АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Хәажәкыр.2023

ҬАРАШЬ ҲАГБА: ҲАРА ҲХЫҚӘКЫ ХАДАНЫ ИҞОУП АԤСНЫТӘИ АШЬАПЫЛАМПЫЛАСЫҨЦӘА АКОМАНДА «ЗЕНИТ» ИХАДОУ АИЛАЗААРА АЛАЛАРА РЫЛШАРТӘ ЕИԤШ АҞАҴАРА.

Аҟәа. Хәажәкырамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба ашьапылампылтә Клуб «Зенит» адиректор хада ихаҭыԥуаҩ, анагӡаратә директор Максим Погорелови ашьапылампылтә Клуб «Зенит» азыҟаҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аизырҳара ацентр адиректор Сергеи Морозови дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.  Аусуратә еилатәара мҩаԥысит хәажәкырамза  25, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩцәа Беслан Карчааи Роман Ҵкәуеи, аҿартә ҟәша анапхгаҩы Идрис Кара-Осман-оглы, Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апрезидент Шабаҭ Логәуеи уи ихаҭыԥуаҩ Анри Ҳагбеи.  

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Ҭарашь Ҳагба иҳәеит: «Бзиала Шәаабеит Аԥсныҟа, ҳара даареи ҳаигәырӷьоит араҟа иахьа шәбара. Максим Алеқсандр-иԥа, Шәареи ҳареи ҳаибадыруеижьҭеит абар шьҭа хы-шықәса ҵуеит, сара гәахәара дула исыдыскылоит ҳаибабара ахьалыршахаз.  Сара сзы акырӡа аанагоит Сергеи Иури-иԥа иахь асреи ҭелла иабжьгарақәа аиуреи рзы алшара ахьсымоу. Шәара сара саҵкьысгьы аԥсуа шьапылампыл аҭоурых жәдыруеит. Уи даара ибеиоуп. 

Ашьапылампыл Аԥсны ахаангьы апопулиалра зҵаз амассатә спорт хкны иҟан, аԥсуа шьапылампылтә школ Асовет Еидгыла аҿы иреиӷьу школны иҟан. Ҳара уи ҳазгәдуны ҳаҟоуп. Уажәгьы ари аспорт ҳкы ҳтәылаҿы зегьы реиҳа бзиа ирбо аспорт хкны иҟоуп».

Ҭарашь Ҳагба Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилаки  ашьапылампылтә Клуб «Зенити» рыбжьара аусеицура алҵшәа бзиақәа шаанарԥшуа, Аԥсны ашьапылампыл аҿиаразы  хра злоу импульсны ишыҟало азы агәрагара шимоу азгәеиҭеит. 

Анаҩс Ахылаԥшырҭа анапхгаҩы асасцәа дыдирдырит Аԥсны ашьпылампыл Афедерациа апрезидент Шабаҭ Логәуа.

«Иахьа дҳадгыланы аус иуеит Шабаҭ Логәуа. Уи ааигәоуп ари аҭакԥхықәра зцу аусураҿы данышьақәдырӷәӷәа. Иара иахьа атәыла аҿы ашьапылампыл аҿиара инапы алакуп. Ҳара иҳалшо ала уи аус аҿы ацхыраара иаҳҭалоит», - ҳәа иҳәеит Ҭарашь Ҳагба.

Максим Погорелов, Аԥсныҟа аара дара рзы  есымша гәахәара дууп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. 

«Даара ибзиоуп ҳара ари зеиӷьаҟам атәыла ахь ҳаара аҿы иҳацзраауаз ауаа иахьа русуратә уалԥшьа иацу аҭакԥхықәра ахьазҳауа. Убри аҟнытә сара агәрагара сымоуп шәара ари аҭыԥ ҿыц аҿы аихьӡарақәа шышәзыԥшу, шәыгәҭакқәа зегьы шынагӡахо. Ҳара ҳахәҭаала, зегьы иҳалшо ала ацхыраара аҟаҵара ҳазхиоп, иахьышәҳәо ҳаҟоуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Максим Погорелов иара убас Аԥсны Ашьапылампыл Афедерациа ахада ҿыц ганарацәала  адгылареи ацхыраареи ширҭало азгәеиҭеит. 

«Сара агәраганы сыҟоуп, Ҭарашь Мирон-иԥа (Ҳагба – Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа ԥыхьатәи апрезидент – ред. АП) хра злоу аусура шынаигӡаз, Афедерациа аҭагылазаашьа бзиа аманы ишаанижьыз. Ҳара аринахысгьы иазԥхьагәаҳҭахьо апроектқәа реицынагӡара ҳазхиоуп», - ҳәа иҳәеит  Максим Погорелов. 

Ахәҭакахьала, Шабаҭ Логәуа Ашьапылампылтә Клуб «Зенит» аус ацура ишацҵахо азы агәыӷра шимоу ааирԥшит.

Сергеи Морозов шықәсы рацәа инеиԥынкыланы Аԥснынтәи адгылара рызҭо зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Ҳара иалкаау аԥышәа ҳамоуп, ҳара актәи аетап аҿы иҟаҳҵаз митәык ирацәмзаргьы, ҳаԥхьаҟа ҳагәҭкқәа рынагӡара хымԥада иҳалҳаршоит. Уи шәара уи азы агәазыҳәара ахьшәымоу азы ауп  хымԥада изыҟалогьу. Ашьапылампылтә Клуб, уи анапхгаҩы аԥхьа днаргыланы, ари аусура ацҵара азы агәҭакқәа амоуп, уи иаанагогьы ҳара уи азы иахәҭоу алшарақәагьы ҳамоуп: ауаа ҳамоуп, «Зенит» хатәгәаԥхарала ацхыраара ҳаҭара иазхиоуп, аԥсуа спорт аҿы иҟоуп аусуралшара змоу аҿари адырреи аԥышәеи змоу анапхгаҩцәеи», - ҳәа иазгәеиҭеит Сергеи Морозов.

Ишдыру еиԥш, Аԥсны абар шьҭа хышықәсоуп аус ауеижьҭеит ашьапылампылтә Клуб «Зенит».

«Ҳара ҳхықәкы хаданы иҟоуп аԥснытәи  ашьапылампыласыҩцәа акоманда «Зенит» ихадоу аилазаара алалара рылшартә аҟаҵара», - ҳәа иҳәеит Ҭарашь Ҳагба.

«Ашьапылампылтә Клуб «Зенит» аҿга аҿы аҷкәынцәа разыҟаҵара – ари раԥхьаҟа профессионалла ашьапылампыл ахы азкра хымԥадатәиуп ҳәа иаанагом. Сара сгәаанагарала, зегьы ирыцку урҭ уаа бзиақәаны иазҳарц ауп. Уи иаҵоу аҵакы акоманда хада акадртә резерв аиҵааӡара иаҵоу аҵакы аасҭа акала еиҵам», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Максим Погорелов.

Ҭараш Ҳагба асасцәа аамҭа ԥшааны иахьырҭааз азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранеишьеит. Аиҩызаратә еибабара анаҩс еиҿкааз уаххьафарала иацҵахеит.

 

 


Read 368 times - Ашәахьа, 27 Хәажәкыр 2023 12:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.