Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Адунеизегьтәи атеатр Амш — адунеи зегьы аҿы есышықәса, хәажәкыраза 27 рзы иазгәарҭо атеатр аусзуҩцәа зегьы ринтернационалтә занааҭтә ныҳәа ауп. Ари ахҭыс традициала ишьақәгылаз иаку адевиз: «Атеатр ажәларқәа рыбжьара аҭынчра арӷәӷәареи аилибакаареи рхархәага аҳасабала еиԥш» ауп.
Аныҳәа азгәарҭоит арежисиорцәа, адраматургцәа, актиорцәа, атеатралтә критикцәа, апродиусерцәа. Адныҳәаларақәа рыдыркылоит зыда иагьа игениалзаргьы аспектакль зыҟамло ауаа: аибыҭаҩцәа, арлашаҩцәа, абжьырежисиорцәа, асахьаҭыхыҩцәа, адекораторцәа, абилеҭдкылаҩцәа, амаҭәакнаҳаҩцәа (амаҭәахьчаҩцәа).
Атеатралтә ҟазара абзиабаҩцәа рзы «Атеатр Амш» убасҵәҟьа иныҳәамшны иҟоуп, избан акәзар ари амш инамаданы «акультура аныхабаақәа» рҿы еиҿкаахоит еиуеиԥшым аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа, атеатралтә фестивальқәа, театрқәк рҿы ҷыдала ари амш азы аспектакль ҿыцқәа раԥхьарбарақәа мҩаԥысуеит.
Ареспублика аҿы зынӡа аус руеит ԥшь-театрк: С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр, Ф.А.Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿартә театр, Шә.Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиа атеатр.
Аԥснытәи атеатр.
С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоуп. Атеатр ахыбра атәыла аҭоурых-культуратә ҭынха иаҵанакуеит. Шьаҭанкыла ареставрациа ашьҭахь, атеатр иуникалу архитектура ала иаднаԥхьалоит атәыла ауааԥсыра реиԥш хыԥхьаӡара рцәала асасцәеи.
Уаҳа зда ыҟам, зыжәлар атрадициақәа еиқәырханы иаазго атеатр ақәыргыламҭақәа рыла, иӡны иҟаз Аԥсны аҭоурыхтә ҟазшьақәа реиҭарҿиара алнаршоит. Иуадаҩу ашьақәгылара амҩа ианысыз Аԥсуа театр атәыла иҭышәынтәалоу символны иҟалеит. Уи амиссиа хада – аԥсуа ҟазара алагала, аҷыдаҟазшьақәа иреиуоу акәзар – асцена аҿы Аԥсны аҭоурых аарԥшра ауп.
Атеатр атруппа иалоуп 46-ҩык актиорцәа. Аспектакльқәа рықәыргылара рнапы алакуп арежиссиорцәа Валери Ақаҩба, Адгәыр Ақаҩба, Мадина Аргәыни Алхас Шамбеи. Иара убас арежиссир ҿарацәа русура азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥҵоуп. Иаагозар, Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә акультура Аинститут аужьҭымҭа Гәыдиса Ҭодуа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәиргылеит абарҭ аспектакльқәа: «Анашанатә лаба», «Арасаԥҽыгаҩ» («Щелкунчик»), «Апринц хәыҷы». Уи иара убас апроект «Аԥсуа литература ашедеврқәа» ҳәа хыс измоу апроект авторс, арежиссиорс дыҟоуп.
Дыҟоуп иара убас Ақаҩбаа рактиортәии ррежисиортәии адинастиа ацҵаҩ – Атеатралтә ҟазара аҳәынҭқарратә Институти (ГИТИС) Б. Шьукин ихьӡ зху Атеатралтә ҵараиурҭеи роужьҭымҭа Бенар Ақаҩба. Уи аспектакль «Цилиндр» аҿы арежисиор иаҳасабала идебиут қәҿиарала имҩаԥысит. Ҳаамҭазтәи аетап аҿы ишахәҭоу ала аҿиареи аусуреи иаԥырхагоу Атеатр аусураҿы ауадаҩрақәак шыҟоугьы, иуникалу амилаҭтә театр хымԥада ишеиҭаҿио, ахәаԥшцәа ишьаху ақәыргыламҭақәа рыла акыр шықәса ргәалаҟазаара шышьҭнахло азы агәыҩбара цәырҵӡом.
Атетар ахәаԥшратә зал иамоуп 700 ҭыԥ, атәарҭақәа зегьы арадиофикациа рызуп, аспектакльқәа аурыс бызшәахьы еиҭагахоит. Ахԥатәи аихагылаҿы иҟоуп Аԥсны уаҳа даҽаџьара иҟам афирма «Steinway&Sons» иҭнажьыз ароиал зыҩнагылоу азал. Зеиӷьаҟам акустика иабзоураны ари азал акамертә музыка анагӡара азы, амастер-классқәа, апоезиатә хәылԥазқәа, аӡыргарақәа, уҳәа рымҩаԥгара азы зегьы бзиа еицырбо ҭыԥны иҟалеит.
Аурыс драматә театр
Ф. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр – атәылаҿы уаҳа зда ыҟам аурыс театр ауп. Уи Аԥсны, Урыстәыла, уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәи ахәаԥшцәа адзыԥхьало хадара злоу акультуратә центр ауп.
Атеатр арепертуар урыстәылатәи, аԥснытәи, адунеизегьтәи адараматургиа иреиӷьу ахкқәа рыла ишьаҭаркуп. Атеатр арепертуалтә политика зсахьаркыратә ҩаӡара ҳараку аспектакльқәа рыла излауа ала инарҭбаау аудиториа рымҽханакра иазырхоуп. Ақәыргыларазы арҿиамҭақәа ралхраан атеатр аԥснытәии аҳәаанырцәтәии аудиториа иҵабыргу гәыкалатәи рреакциа цәырызгаша аматериал иазхьаԥшуеит.
Атеатр активла агастрольқәа нанагӡоит. 2017 шықәса инаркны Аурыс драматә театр агастрольқәа рыла ирҭааит Урыстәыла 35 қалақь, инанагӡахьеит 100 инарзынаԥшуа аспектакльқәа, урҭ ирыхәаԥшит 50 000-ҩык рҟынӡа ахәаԥшцәа. Арҭ иприциденттәу арбагақәа рҟынӡа анаӡара атеатр Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра апрограмма «Агастроль дуқәа» рылахәхара, иара убас атеатр зыхьӡ нагоу жәларбжьаратәи афестивальқәа рахь иаиуз ааԥхьареи ирыбзоурахеит.
Атеатр амиссиа – аԥснытәии урыстәылатәии акультурақәа еимаздо «цҳаны» аҟалара, Аԥсны уаҳа зда ыҟам аурыс бызшәала ицәажәо атеатр аҭакԥхықәра ду анагӡара ауп; Аԥсны ахәдуқәа, аҟазшьаҷыдақәа, адоуҳа рыла ишьаҭарку ауниверсалтә ҵакы змоу акультуратә аалыҵ аԥҵара; ахәаԥшцәа ҳаамҭазтәи атеатр иреиӷьу ахкқәа радыԥхьалара, уи аформақәеи ацәырҵрақәеи рыхкырацәара деилыркаара; Аԥсны асоциал-культуратә ҿиареи атәыла жәларбжьаратәи астатус аиӷьтәреи ралыршара.
Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр адиректор Хада Иракли Хьынҭәба иажәқәа рыла, атеатр ихадоу ҩ-ҟазшьа ҷыдак амоуп: инарыгӡо аус абзиабареи гәкала аҟазаареи.
«Ҳара ҳахәаԥшцәа бзиа иаабоит. Дара рыда – ҳара ҳхәарҭам», – ҳәа атеатр иҭышәынтәалоу аизҳазыӷьара ҵаҵӷәыс иамоузеи ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо лассы-лассы еиҭеиҳәоит активра злоу атеатр анапхгаҩы.
Искандераа, атеатр Адунеизегьтәи Амш ишахәҭоу ала асценаҿы иазгәарҭоит. Хәажәкырамза 27 рзы А. Островски ипиеса «Ахаҵа ԥшӡа» ала арежиссиор Ирина Дремова иқәлыргылаз акомедиа аԥхьарбара мҩаԥысуеит.
Аҿартә театр
Нанҳәамза 21, 2014 шықәса рзы аҿар рырҿиаратә потенциал аҿиара хықәкыс иҟаҵаны атәыла Анапхгара аҿы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аԥҵара азы Ақәҵара рыдыркылеит. Ари аӡбамҭа – Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмаа лнапхгарала арҿиаратә гәыԥ шықәсырацәала аусура иалҵшәны иҟалаз усуп.
Арепетициақәеи аспектакльқәеи рзы атруппа иҷыдоу аграфик ала ирзожьхоит Аԥснытәи адраматә театр асцена. Атеатр адиректор – Аслан Еныкь. Асахьаркыратә напхгаҩы – Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмаа.
Атеатр арепертуар аҿы иҟоуп аиҳарак ала Шекспир ирҿиамҭақәа рыла еилоу аклассика еиԥш, аԥсуа авторцәагьы уахь иналаҵаны, ҳаамҭазтәи авторцәа рырҿиамҭақәагьы. Аҿартә театр ласы-лссы агастрольқәа рахь ицоит, аиҳарак Нхыҵ Кавказҟа.
Шә. Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиа атеатр.
Атеатр аԥҵан 1955 шықәсазы. Актәи аԥхьарбараны иҟалеит аԥсуа актиор дуӡӡа, арежисиор, адраматург, Асоет Еидгыла жәлар рартист Шарах Ԥачлиа икомедиа «Ачара ду». Адраматург иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь атеатр уи ихьӡ ахырҵеит.
Ареспубликатә ҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аԥснымедиа» аколлектив атәыла атеатралтә коллективқәа зегьы ирзеиӷьанашьоит ақәыргыламҭа ҿыцқәа, акультуратә аартрақәа, инарыгӡо аусхкқәа зегьы рҿы хра злоу аҿиара, ақәҿиарақәа, аманшәалареи аихьӡара ҿыцқәеи!