Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭҟәарчал ақалақь аиқәыршәазаара иазку аусурақәа мҩаԥысуеит.
Аргыларатә еилазаара анапхгаҩы Рауль Шамугиа Аԥсныпресс акореспондент диҿцәажәо Ҭҟәарчал ақалақь аҿы аиқәыршәазаара иазкны имҩаԥысуа аусурақәа ртәы еиҭарҳәеит.
«Аалӡга аӡиас ихыу ацҳа аҩганк рыла – асветофор аҟынтәи еиԥгалоу амҩанӡа ахаҳәцәы ала иаҳчаԥоит. Иара убас Ҭҟәарчал апарк хада аҭеиҭыԥш рҽеин. Апарктә мҩахәсҭақәа хаҳәцәыла иаҳчаԥеит, ахәыҷтәы хәмарырҭеи аԥкьаҭмпылтә корти ҳаргылеит, иара убас арлашага ҿыцқәа шьақәҳаргылеит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Рауль Шамугиа иажәақәа рыла, иара убас аџьармыкьеи егьырҭ аобиектқәа жәпаки реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.
«Ҳара иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп х-ҩнык рхыбрақәа рыԥсахра, афонтан аргылара Ҭҟәарчал ақалақь Ахада ахыбра аԥхьа хаҳәцәыла ичаԥахоит», - ҳәа иҳәеит иара.
Рауль Шамугиа аусурақәа зегьы ақалақь ахарџь ала имҩаԥгахоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.