Аусмҩаԥгатәқәа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа адгыларала Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакрала еиҿкаауп.
Аекспозициа аус аулоит амузеи аусуратә сааҭқәа рзы. Аҭаара хәыда-ԥсадоуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 25 инаркны лаҵарамза 2 аҟынӡа Аҟәа ақалақь, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ- аԥша Аҳәынҭқарратә музеи аҿы имҩаԥыслоит 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа иазкны еицырдыруа урыстәылатәи акинорежиссиорцәа иҭырхыз асахьаркыратә, адокументалтә, аҭоурыхтә фильмқәа дырбара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа.
Апрограмма арежиссиор Н. Лебедев иҭихыз асахьаркыратә фильм «Нюрнберг» (2023 ш.) аԥхьарбарала иаатуеит.
Аамҭак ала амузеи аҿы иаатуеит хыԥхьаӡара рацәала афотосахьақәа, архивтә документқәа, атрибунал амҩаԥысшьа иазкыз асахьақәа, уҳәа рыла ишьақәгылоу ацәыргақәҵа «Нюрнбергский процесс. Взгляд из Москвы». Ари ацәыргақәҵа анацистцәа рконцлагерьқәа рҿы иҭакыз аӷа иҿагылара иалахәыз, агәыԥмаӡа иалаз, анемец аккупациа иалаӡыз ргәалашәара анаунагӡара иазку аусура назыгӡо Александр Печиорски ифонд ала иаԥҵоуп.
Аусмҩаԥгатәқәа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа адгыларала Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакрала еиҿкаауп.
Аекспозициа аус аулоит амузеи аусуратә сааҭқәа рзы. Аҭаара хәыда-ԥсадоуп.