АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Мшаҧы.2023

ШӘАЧА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ АҲӘАА ИАԤНУ АРЕГИОНҚӘА РЫҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РУСБАРҬАҚӘА РКОМИТЕТҚӘА РЕИЛАТӘАРА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 6 рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни аҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ркомитетқәа реиԥылара.

Уи аԥхьа ақалақь-курорт ахь аусуратә еилатәара амҩаԥгара азы иааит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Краснодартәи атәылаҿацәа ала Ауабарҭа Хада, Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра  Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә округ азы Аусбарҭа Хада, Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ҟарачы-Черқессиатәи Ареспублика ала Аусбарҭа Хада ахаҭарнакцәа, иара убас афедералтә ҵакыра «Сириус» ала Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟәшеи рхаҭарнакцәа.  

Адлегациақәа рнапхгаҩцәа анаркотикқәеи арҩышьыгатә маҭәашьарқәеи изакәанымкәа реикәыршара аҿагылара, ацәгьоуратә аиерархиа аҿы акриминалтә статус аанызкыло ахаҿқәа инарыгӡо азкәанеилагаратә усура аԥхьырҟәҟәаара, иара убас аҿар рыбжьара аекстремизм апрофилактика иадҳәаланы аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи реицымҩаԥгареи  аҳәаақәа ирҭагӡаны аҩганктәи аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аилатәара ааиртит Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә округ азы Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусбарҭа Хада анапхгаҩы аполициа аинрал-полковник Сергеи Бачурин.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Вальтер Быҭәба, аиԥылара иалахәыз рахь адныҳәаларатә ажәахә ҟаҵо, Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа  ганрацәалатәи аус ацура аҵак ду шанаҭо азгәеиҭеит.  Уи иажәақәа рыла, акыр шықәса раахыс аиҩызареи агәреибагареи рыла ишьаҭарку ҩ-ҳәынҭқаррак рзинхьчаратә хылаԥшырҭақәа русбарҭақәа русеицура реалла апрофилактикатә еффект ацуп.

Аиԥылара аихшьаалақәа рыла, аделегациақәа рнапхгаҩцәа аусеицуразы аҵак ду змоу аусшәҟәқәа рнапы аҵарҩит, аинформациа, аԥышәа, анаука-ҭҵааратә усура алҵшәақәа, уҳәа  рыла аимдара азы еиқәшаҳаҭхеит, аринахысгьы адиалог ацҵара ишазхиоу азгәарҭеит.

Аҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ркомитетқәа реилатәара мҩаԥысит ԥхынҷкәынмза 24, 2010 шықәсазы «Аҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русеицура азы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит. 


Read 179 times - Амҽыша, 09 Мшаҧы 2023 21:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.