АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Мшаҧы.2023

ХӘАЖӘКЫРАМЗА 1 ИНАРКНЫ МШАԤЫМЗА 13 АҞЫНӠА 30 889-ҨЫК АТӘАНЧАҨЦӘА АШӘҞӘҬАГАЛАРА ЕИҬАХЫСИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса хәажәкырамза 1, лаҵарамза 31 аҟынӡа Аԥсны еиҭамҩаԥысуеит атәанчаҩцәа  рышәҟәҭагалара. Уи азы Ақәҵара рыдыркылеит аҩаша, мшаԥымза 28 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы.  Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба аиҭашәҟәҭаҩра аихшьаалақәа рзы адырра ҟаиҵеит.  

Уи ишазгәеиҭаз ала, хәажәкырамза 1, 2023 шықәсазы ашәҟәҭагалара иахысыз атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара 49 573-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Зынӡа мшаԥымза  13 аҟынӡа аиҭашәҟәҭара иахысит   30 889-ҩык.  

Аиҳарак атәанчаҩцәа Аҟәа ақалақь аҿы ауп иахьынхо.

«Аҟәа ақалақь аҿы инхоит 11 457-ҩык атәанчаҩцәа, урҭ рахьынтә иахьазы аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 6 609, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар 57,7%. Аҩбатәи аҭыԥ аҿы иҟоуп Гагра араион, араҟа иҟоуп 7 848-ҩык атәанчаҩцәа, урҭ рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит  5 628-ҩык, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар 71,7%», - ҳәа иҳәеит иара.

Гәдоуҭа араион аҿы инхоит 7 976 –ҩык атәанчаҩцәа, урҭ рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 5 486 –ҩык (68,8%).

Аҟәа араион аҿы иҟоуп 2570-ҩык атәанчаҩцәа, урҭ рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 1 912-ҩык  (74,4%).   

Гәылрыԥшь араион аҿы инхо 3430-ҩык атәанчаҩцәа рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит  2 259-ҩык  (65,9%).

Очамчыра араион аҿы инхоит 5 533-ҩык атәанчаҩцәа, урҭ рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит  3 356-ҩык (60,7%).

Ҭҟәарчал араион аҿы инхоит 4403-ҩык  атәанчаҩцәа. Урҭ рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 2 639-ҩык (59,9%); 

Гал араион аҿы инхо 6356-ҩык атәанчаҩцәа рҟынтәи аиҭашәҟәҭаҩра иахысит  3 000-ҩык (47,2%). 

Аиҭашәҟәҭаҩра ахықәкы хаданы иҟоуп – ареспублика асоциалтә еиқәыршәара аҟәшақәа рҿы ашәҟәы иҭагалоу атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара цқьа аилкаареи ашьақәырӷәӷәареи, иара убас зыԥсҭазаара иалҵхьоу, аха убри аан уи азы адыррақәа ашәҟәы иҭагаламкәа иаанханы иҟоу атәанчаҩцәеи атәанчаҩратә еиқәыршәара алзымыршо егьырҭ ахҭысқәеи раарԥшреи.

Аиҭашәҟәҭаҩра иахымсыз атәанчаҩцәа  атәанчахәы аиуразы асиақәа ианыххоит. Ианаамҭоу аиҭашәҟәҭаҩра иахымсыз атәанчаҩцәа ртәанчахәы анаанкылаз амш инаркны ирызшәахоит, аха убри аан уи 6 ртәы еиҳахом. Иарбоу аҽҳәара анаҩс ашәатәқәа мҩаԥгахоит атәанчаҩы хаҭала арзаҳал аналеиҵа ашьҭахь.

Ашәҟәҭагалара анаҩс асоциалтә еиқыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра аминистрцәа Реилазаара ахь уи алҵшәақәа рзы адыррақәа нанашьҭуеит.  

Ақәҵара анагӡара азы ахылаԥшра идҵоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов.

 

 


Read 429 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.