АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Мшаҧы.2023

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АԤСНЫ АМИЛАҬТӘ ШЬАПЫЛАМПЫЛТӘ ЛИГА АЧЕМПИОНАТ АМҨАԤЫСРА ИАЛАГЕИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә Лига Актәи Ачемпионат аҳҭнықалақь астадион «Динамо» аҿы ихацыркхеит.

Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә Лига Актәи Ачемпионат аартра мҩаԥысит мшаԥымза 1 , Аҟәа ақалақь астадион «Динамо» аҿы. Ачемпионат рхы аладырхәуеит ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи 13 командак. 

Атурнир актәи амш азы имҩаԥысраны иҟоуп х-еиԥыларак. «Џьгьарда» акомандеи «Ешыра» акомандеи, «Аӡҩыбжьа» акомандеи «Ҷлоу» акомандеи еиԥылоит, иара убас «акомандақәа «Лыхны» «Аԥсны 2» еицыхәмаруеит.

Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә Лига – ари ҵыԥх ақыҭақәа ркомандақәа рыбжьара имҩаԥысыз Ачемпионат атрансформациа ауп.   Усҟан ичемпионцәахеит «Ҷлоу» акоманда ашьапылампыласыҩцәа, аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит акоманда «Уарча». Арҭ аҩ-командак  уажәтәи асезон азы, Амилаҭтә шьапылампылтә Чемпионат анаҩсгьы Аԥсны Ахраҿа агара азы аицлабрақәагьы ирылахәхоит.   


Read 267 times - Амҽыша, 02 Мшаҧы 2023 14:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.