АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Мшаҧы.2023

АԤСНЫ ИНАГӠАХО АИНВЕСТИЦИАТӘ ПРОЕКТҚӘА АҲӘЫНҬҚАРРА АҞЫНТӘИ АДГЫЛАРА АИУР АЛШОИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Мшаԥымза 14 инаркны «2022-2025 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара» азы аҳәынҭқарратә программа алахәхара азы Аԥсны атәылауаа рҟынтәи азыҳәамҭақәа рыдкылара иалагоит.  

Апрограмма Аԥсны инагӡахо аинвестициатә проектқәа аҳәынҭқарратә дгылара рыҭара азԥхьагәанаҭоит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аекономика Аминистрра асаит.  

Апрограма алахәхара азы азҵаарақәа рганахьала Аԥсны аекономика Аминистрра иатәу аҳәынҭқарратә аинвестициатә агентра ахь адҵаалара ҟалоит. Уи аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩа, аҩны № 16, абизнес-центр «Гәдоу Плаза», 3-тәи аихагыла, аофис 3.3).

Ԥхынҷкәынмза 30, 2022 шықәса рзы аминистрцәа Реилазаара аҿы «2022-2025 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы аҳәынҭқарратә программа» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны инагӡахо аинвестициатә проектқәа аҳәынҭқарратә дгылара аҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рзы» Ақәҵара рыдыркылеит.   

 


Read 361 times - Ахәаша, 14 Мшаҧы 2023 18:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.