Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 22-23 рзы традициала имҩаԥысуа ареспубликатә хәыҷтәы шахматтә еицлабрақәа «Алашара – молодые надежды».
Актәи амш азы еицлабуан 8 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа, урҭ рхыԥхьаӡара 70-ҩык рҟынӡа инаӡон.
Аицлабрақәа рымҩаԥгара ашықәсқәа ирылагӡаны раԥхьаӡа акәны аиааира згаз зегьы аӡӷабцәа ракәхеит:
1-тәи аҭыԥ – Нила Бганба (ақ. Гагра);
2-тәи аҭыԥ – Анна Ԥалаванӡиа (ақ. Аҟәа);
3-тәи аҭыԥ – Амира Агрба (ақ. Гәдоуҭа).
Амҽыша, мшаԥымза 23 рзы, ашахматтә еиндаҭларақәа рхы аладырхәит Аԥсны арегионқәа зегьы рҟынтәи 10 шықәса зхымҵыц аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи. Урҭ рхыԥхьаӡара 70-ҩык рҟынӡа инаӡон.
Аиндаҭлара аихшьаалақәа рыла, аԥхьахәтә ҭыԥқәа абас ала еихшахеит:
Аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Армен Топчиан (Гәылрыԥшь аҳабла), аҩбатәи аҭыԥ – Георги Мирошниченко (ақалақь Очамчира), ахԥатәи аҭыԥ – Мартин Георгиан (ақалақь Гагра).
10 шықәса зхымҵӡац аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Аигиуль Џьамавова (ақ. Гагра), аҩбатәи аҭыԥ - Адриана Ладариа (ақ.Гагра), ахԥатәи аҭыԥ – Саниа Сақаниа (ақ. Аҟәа).
Аԥхьахәтә ҭыԥқәа згаз зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахеит.
Мшаԥымза 29 рзы аицлабрақәа ирылагоит 12 шықәса зхымҵыц ашахматист қәыԥшцәа. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апресс-маҵзура.