Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр 90 шықәса ахыҵуеит.
Зеилазаараҿы 86-ҩык амузыкантцәа ыҟоу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр 1933 шықәсазы Амузыкатә техникум абаза аҿы иаԥҵан. Уи аԥҵаҩыс дыҟан амузыкатә усзуҩ, хылҵышьҭрала амаџьараа иреиуоу Константин Ковач.
Асимфониатә оркестр ԥыхьатәи Асовет Еидгыла акәакьқәа зегьы рҟынтәи еизгаз апрофессионалтә музыканцәа рыла ишьақәгылан. Аԥснытәи асимфониатә оркестр ареспубликабжьаратәи ахәаԥшрақәа реихшьаалақәа рыла Кавказнҭыҵ иреиӷьу аоркестрны иазхаҵан. Аоркестр арепертуар аҿы иҟан мраҭашәараевропатәи, аурыс, асоветтә, аԥсуа композиторцәа рырҿиамҭақәа злоу адунеизегьтәи аоркестртә репертуар ахазынақәа ирхыԥхьаӡалаз арҿиамҭа нагақәа.
Нестор Лакоба иҭахын аԥсуа хәыҷқәа мраҭашәараевропатәи аклассикатә музыка рҵаларц, европатәи амузыкатә инструментқәа рыла ихәмаруазарц. Уи иаан амузыкатә усхкқәа зегьы рҿы ӷәӷәала аихьӡарақәа ҟалеит. Уи иарбоу аус иаҵоу аҵаки уи анагӡаразы иҟаҵатәууи ртәы шьахәлаҵәҟьа идыруан. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аоркестр напхгара арҭон адирижиорцәа: О. Димитриади, Л. Џьергениа, А. Ҳагба, В. Аиба. 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь Асимфониатә оркестр Аԥсны Аҳынҭқарратә камертә оркестрны иҟалеит.
Уажәы аоркестр адирижиор хадеи асахьаркыратә наԥхаҩыси дыҟоуп Аԥсны жәлар рартист Терзиан Давид Вагеи-иԥа.