АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аекономика Аминистрра аҿы анефтьаалыҵқәа рыхәԥсақәа рганахьала ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахцәажәеит.

«Аԥсны абылтәы ахәԥса азҳара Урыстәыла аџьармыкьа аҿы иҟоу аҭагылазаашьа ишиашоу иадҳәалоуп, уи еиуеиԥшым афакторқәа рыла иаарԥшхоит.  Раԥхьа иргыланы, уи – аҭаххареи адгалареи реизышәара ауп, анефть ахәԥса, адоллар акурс, Анефть аусдуларатә Зауадқәа рҿы планла иазԥхьагәаҭоу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара, ашәахтә қәыӷәӷәара аҩаӡара, абылтәы азы аҭаххара есымшагьы иацызҵо аԥхынтәи аԥсшьараамҭатә сезон», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны аекономика Аминистрра иҟанаҵо аҳәамҭа аҿы.

Убас,  2023 шықәса алагамҭазы Урыстәылатәи Афедерациаҿы абылтәы амарка АИ-92 литрак аахәаразы ишәатәхон: жәабранмза-хәажәкырамзазы – 33,50 – 35,0 мааҭ, мшаԥымзазы - 40,0 - 41,60 мааҭ, ԥхынгәымза-нанҳәамзазы - 51,0 - 52,0 мааҭ рҟынӡа.  

Атауарқәа рыхәҳаахәҭразы арежим азы Аԥсны Урыстәылеи ирыбжьоу Анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылоу Аԥсныҟа анефтьаалыҵқәа абаџь ахшәаарада раагара амеханизм аус ауеит, аха аҳазылхратә баџь илаҟәу аҩаӡара –  тоннак азы 5 долларк, мамзаргьы   тоннак азы 500 мааҭ, анефтьаалыҵқәа аҵыхәтәантәи рыхәԥса ашьақәыргылараҿы иааубаратәы анырра анаҭаӡом.

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 17 – 21 рзы Казань ақалақь аҿы имҩаԥысуеит адипломат ҿарацәа еидызкыло  VI Аглобалтә форум. Уи рхы аладырхәуеит 40 тәыла рҟынтәи алахәылацәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥснытәи аделегациагьы.

Афорум атема хаданы иҟоуп иҿыцу азинеиҟаратә дунеи адипломатиеи ҳаамҭазтәи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҿы аинформациатә шәарҭадареи.

«Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит адипломат ҿарацәа Жәларбжьаратәи рассоциациа алахәыла ҿыцқәа рыдкылара иазку аофициалтә церемониа, иара убас хазы игоу аделегациақәа рыбжьара аҩганктәи аконсультациақәа мҩаԥгахоит. Афорум аусура аҵыхәтәантәи амш азы аихшьаалатә усшәҟәы анапаҵыҩра мҩаԥгахоит. Уи Урыстәылеи уи апартниорцәеи жәларбжьаратәи амшхәаԥштә иаҵанакуа азҵаара хадақәа рзы еиқәышаҳаҭу разнеишьақәа аанарԥшуеит, иара убас адипломат ҿарацәа атәылақәа рыбжьара аусеицура арӷәӷәара азы еффективла иҭышәынтәалоу акоммуникациа ашьақәыргылара ишазхиоу арҵабыргуеит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит агазеҭ «Республика Татарстан».

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи афорум “Аԥсны. Урыстәылатәи Афедерациа ала ареспублика ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 15 шықәса аҵра» Аҟәа ақалақь аҿы аусура иалагеит.

Афорум алахәылацәа ауаажәларрақәа рконсолидациа аҿы аҭоурыхтә гәалашәара ароль, еиҵагыло аҿар апатриотизм рылааӡара иаҵоу аҵакы ахадара, Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аинформациатә усеицура аперспективақәеи аԥышәеи, уҳәа атемақәа жәпакы ирылацәажәараны иҟоуп.

Афорум аартуа, жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет  апроректор Максим Ӷәынџьиа, астол гьежь аҳәаақәа ирҭагӡаны, дара «ҳаԥхьаҟатәи аамҭа рхахьы иааганы Урыстәылеи Аԥсни – ҳаԥхьаҟа хра злоу аиҭакрақәа шыҟало, адунеи аҿы имҩаԥысраны иҟоу апроцессқәа аҩганк рзы феида аланы, аусеицура акәзар, ес еиҵагыло абиԥара реизҳазыӷьара иазырханы ишыҟало  агәра зго, ихьыԥшым, ззинқәа еиҟароу аҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьақәа иамоу аперспективақәа азԥхьабара рҽазыршәоит» ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Сухум. августа 2023. Апсныпресс. Нанҳәамза 22 рзы  Р. Гәымба ихьӡ зху  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы Москватәи акәашара атеатр «Гжель» аконцерт  мҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.

Аусмҩаԥгатә  Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеит 15-шықәса аҵра иазкны имҩаԥысуеит. Аконцерт алагара аамҭа - 19:00 рзы, аҩналара хәыда-ԥсадоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҩыжәи хԥа шықәса раԥхьа, нанҳәамза 15, 2000 шықәса рзы, Аҟәа ақалақь, асааҭ жәеиза рыбжа инарзынаԥшуа, ишьҭахьала еихсны дыршьит иналукааша ауаажәларратәии аполитикатәии аусзуҩ, Аԥсны Жәлар Рфорум анапхгаҩцәа иреуаз, Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет - Апарламент  актәи ааԥхьара (1991 – 1996 шш.) адепутат, азиндырҩы, ауаҩзинхьчаҩы Зураб Ачба (жәабранмза 23, 1950 ш. – нанҳәамза 15, 2000 ш.).

Есышықәса ари амш аҽны, ахәылбыҽха асааҭ  22:30 рзы  Зураб Ачба ишьра ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы еизоит уи иуацәеи иҭынхацәеи иҩызцәеи, дыздыруаз зегьи.  Урҭ Зураб Ачба игәалашәара иазкны ацәашьқәа адыркуеит, ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Ачба Зураб Константин-иԥа (жәабранмза 23, 1950 шықәса рзы -  нанҳәамза 15, 2000 шықәса) - иналукааша ауаажәларратәии аполитикатәии аусзуҩ, Аԥсны Жәлар Рфорум анапхгаҩцәа иреуаз, Ареспублика Аԥсны Ириеҳаӡоу Асовет- Апарламент  актәи ааԥхьара (1991 – 1996 шш.) адепутат, азиндырҩы, ауаҩзинхьчаҩы. 

Диит жәабранмза 23, 1950 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы. Далгеит Н. Лакоба ихьӡ зхоу Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №10.  

1967 шықәсазы дҭалеит Москватәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә фыкультет. Уи даналга ашьҭахь Аԥсны еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи рҿы   аиуристконсулс аус иуан. 

1989 шықәса инаркны – Аԥсны Жәлар Рфорум ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Зеиԥшыҟам аоратор, аполемист, 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраанӡа аԥсуа-қырҭуатә еиҿцәажәарақәа активла ихы алаирхәуан.

1991-1996 шш – Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак-Апарламент адепутат.

1993 шықәсазы Ареспубликабжьаратәи адукатцәа рколлегиа алахәала, аиуристтә абжьгарҭа № 24 (ақ.Москва) анапхгаҩы.

1999 - 2000 шш. – Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаареи Европатәи атәылақәа Реидгыла ашәарҭадара Ахеилаки ауаҩы изинқәа рзы Аҟәатәи аофис аконсультант. Иара убри аамҭазы иара убасҵәҟьа ихы ааирԥшит апублицист иаҳасабала. Иматериалқәеи истатиақәеи  кьыԥхьхон «Нужная газета» аҿы. Акритикатә ажәахәқәа рыла дықәгылон Ареспублика Аԥсны аофициалтә напхгараҭара ахаҭарнакцәа рганахьала.

Дыршьит Аҟәа ақалақь аҿы, нанҳәамза 15, 2000 шықәсазы. Зураб Ачба дызшьыз иахьа уажәраанӡа иаанкылареи ихьырхәреи залыршам.   

***   ***   ***

Зураб Ачба иҳәамҭақәа рҟынтәи:

«Аоппозициа аиашазы есымша аконцептуалра аныԥшуазароуп, ауаажәларра ирыднагалозароуп иҟоу апроблемақәа рыӡбаразы атәыла анапхгара азнеишьақәа иреиԥшым альтернативақәа.  Аргамареи атәылауаа активла имҩаԥырго ауаажәларратә усуреи ҳҳәынҭқаррара аиҭашьақәыргылара алзыршо акакәны иҟоуп.  Избан нас, иреиӷьу ҳҵеицәа ршьала аԥсуа ҳәынҭқарра аҟазаара азы азин  анҳаугьы, ҳауаажәларра уи аԥсҭазаара алахәхареи азыҳаҵҳаҵареи рмыцхәрас, уи аԥеиԥш зхы иазеиӷьу мацара иашьҭоу аҭыԥантәи абиурократиа анапы изанаҳҵари? (Астатиа «Наша реальная жизнь и наша конституция существуют в разных измерениях» аҟынтәи).

Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Қырҭтәыла, Еиду Америкатәи Аштатқәа ианаҭо адгылара ахы иархәаны, Аԥсни жәларбжьаратәи апартниорцәеи рдиалог аԥырхагахаразы аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит. Урҭ ареспублика аккупациа зызу аҵакыраны ирыԥхьаӡоит иара убри асахьа адунеитә арена аҿы аларҵәара мҩаԥыргоит», ҳәа нанҳәамза 17 рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.  

«Ҳара урҭ абас еиԥш аҭак раҳҭоит – ҳара ҳхы ҳақҵәиҭны ҳиит убасҵәҟьагьы ҳхы ҳақәиҭны ҳаҟазаауеит. Ҳара зқьышықәсала иҟоу ҳҳәынҭқарразаара аринахысгьы иацҵахоит», -ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Уи Аԥсны Ареспублика Белорусь, Шьамтәыла, Еиду Арабтәи Емиратқәа, уҳәа Ааигәа Мрагыларатәи атәылақәеи Африкеи Лаҭынтәи Америкеи ртәылақәа адиалог рыбжьаҵаразы активла аусура мҩаԥнагоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымреи аҳәынҭқарратә суверенитети разхаҵара ҟалеижьҭеит  15 шықәса аҵра амш аламҭалазы атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аусзуҩцәа ицны араионқәа рҿы аитәылауаа, араионқәа рхадарақәеи реизарақәеи рхаҭарнакцәеи аҿари дырԥылараны дыҟоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризм аминистр Ҭеимураз Хьишба аекскурсиатә маҵзурақәа назыгӡо аиҿкаарақәеи хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәеи Риҵаҟа ицо амҩала иҟоу Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәа аҿы атранспорт аанкылареи атуристцәа (аекскурсиамҩаԥгаҩцәа)   рҭыҵреи рақәиҭымтәра иазкны инапы зҵаиҩыз Адҵа далацәажәеит.

«Ҳазҭоу ашықәс рашәарамзазы Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәа аҿы аҷыдалкаатә хҭыс ҟалеит. Ахаҳәлеира иахҟьаны дҭахеит 1996 шықәса рзы ииз атурист Вишниаков Владислав Сергеи-иԥа. Уи ицыз 28- шықәса зхыҵуа Пенза ақалақь инхо аԥҳәыс лшьапы ԥҵәеит, уи ахәышәтәырҭахь днаган.

Даҽа амашәыртә хҭыс ҟалеит нанҳәамза 11 рзы, усҟан ибӷаз ахаҳәқәа амаршруттә такси иақәҳаит.   Усҟан Анцәа иџьшьаны аӡәгьы ааха имоуӡеит.

Апрофильтә хылаԥшырҭақәа рҿы аилацәажәарақәа рымҩаԥгара ашьҭахь ҳара ҳтәылауааи арахь ԥсшьара ҳәа иаауа атуристцәеи ргәабзиареи рыԥсҭазаареи аиқәырхара хықәкыс иҟаҵаны Риҵаҟа ицо амҩала иҟоу Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәаа аҿы атранспорт аанкылареи атуристцәа (аекскурсиамҩаԥгаҩцәа)   рҭыҵреи рақәиҭымтәра иазкны Адҵа аҟаҵаразы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит», –  ҳәа иҳәеит аминистр.

Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 17, ашьыжьымҭан, асааҭ 07:20 рзы хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа гәыԥҩык Аужьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ Риҵа аҿы амҩа адыркит. 15 - ҩык рҟынӡа аусдкылаҩцәа, иара убас 30 – ҩык инарзынԥшуа урҭ ирыдгыло ауаагьы абас ала нанҳәамза 15 рзы  атуризм Аминистрра Риҵаҟа инагоу амҩала, Иуԥшьаратәи аҩхаҭшәаа иахьаҵанакуа аекскурсиақәа рымҩаԥгареи атуристцәа рҭыжьреи ақәиҭымтәра азы иҟанаҵаз адҵа ишақәшаҳаҭым аадырԥшит.

Аусдкылаҩцәа иҟоу ақәиҭымзаара иахҟьаны аекскурсиатә автобусқәа шьҭарнахыс рхәаахәҭратә ҭыԥқәа рааигәара иахьзаанымкылало азы агәҭынчымра аадырԥшит. Аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Риҵа»  аҿы иҟалаз ахҭыс азы аминистр адырра ииҭеит Аужьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ аиҳабы Алиас Аргәын. Уи иара убас аминистр ибара азы аусдкылаҩцәа аҳәара шыҟарҵаз атәы иҳәеит.  

Ахәҭакахьала, Ҭеимураз Хьишба атуризм Аминистрра иҟанаҵаз адҵа иаҿыгылаз аусдкылаҩцәа рахь днеины амҩа аадыртырц азы аҳәара ҟаиҵеит.

Аминистри аусдкылаҩцәеи Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәаа аҿы реиԥылара ихы алаирхәит Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк Адамыр  Багаҭелиа. 

Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵарадырра аминистр Инал Габлиеи аминистр ицхырааҩ Ҭемыр Гобечиеи Москва ақалақь аҿы абжьара-занааҭтә ҵарадырра азы Урыстәылазегьтәи афорум рхы аладырхәуеит.  

Афорум ахь зынӡа ааԥхьара роуит 2000 нызықьҩык инарзынаԥшуа – жәларбжьаратәии арегионалтәии аделегациақәа, азанааҭтә ассоциациақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, абжьара-занааҭтә ҵарадырра асистема аҿы аус зуа аусзуҩцәеи астудентцәеи. Афорум рхы аладырхәуеит 55 атәыла арегионқәа рҟынтәи 240-ҩык инарзынаԥшуа апрофессионалитет амбассадорцәа.

Аҟәа. Нанҳәамза  17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра  аԥшьгарала имҩаԥысуаз аконкурсқәа рҿы аԥхьахәқәа згази аиааирақәа згази ф-ҩык ашколхәыҷқәа Москваҟа амҩа иқәлеит. Урҭ уаҟа ирзыԥшуп акыр инарҭбаау аҵарадырра-культуратә программа. Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь ашьҭахь урҭ нанҳәамза 17 – 25 рзы имҩаԥысуа апрограмма «Здравствуй, Россия!» ала  Самартәи аобласть ахь  амҩа иқәлоит. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟалеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра аҟынтәи.

Ашколхәыҷқәа ирҭаараны иҟоуп акәашарақәа, аталисманқәа рыҟаҵаразы аҟазара, аҭыԥантәи ачысхкқәа рыҟаҵара, уҳәа ирызку аинтерес зҵоу алекциақәеи амастер-классқәеи. Урҭ аилыркаагатә еиҿцәажәарақәа, агәынкыларазы, аиҿамсразы, аҭоурых адырра азы аконкурсқәа рахь ааԥхьара рыҭахоит.  

Урыстәыла аҭаара аамҭа иалагӡаны, аныҟәаҩ қәыԥшцәа еиуеиԥшым аусхкқәа: асахьаҭыхратә ҟазара, акреативтә маҵзура, амузыка, акультуратә усура итрадициатәу ахкқәа, акоманда аҿы аусура алшара, уҳәа рҿы рхы ԥыршәартә еиԥш алшарақәа рзаԥҵахоит. Џьоукы рзы ари иҿыцу аус аланахалара акәхоит, даҽа џьоукы рзы  – раԥхьаҟа иалырхраны иҟоу рзанааҭ ахь раԥхьатәи шьаҿаны иҟалоит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.