
pressadmin-2
Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Жәларбжьаратәи атурнир «Ажәларқәа реиҩызара».
Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы, нанҳәмза 23 рзы аусура иалагеит зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Жәларбжьаратәи атурнир «Ажәларқәа реиҩызара».
Уи рхы аладырхәуеит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи, Ҟабарда-Балкариатәи ақалақь Бексан, Ареспублика Даӷьсҭан, Краснодартәи атәылаҿацә, Шәача ақалақь, Адыгеиатәи Ареспублика, Москватәи аобласть рҟынтәи 150-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.
Аицлабрақәа 2008 - 2009, 2010 - 2011, 2012 – 2013 шықәсқәа рзы ииз арԥарцәа рыбжьара имҩаԥысуеит.
Атурнир аартра иазкны имҩаԥгаз аныҳәатә церемониа аҿы атурнир алахәылацәеи асасцәеи бзиала шәаабеит ҳәа рарҳәеит аспорт азы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Ахра Ашәба, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа анапхгаҩы Ельза Ҳагба, иара убас атурнир аӡбаҩ хада Алихан Карацев.
Курсктәи аибашьра алагара 80 - шықәса иазку ацәыргақәҵа «Закат Цитадели» Аҟәа ақалақь аҿы иаатит.
Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ацәыргақәҵа «Закат Цитадели» нанҳәамза 23 азы В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны иаатит. Уи аартра асовет аруаа рфырхаҵареи ргәымшәареи рхачҳареи реицамкреи ирсимволны иҟалаз илегендатәу Курсктәи аибашьра иазкхеит.
«Ари ацәыргақәҵатә проект вермахт ажәыларатә операциа «Цитадель» ампыҵахаларатә гәҭакқәа ҵызшәааз, анемец архәҭақәа ажәыларатә стратегиатә инициатива зынӡа ихзырбгалаз, 1943 шықәса, ԥхынгәымза 5 инаркны нанҳәамза 23 -нӡа ицоз Курсктәи аибашьра аан ишьаарҵәыраз аидысларақәа ирылахәыз асовет аруаа рфырхаҵара атәы ҳнарбоит», — ҳәа иазгәарҭоит Аиааира Амузеи ахаҭарнакцәа.
Иракли Хьынҭәба: «Ҳара акаҿы ҳашьҭаханы ҳҟамлароуп».
Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. /Алеқсеи Шамба/. Ф.Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр адиректор Хада Иракли Хьынҭәба ахаша, нанҳәамза 23 рзы апресс- конференциа мҩаԥигеит. Араҟа уи атеатр изаамҭанытәиу аусура атәы, ҳаԥхьаҟа имҩаԥысраны иҟоу аԥхьарбарақәеи цәыббрамзазы иазԥхьагәаҭоу Григори Козлов инапхгарала аус зуа Санкт-Петербург ақалақь атеатр «Мастерская» Аԥсныҟа агастрольқәеи ртәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит.
Иракли Хьынҭәба, Ф.Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр (РУСДРАМ) актавла абар шьҭа бжьышықәса ирылагӡаны аус ауеит ҳәа иазгәеиҭеит. Ари аамҭа иалагӡаны атеатр аусура аҩаӡара аларҟәра алзмыршо ашьаҭа акра алыршахеит. Уи убри аан атеатр амаҵзурақәа зегьи актиорцәа рыпрфессионализм азҳара ишаҿу азгәеиҭеит.
Уи иацхраауеит есымша аспектакльқәа рырбара ахьалыршоу.
«Фазиль Искандер итеатр – ари ихьыԥшым аҳынҭқарра аҳҭнықалақь атеатр ауп, убри аҟнытә ҳара акаҿы ҳашьҭаханы аҟалара азы азин ҳамаӡам», – ҳәа иҳәеит иара.
Ҳазҭоу ашықәс азы ахәаԥшцәа идырбан аспектакльқәа «Софичка», «Ахаҵа ԥшӡа», «Аԥра цәаԥшьқәа», «Ашәахәақәа рыҩныҵҟа», «Оз атәыла аҟынтәи ахынҳәра», «Роман с кокаином». Урҭ зегьы Аԥсны адагьы уи анҭыҵгьы, ахәҭакахьала Урыстәыла аншлаг ацны имҩаԥысуеит.
Атеатр адиректор Хада ишеиҭаиҳәаз ала, ҳазҭоу ашықәс мшаԥымзазы Москвеи Санкт-Петербурги ақалақьқәа рҿы Беслан Агрба напхгара зиҭо Москватәи аԥсуа диаспора адгыларала қәҿиарала имҩаԥысит агастрольқәа. Лаҵарамзазы атеатр аспектакль «Солярис» ала Архангельск ақалақь ахь ицеит, рашәарамзазы агастрольқәа мҩаԥысит Горно-Алтайск, Набережные Челны, иара убас Новокузнецк ақалақьқәа рҿы. Цәыббрамза 22 рзы атеатр Иркутск ақалақь ахәаԥшцәа иднарбоит аспектакль «Солярис», жьҭаарамза 1 азы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуеит аспектакль «Ашәахәақәа рыҩныҵҟа» арбара, абҵарамзазы аурыс драматә театр Санкт-Петербург ақалақь аҿы ихәмаруеит аспектакль «Аԥынгыларақәа зегьы ириааиуа агәырӷьара» («Радость вопреки всему»).
Иракли Хьынҭәба, агастрольқәа зегьы рфинанстәра издызкыло аган ала имҩаԥысуеит, иара убри ала Аԥсны абиуџьет аҟынтәи ахарџьтә қәыӷәӷәара ҳәа акгьы ацӡам ҳәа иазгеиҭеит. Убри аан уи аҳәынҭқарра атеатр ахыбра ҭеиҭыԥшлатәи аиҭашьақәыргылара аҿы иҟанаҵаз ацхыраара азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.
«Аӡәгьы ирџьареи акритика изуреи аҭахӡам. Зегьы ирыцку – доусы инапы злаку аус ибзианы анагӡара ауп», – ҳәа иҳәеит иара.
Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк адиректор: ахаҳәлеира лассы-лассы аҟалара ашыц аҩара ауп изыдҳәалоу.
Аҟәа. Нанҳәамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәа аҿы ахаҳәлеира лассы-лассы аҟалара Риҵатәи ареликтә милҭтә парк иахьаҵанакуа ашыц аҩара ауп изыдҳәалоу, ҳәа амедиа-клуб «Апсны.иахьа» акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк адиректор Адамыр Багаҭелиа.
Уи иажәақәа рыла, араҟа, аиҳарак аҩхааҭшәа аҿҟьарсҭақәа рҿы акыр еилачны изызҳауаз ашыц адацтә система ибзианы ашьхараҿы адгьылҳәазара аҟынтәи иахьчон.
Урыстәыла абылтәы ахәԥса абиржатә зҳара иадҳәалоу аҭагылазаашьа ҩаԥхьа ишьақәгылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла абылтәы ахәԥса абиржатә зҳара иадҳәалоу аҭагылазаашьа ҩаԥхьа ишьақәгылеит.
Санкт-Петербургтәи жәларбжьаратәи атауар-аӡатә биржа адыррақәа рыла, абылтәы ахәԥса арекордла аизҳара иаҿуп. Еиҳа ипопулиару абылтәы маркақәа ҩба аҭоурыхтә хәыԥсатә максимум инеиԥынкыланы жә-хәаахәҭратә сессиақәа рҿы ишьақәдыргылеит.
Санкт-Петербургтәи жәларбжьаратәи атауар-аӡатә биржа аҿы абылтәы Аи-95 литрак ахәԥса нанҳәамза 18 рзы имҩаԥгаз ахәаахәҭрақәа реихшьаалақәа рыла, тоннак азы 70 нызықь мааҭ адгаларала ҩымш инеиԥынкыланы ахәԥсатә рекорд арҿыцуан.
Ашьаура гәҭакыс иҟаҵаны иҟалаз ауаҩшьра азы ашьаусеилыргара Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инашьҭуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 22, 2023 шықәсазы ахәаԥшразы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инашьҭын Кәакәасқьыр Саҭбеи Закан-иԥа иганахьала ихацыркыз ашьаура гәҭакыс иҟаҵаны Анқәаб Раџьаб Шьоҭа-иԥа ишьреи, иара убас абџьари уи азы аџьаԥҳани изакәанымкәа раахәареи рныҟәгареи рыҵәахреи рзы азы ашьаусеилыргара.
Араҟа зыӡбахә ҳәоу Аԥсны Ашьаусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 217, ахәҭа 1, иара убас ахәҭаҷ 99, ахәҭа 2 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоурақәа роуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит апрокуратура Хада аофициалтә саит.
Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада иазоурыжьит ирласу амедицинатә цхырааразы иҿыцу автомашьына.
Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра Очамчыратәи ахәышәтәырҭа иазоунажьит ирласны амедицинатә цхырааразы ҳаамҭа иақәшәо автомашьына ҿыц, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Иҿыцу, ирласы амедицинатә цхырааразы ҳаамҭа иақәшәо аиқәыршәагақәа рыла еибыҭоу автомашьына «Тойота-Хайц» ацыԥхақәа Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадонна Кьышьмариа лнапы иаиркит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
«Ҳара иаабоит Мрагыларатәи Аԥсны иахьаҵанакуа атуризм аҿиара ишаҿу. Иҿыцу атуристтә обиектқәа раартрала ҳтәыла ари ахәҭа иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡараакыр иазҳаит. Ауа еиҳа лассы-лассы амедицинатә цхырааразы иадҵаало иалагеит, иара убри ала амедусбарҭа иамоу ақәыӷәӷәара акыр иазҳаит. Автомашьына ҿыц азоужьра акыр иаҭахханы иҟалеит. Аԥсны агабзиарахьчара Аминистрра аҿы Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада азы ирласу амедицинатә цхырааразы ҳаамҭа иақәшәо автомашьына «Тойота-Хайц» аахәаразы аӡбамҭа рыдыркылеит. Шьҭарнахыс уи Очамчыра араион ауааԥсыра реиԥш аԥсшьаҩцәеи атуристцәеи рыԥсҭазаареи ргәабзиареи реиқәырхараҿы аҳақьымцәа акыр ирахәылоит», – ҳәа иазгәеиҭеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Очамчыратәи ахәышәтәырҭа аколлектив азы ари даара игәырӷьараз, аха изқәымгәыӷуаз хҭысны иҟалеит.
Харитон Агрба панаматәи абоксиор диндаҭлоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Харитон Агрба абокс ахәылԥаз RCC Boxing Promotions аҳәаақәа ирҭагӡаны, цәыббрамза 8 рзы Челиабинск ақалақь аҿы панаматәи абоксиор диндаҭлоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.
Уи дицлабуеит 31-шықәса зхыҵуа Панаматәи аспортсмен Алеқсандр Диуран. Иара зынӡа имҩаԥигахьеит 21еиндаҭлара, урҭ рахьынтә быжьҩа анокаут ала ихыркәҳахеит. Аиҳарак иара иԥсадгьыл аҿы ауп аиндаҭларақәа ахьымҩаԥигоз, аха Мексикаҟагьы дцаны аиндаҭларақәа мҩаԥигахьеит. Уаҟа Алеқсандр Диуран раԥхьаҟа даҵахеит, уи адагьы уаҳа еиндаҭларак аҿы даҵамхаӡац. Ус ишыҟоугьы, Алеқсандр Диуран маҷӡак ауп игхаз адунеизегьтәи топ-100 аҟнӡа анаӡаразы, Харитон Агрба дииааир, усҟан иара ари аелитатә сиа далалоит.
Пыв аҩхааҿы игылоу, ааигәа еиҭашьақәыргылаз асовет аруаа рбаҟа аартра мҩаԥгахоит нанҳәамза 24 рзы.
Аҟәа. Нанҳәамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Амультимедиатә пресс-центр Sputnik-Аԥсны аҿы имҩаԥысит Пыв аҩхааҿы игылоу, ааигәа еиҭашьақәыргылаз, 1942 – 1943 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан Кавказ ахьчаразы иҭахаз асовет еибашьцәа рбаҟа аартра иазку апресс-конференциа.
Афонд «Платформа» анагӡаратә директор Дмитри Статеинов иажәақәа рыла, абаҟа аиҭашьақәыргылара Кавказ ахақәиҭразы аидыслара 80-шықәса ахыҵра иазку аҭоурых-арра-патриоттә проект «Кавказский фронт» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан.
«Абаҟа аиҭашьақәыргылара ҩымчыбжь-хымчыбжь заҵәык рыла иалыршахеит. Уи Урыстәыла Приволжтәи Афедералтә округ аҿы Аԥсны ҳаҭыр зқәу аконсул Владимир Литвинчуки атәылахьчареи акультуреи Рминистррақәа рҟынтәи иҟаҵаз адгылара иабзоурахеит. Владимир Литвинчук ишазгәеиҭаз ала, абаҟа аиҭашьақәыргылара иазкыз аусура акыр иаруадаҩуан аҭыԥ иуадаҩу арелиеф, иара убас ласы-лассы иҟалоз амшцәгьарақәа. Иара абаҟа аиҭашьақәыргылараҿы акырӡа ацхыраара ҟарҵеит атәылахьчара Аминистрра, адәныҟатәи аусқәа Рминистрра, акультура Аминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә отриад, «Амшынеиқәафымцамч» Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә отриад, Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу «Москва Аҩны», афонд «Аԥшааратә отриадқәа Реидгыла», абылтәы еилазаара «Аԥсны-Оил», Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк.
«Исымоу аҭагылазаашьа схы иархәаны, идуӡӡаны иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ацхыраара ҟазҵаз зегьы», – ҳәа иҳәеит иара.
Владимир Литвинчук Кавказ ашьхеибаркыра Хада аԥснытәи аҵакыра аҿы анемец архәҭқәа раанкылара алыршара иаҵоу аҵакы ахадара зегьы ирзеилкааӡом ҳәа иазгәеиҭеит. Клыхәратәи, Марыхәтәи, Санчартәи аҩахаақәа совет Еидгыла аладатәи ахәҭа ала афашист ирхәҭақәа рҿагылара ихадоу ҭыԥқәаны иҟалеит. Иарбоу ахырхарҭақәа рыла ауп Гитлер ирхәҭақәа Аԥсны амшын аԥшаҳәа иаԥну ақалақьқәа – Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра аҟынӡа анаӡареи, анаҩс Амшынеиқәатә архәҭақәа ргәыԥ амацәаз аҭакреи Амшынеиқәатә флот Очамчыреи Афон Ҿыци иҟоу абазақәа рымпыҵакреи гәҭакыс ирыман.
«Уи ашьҭахь аибашьра иалалар акәын Ҭырқәтәыла, уи уи аамҭазы Асовет Еидгыла аҳәаақәа разааигәахара иалагахьан, 26 инарзынаԥшуа адивизиақәа Кавказнҭыҵ аганахьала ажәылара иазхианы иҟан. Асовет архәҭақәа хацәнымырха инарыгӡаз аҽагылара иабзоураны, аӷа иаанкылареи, уимоу шьҭахьҟа ихьацареи аӷа игәҭакқәа рыԥхьырҟәҟәареи алыршахеит», – ҳәа иҳәеит иара.
Акультура аминистр Даур Ақаҩба игәаанагарала, иарбоу апроектқәа рҿы зегьы реиҳа ихадоу – аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара ауп.
«Асовет аруаа рфырхаҵара хашҭра ақәымзароуп. Ари агәалашәара биԥарак аҟынтәи даҽа биԥарак ахь аиагара ахәҭоуп», - ҳәа иҳәеит иара.
Апараланаԥырҩцәа ҩба-хԥа сааҭ инарзынаԥшуа Мамзышьха ашьха аҿы игылоу аҵла амахәқәа ирхьынҳаланы иаанханы иҟан.
Аҟәа. Нанҳәамза Сухум. 22 августа 2023. Апсныпресс. Ақалақьқәа Елеци Нижни Новгороди рҟынтәи иааз апараплан аинструктори атуристи ҩба-хԥа сааҭ инарзынаԥшуа Гагра араион Мамзышьха ашьха аҿы игылоу аҵла амахәқәа ирхьынҳаланы иаанханы иҟан, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Иҟоу адыррақәа рыла, аинцидент зыхҟьаз ашьха ақәц аҟынтәи ииашаны инагӡамыз аҵԥраара иахҟьеит. Иара убас алаҟәраан аппарат игылаз аҵла ҳарак амахәқәа иаҿаԥеит.
Гагра араион Абыолрацәыхьчара-еиқәырхаратә отриад аусзуҩцәа ахҭыс ахьҟалаз аҭыԥ аҿы инеины амашәыр иақәшәаз ауаа ацхыраара рырҭеит.