәи агәаҭарақәа рзы ихымԥадатәиу ахкқәа еизыргеит. Анаҩс иазԥхьагәаҭоуп Урыстәыла Анаукақәа ракадемиа иатәу В.В. Докучаев ихьӡ зху Асубропикатә наукатә центр амузеи азы адгьыл еилаҵәқәа ралхра.  

«Иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп хы-хкык инарзынаԥшуа адгьыл-климаттә ҭагылазаашьақәа ргәаҭара: ицәҩабжьоу адгьыд (адгьылбжьаха Абрау) – аҩежьдгьыл (Шәача Ду иахьаҵанакуа) – адгьылҟаԥшь (ақалақь Аҟәа акәша-мыкәша). Ахырхарҭа ҿыц аконцепциа абасала иҟоуп: еиуеиԥшым аԥсабара-климаттә ҭагылазаашьақәа, еиуеиԥшым агеологиатә шьаҭақәа, еиуеиԥшым анышәшьақәгылара ахкқәа, еиуеиԥшым адгьыл аҷыдаҟазшьақәеи уи иадҳәалоу аԥсабаратә ҵакырақәеи шьақәдыргылоит, уи аки-аки иузаҟәымҭхо еидҳәалоу, иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара абиологиатә, агеохимиатә, уҳәа арбагақәа, иааизакны  аекосистема аҭагылазаашьа аадыԥшуеит», – ҳәа еиҭалҳәеит  Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа Асубтропикатә наукатә центр агеоекологиеи аԥсабаратә процессқәеи рлабораториа анаукатә усзуҩ хада, абиологиатә наукақәа рдоктор Лалита Захарихина.

Иарбоу аҭҵаарақәа акомплекстә ҟазшьа рыҵоуп: адгьыли уаҟа изызҳауа аҵиаақәеи рыхкқәа ргареи ранализ амҩаԥгареи рнаҩс, ари араион аҿы иҟоу арадиациа аҩаӡареи аҭҵаара ахьымҩаԥысуа азааигәара иҟоу аӡеизакырҭа аҟынтәи аӡы ахки ргәаҭарагьы мҩаԥган.

«Адгьыл ахкы аҭҵараан ҳара иара убас уи иалоу арацәаҵәыҵәытә газ аинтенсивра аҩаӡарагьы гәаҳҭоит, уи раԥхьаӡа иргыланы адгьыл абиологиатә активра иарбаганы иҟоуп. Аинтенсивра, аемиссиа CO2, мамзаргьы, уи даҽакала ишырҳәо еиԥш, «адгьыл ааԥсыԥлагаҩагара», аиҳарак амикроцәеижьқәа русура иадҳәалоуп. Апортативтә газоанализатор ахархәарала, иарку акамерақәа рметод ала, ҳара иарбоу адгьыл ахкы иаҷыдаҟазшьаны иҟоу, аха убри аан ҳара ҳрегион аҿы аламала иуԥымло, арацәаҵәыҵәытә газ ахылҵра аинтенсивра ашәара мҩаԥаагоит», - ҳәа имҩаԥысуа аусура дахцәажәо иазгәалҭеит Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа Асубтропикатә наукатә центр агеоекологиеи аԥсабаратә процессқәеи рлабораториа анаукатә усзуҩ еиҳабы Елена Рогожина.

Ироуа адыррақәа адгьылҟаԥшь иамоу абиологиатә активра аилкаареи егьырҭ адгьылхқәа ирҿырԥшны агәаҭареи антрополигиала зыхкеиҭаку адгьылқәа рыҭҵаараан ауаҩы аԥсабара иаиҭо аныра ахьынӡанаӡо аилкаареи рзы алшара аԥырҵоит.

Аусурақәа рымҩаԥгараҿы активра ацхыраара ҟарҵон Аԥсны анаукақәа Ракадемиа ахаҭарнакцәа. Араҟа ааигәа аҩганк алархәны анаукатә конференциа мҩаԥысит.  Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҩ-ҳәынҭқаррак рҵарауаа рԥышәеимадара мҩаԥысит, иара убас ишьақәгыларц зылшо анаҩстәи русеицура азы атема ҿыцқәа алкаахеит.

«Сара даара гәахәарыла исыдыскылоит ҳнаукатә центри Аԥсны анаукақәа Ракадемиеи аҵарадырреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи русхкы анаҩсгьы, аҭҵаара-дырратә усурақәа реицынагӡареи ахьзалыршахо. Аԥсны иҷыдоу агеографиатәи аклиматтәии ҭагылазаашьақәа инарымаданы, еиуеиԥшым анаукатә усхкқәа рҿы аексперименталтә ҭҵаарақәа рзы акыр аинтерес зҵоу ҭыԥны иаанхоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа Асубтропикатә наукатә центр адиректор, УАР академик Алеқсеи Рындин. https://subtropras.ru/2023/03/rossijskie-uchyonye-pristupili-k-izucheniyu-areala-razvitiya-krasnozyomov-v-abhazii/  


Read 380 times - Ашәахьа, 27 Хәажәкыр 2023 12:29
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.