АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Мшаҧы.2023

АԤСНЫ АПРОКУРАТУРА АУСЗУҨЦӘА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АУСЕИЛЫРГАРАТӘ КОМИТЕТ АҾЫ АЗАНААҬДЫРРА АҨАӠАРА АШЬҬЫХРА АКУРСҚӘА ИРХЫСИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокуратура Хада ахаҭарнакцәа аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рзинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа рзы азанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра апрограммақәа рыла аҽазыҟаҵарақәа ирхысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Ҳазҭоу ашықәс, хәажәкырамза 27 инаркны  31 аҟынӡа, Аусеилыргаратә усбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, Апрокуратура Хада аусеилыргаратә ҟәша аиҳабы Амҷба И.Ш. Урыстәылатәи Афедерациа Аусеилыргаратә комитет Санкт-Петербургтәи академиа аҿы апрограмма «Ацифратә валиутеи ацифратә финанстә активқәеи рхархәарала инагӡаз ацәгьоурақәа раарԥшреи реилыргареи» ала аҿазыҟаҵара дахысит.

Хәажәкырамза 27 инаркны мшаԥымза 7 аҟынӡа Урыстәылатәи Афедерациа Аусеилыргаратә комитет Москватәи Академиа аквалификациа ашьҭыхра афакультет аҿы апрограмма «Акриминалисттә техника алшарақәеи уи ахархәара атактикеи» ала аҽазыҟаҵарақәа ирхысит Аԥсны Апрокуратура Хада Аусеилыргаратә комитет апрокурор  Амҷба А. Л., Аҟәа ақалақь апрокуратура аусеилыргаҩ-криминалист еиҳабы Дгьебиа А. А., иара убас Аҟәа ақалақь апрокуратура аусеилыргаҩ еиҳабы  Цушба Б.  Б.

Аҵараҿы иаадырԥшыз аихьӡарақәеи аҵаратә процесс активла аҽалархәреи рзы Аԥсны Апрокуратура Хада ахаҭарнакцәа аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит.

 

 


Read 298 times - Аҩаша, 18 Мшаҧы 2023 19:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.