АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Мшаҧы.2023

Иахьа Аԥсны Афырхаҵа Султан Сосналиев иԥсы ҭазҭгьы 81 шықәса ихыҵуан.

Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ахьӡ-Аԥша аорден актәи аҩаӡара акавалер, аинрал-леитенант Султан Асламбек-иԥа Сосналиев иԥсы ҭазҭгьы иахьа 81 шықәса ихыҵуан. Аԥсны жәлари Аԥсны Арбџьармчқәа рыруааи рзы ари акыр зҵазкуа агәалашәаратә мшуп.

Султан Асламбек-иԥа Сосналиев диит мшаԥымза 23, 1942 шықәса рзы, Нальчик ақалақь аҿы.  

1961 -1964 шш. Сызрантәи авиациатә ҵараиурҭа аҿы аҵара иҵон.

1978 шықәсазы  Г. К. Жуков ихьӡ зху аҳаиртә хыхьчаразы арратә Академиа далгеит.

29 шықәса  рзы Султан Асламбек-иԥа Асовет Еидгыла аҳаиртә хыхьчаразы архәҭақәа рҿы  арратә маҵзура дахысуан. Аԥырҩы иҟынтәи ақәхратә ҳаирмчқәа рполк акомандаҟаҵаҩи авиацентр анапхгаҩи рҟынӡа амаҵурамҩа данысит.  

1989 шықәса рзы аполковник ҳәа арратә хьӡы иманы ԥхьатәара дцеит.  

1990 шықәсазы иара аус иуан Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу «Каббалкгражданстрой» адиректор хада ихаҭыԥуаҩыс.

1992 шықәсанӡа  Султан Сосналиев Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рконгресс арратә ҟәша анапхгаҩыс дыҟан.  

Нанҳәамза 15, 1992 шықәсазы, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аналага аҩбатәи амш азы Султан Сосналиев хатәгәаԥхарала еибашьра иаауаз ргәыԥ ицны автобус ала Гагра ақалақь аҿы    ақырҭцәа ркардон дахысны зегьы раԥхьа Гәдоуҭанӡа днаӡеит. Акадртә афицарс иҟаз, арра-академиатә зыҟаҵара змаз Сулҭан Сосналиев аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны аҭакԥхықәра ду зцыз адҵа анагӡара далагеит.  

Нанҳәамза 16, 1992 шықәса рзы Султан Сосналиев жәлар рырдыԥхьалара аштаб аиҳабыс дҟарҵеит, нанҳәамза 18, 1992 шықәса инаркны Аԥсны атәылахьчара Аҳәынҭқарратә Комитет аштаб анапхгаҩыс дыҟан. Атәылахьчара Аминистрра, Арбџьармчқәа рыштаб Хада, аԥҵарала – Аԥсны Арбџьармчқәа  рыштаб Хада анапхгаҩыс – атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс, анаҩс мшаԥымза 25, 1993 шықәса рзы Аԥсны атәылахьчара аминистрс дҟаҵан.  

«Арбџьармчқәа раԥҵареи рышьақәгылареи бџьаршьҭыхла агрессиа аҟынтәи Аԥсны атәылахьчара аиҿкаареи рҿы илагала дууи рзы», лаҵарамза 21, 1993 шықәсазы Султан Сосналиев аинрал-маиор ҳәа арратә хьӡы ианашьахеит.  

«Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәеи аӷа импыҵакыз Аԥсны атерриториеи ахақәиҭтәра иазкны ажәыларатә операциа қәҿиарала аиҿкаареи амҩаԥгареи рзы», ԥхынҷкәынмза 30, 1993 шықәсазы Султан Асламбек-иԥа аинрал-леитенант ҳәа арратә хьӡы ианашьахеит.

«Аԥсны Арбџьармчқәа раԥҵара аҿы илагалеи анаҩс бџьарлеи хыԥхьӡареи рыла акырынтә еиҳаз аӷа ииааира азы»  цәыббрамза 27, 1994 шықәса рзы Султан Асламбек-иԥа «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа арратә хьӡы ианашьахеит.

Аԥсадгьыл аҟынтәи хыԥхьаӡара рацәала аџьшьарақәа зҽаԥсазтәыз Сулҭан Сосналиев имариамыз, аха аԥышәа ду изҭаз аԥсҭазааратә мҩа данысит. Уи ианакәызаалак зегьы реиҳа иуадаҩыз аҭакԥхықәра ду зцыз ахыдҵақәа хьыӡла-ԥшала инаигӡон.

1996 шықәсазы Султан Асламбек-иԥа Арбџьармчқәа Ркомандаҟаҵаҩ Хада ирезерв ахыԥхьаӡарала Аԥсны Арбџьармчқәа рҟынтәи ԥхьатәара дцоит.  

Иарбоу апериод азы иара активла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара ихы алаирхәуан. Иқалақь гәакьа Нальчикҟа  даныхынҳә, иара далххоит Жәларбжьаратәи ачеркесстә ассоциациа апрезидент ихаҭыԥуаҩыс.

Жәабранмза 25, 2005 инаркны Султан Асламбек-иԥа арезерв аҟынтәи дырхынҳәны Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс, атәылахьчара аминистрс дҟаҵан.

Лаҵарамза алагамҭа, 2007 шықәсазы игәабзиара ахьыуашәшәырахаз инамаданы иара ԥхьатәара дцоит.  

Абҵарамза 22, 2008 шықәсазы Султан Асламбек-иԥа иԥсҭазаара далҵит.

Иԥсҭазаара зегьы хамеигӡарала Аԥсадгьыл амаҵзура иазкын.  Султан Асламбек-иԥа гәыла-ԥсыла иӷәӷәаз, аҟыбаҩ ду злаз аррадҵаҟаҵаҩны дыҟан. Иара Асовет Еидгыла Арбџьармчқәа реиԥш Аԥсны Арбџьармчқәагьы рырӷәӷәара азы иҟаиҵахьаз акыр ирацәоуп.

Аиашьаратә ҟабарда жәлари Кавказ зегьы аҵеи иаша, аинрал-леитенант иҟынӡа хьӡы-ԥшала анаӡара зылшаз иара Аԥсны даҵеины дҟалеит.  

Аамҭа аӡәырҩы рыхьӡқәа арӡуеит, ауаа, ахҭысқәа, уи моу акыр иналукаартәы иҟаз ашықәсқәа ргәалашәарагьы ахашҭра рықәуп.     Аха иҟоуп ахьӡқәа наунагӡа иҳацзаауа. Убас дыҟан дагьаанхоит Султан Асламбек-иԥа Сосналиев. 

 

 


Read 505 times - Ашәахьа, 24 Мшаҧы 2023 20:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.