АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Мшаҧы.2023

АТӘЫЛА АНАПХГАРА АҾЫ АЕНЕРГЕТИКА АУСХКЫ АҾЫ ИҞОУ АҬАГЫЛАЗААШЬА ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Афымцамч усхкы аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара иазкын атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иахьа имҩаԥигаз аусуратә еилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Аиԥылара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Резо Занҭариа, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Хада Рамин Зингишвили, Егрытәи Аӡфымцатә Станциа адиректор Леуан Мебониеи аӡфымцатә Станциа анџьныр хада  Гииа  Хубуеи.

Аилатәара аҿы ирылацәажәеит Егрытәи аӡфымцатә Станциа акомплекс иаанашьҭуа афымцамч ашәагаақәа, аужьҭратә инфраструктура аҭагылазаашьа иадҳәалу азҵаарақәа, иара убас    2023 шықәсазы афымцач ахархәара ашәагаақәеи адефицити рзы азԥхьагәаҭарақәа ҟаҵан.


Read 571 times - Ашәахьа, 10 Мшаҧы 2023 02:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.