АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Мшаҧы.2023

АСТОЛТӘ ԤКЬАҬМПЫЛ АЗЫ АКЛУБТӘ ЧЕМПИОНАТ АЛАГЕИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 8,  2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 8 рзы Аҟәа ақалақь аҿы аусура иалагеит астолтә ԥкьаҭмпыл азы аклубтә чемпионат I атур. Уи иалахәхоит  12 командак: «Аҟәа», «ААУ,» «Ҭҟәарчал», «Очамчыра», «Аҳабла Ҿыц», «Ахәмаррақәа рзы Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ», «Гал», «Гагра», «Ауарашршыга зауад» «Самырзакан», «Апрогресс», Арацәаҵхҩы», ҳәа иаанацҳауеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.

Астолтә ԥкьаҭмпыл азы Афедерациа апрезидент, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Карчаа иажәақәа рыла, аицлабрақәа ф-турк рыла имҩаԥгахоит.

«Агәыӷра ҳамоуп ахәмаррақәа ҵыԥх аасҭа еиҳа аинтерес аҵаны имҩаԥысып ҳәа», – Ачемпионат аартра ацеремониа аҿы дықәгыло иҳәеит Беслан Карчаа.

Ачемпионат аӡбаҩ хада - Руслан Сариан.

Аиҿкааҩцәа – Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны астолтә ԥкьаҭмпыл азы Афедерциеи.


Read 652 times - Ашәахьа, 10 Мшаҧы 2023 03:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.