
pressadmin-2
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра: «Зқьышықәса зхыҵуа аԥсуа ҳәынҭқарра аимак иамаҭәарӡам».
Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Зқьышықәса зхыҵуа аԥсуа ҳәынҭқарра алацәажәара аҭахны иҟам». Ҳара ҳзакәанԥҵара уи азы адырра еилыкка иарбоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра Урыстәылатәи Афедерациа идгылаҩуп, аҳәынҭқаррақәа рыҩбагьы реизыҟазаашьа аиқәшаҳаҭра-зинтә база иҳәаақәнаҵоит». Убас мышқәак раԥхьа Урыстәыла Ашәарҭадаратә Хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев асаит aif.ru аҟны икьыԥхьымҭаҿ Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны Урыстәыла алалара атема актуалра аҵоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеи ҳәа еиуеиԥшым амасатә информациа ахархәагақәа ирыладырҵәаз аинформациа инамаданы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟарҵаз ахҳәаа аҿы иарбоуп.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥсеиқәырхаҩцәа ацаҟьа иалҟьаз урыстәылатәи атәылауаҩԥҳәыс деиқәдырхеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥсеиқәырхаҩцәа ацаҟьа иалҟьаз урыстәылатәи атәылауаҩԥҳәыс деиқәдырхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Нанҳәамза 22 рзы, аҵх акыр ицаны, Аҟәа араион Аҩада Ешыра ақыҭан 10 метрак рҟынӡа аҳаракыра змаз ацаҟьа далҟьеит урыстәылатәи атәылауаҩԥҳәыс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аԥсеиқәырхаҩцәа амашәыртә хҭыс шыҟалаз азы адырра шаароузҵәҟьа аҭыԥ ахь амҩа иқәлеит. Урҭ 22 сааҭи 25 минуҭи рзы ҵаҟа илбааны ацаҟьа иалҟьаз аԥҳәыс 28 шықәса зхыҵуа Сабина Михаилова ахьаахҽыга лылаҵаны асакаса данҵаны автотрассахь дкылыргеит. Анаҩс уи аҳақьымцәа дрырҭеит.
Агәабзиарахьчара Аминистрра Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада иазоунажьит амедицинатә еиқәыршәага ҿыцқәа.
Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара Аминистрра Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада зыхә ҳараку амедицинатә еиқәыршәага ҿыцқәа азоунажьит. Аԥҟарҭатә ҟәша маҷ аҿы ҳаамҭазтәи аҿаҳәарҭатә стол шьақәдыргылеит.
Аԥҟарҭатә ҟәша аиҳабы Иури Рекәаа ишеиҭеиҳәаз ала, аҿаҳәарҭатә стол ахәшәтәырҭаҿ иаҭахны иҟеижьҭеи крааҵуан, избанзар уаанӡа уа игылаз 30 шықәса ахыҵуан.
«Ари астол ҳара ҳзы ҳамҭа дууны иҟалеит. Уаанӡа ҳхы иаҳархәоз ажәытә аихатәы стол аҳақьымцәа рзы еиԥш иара апациентцәа рызгьы акыр иманшәаламызт. Иаагозар, мышқәак раԥхьа сара ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа пациентк инапы адаш сӡахуан. Уаанӡа ари апроцедура даараӡа ауаҩы даргәамҵуан, уажәы уи акыр иманшәаланы имҩаԥысуеит», – ҳәа иҳәеит аҳақьым Иури Рекәаа.
Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иаатит ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа «Аԥхынтәи агалереиа».
Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алексеи Шамба/. Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иаатит ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа «Аԥхынтәи агалереиа».
Аекспозициа аҿы ицәыргақәҵоуп Аԥшь Ҳагба, Диана Хьынҭәба, Витали Кацба, Виссарион Ҵәыџьба, Руслан Габлиа, Лаша Габелиа, Борис Ашәба, Лиудмила Будиак, Валериан Ҭарба, Марииа Делба, Маклина Ҵәыџьба, Беслан Арӡынба, Сабина Кәарҷелиа, Владимир Воуба, Аксана Барзаниа, уҳәа егьырҭ асахьаҭыхыҩцәа рнапы иҵыҵыз аҿыханҵа, аграфикеи аскульптуреи рыстильқәа рыла инагӡо русумҭақәа жәпакы.
«Шаҟа илашоузеи игәыҟаҵагоузеи арҭ аусумҭақәа. Урҭ акыраамҭа урыдымҵыкәа рыхәаԥшра уҭахуп. Сара хымԥада акык-ҩбак аасхәуоит. Урҭ ара Аԥсны сыҟазаара атәы сгәаладыршәалоит», - ҳәа илҳәеит Новосибирскынтәи Аԥсныҟа ԥсшьараҳәа иааз Анна.
«Сара сахьынаԥшра сыздырӡом. Конкретла еиҳа исгәаԥхо алкаара сцәыуадаҩуп. Иааизакны аекспозициа сахәаԥшуеит, уи даара ублаҿы иааиуеит, иугәамԥхар залшаӡом. Исгәаԥхоит уи ашьақәгылашьа», - ҳәа иазгәеиҭеит Аҟәа ақалақь аҿы инхо Асҭамыр.
Аԥсны иазгәарҭоит Ацқьа Пантелемон – ахәышәтәыҩцәа зегьы рынцәахәы Имш.
Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, нанҳәамза 9 рзы Аԥсны аиашахаҵаратә уахәамақәа зегьы рҿы Ацқьа Ааӡабхгаҩ Ахәышәтәҩы Пантелемон иаҳаҭыр азы анацәаныҳәарақәа мҩаԥысуеит.
Афон Ҿыц, Аԥшьа-Пантелемонтәи аберҭыԥ (ԥыхьа Романаваа рыҩнатә уахәаманы иҟаз) аҿы ашьжьымҭан аныҳәатә нцәаныҳәара мҩаԥысит. Уи мҩаԥигеит архимадрит Дорофеи (Дбар). Анаҩс аџьар кны аисра мҩаԥысит. Аберҭыԥ аҿы еизеит хыԥхьаӡара рацәала ақьырсиантә динхаҵара ныҟәызго аҭыԥантәи ауааԥсыра, иара убас Урыстәылантәи иааз аԥсшьаҩцәеи аҭыԥшьаныҟәаҩцәеи.
Аԥшьа-Пантелемонтәи аберҭыԥ - ари Аԥсны иҟоу аиашахаҵаратә ныхабаақәа иреиҳау ауп. Уи знык ала иакуеит х-нызықьҩык рҟынӡа ауаа. Афонҿыцтәи аберҭыԥ Аныхабаатә Уахәама 1888 – 1900 шықәсқәа рзы ацқьа ааӡабхгаҩ Пантелемон-ахәышәтәҩы иҳаҭыр азы архитектор Николаи Никонов ипроект ала иргылан.
Лаша Ашәба Белорусиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара аҭакзыԥхықә маӡаныҟәгаҩ Сергеи Стрельченко дидикылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш 15- шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иааз Белорусиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара аҭакзыԥхықә маӡаныҟәгаҩ Сергеи Стрельченко дидикылеит.
Аиԥылара аартуа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба асас бзиала уаабеит ҳәа еиҳәеит.
«Ҳара ареспублика азы иныҳәа дуу ахьыԥшымра азхаҵара Амш азгәаҭара аламҭалазы араҟа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент аҿы шәбара даара ҳаигәырӷьоит. Ҳара ҳзы насыԥ дууп Шәара шәеиԥш иҟоу асас даӷьқәа рыдкылара. Шәара ажәала адагьы аус аҿы ишьақәшәырӷәӷәахьеит Аԥсны жәлар гәыкала шәшырзыҟоу», – ҳәа иҳәеит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы.
Аԥснытәи ашколхәыҷқәа Ҭаҭарсҭан жәларбжьаратәи акампус “Атехнологиақәа рмаршрутқәа” иаҭааит.
Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашкол иҭоу аҭыԥҳацәа ҩыџьа Ареспублика Ҭаҭарсҭан иҟоу жәларбжьаратәи аҿартә кампус иаҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра.
Ақалақь Набережные Челны иҟоу ахәыҷтәы технопарк «Кванториум» аҿы имҩаԥысуан жәларбжьаратәи акампус «Атехнологиақәа рмаршрутқәа» асмена. Уи рхы аладырхәит ҩыџьа аԥснытәи ашколхыҷқәа. Арҭ аҭыԥҳацәа уаанӡа имҩаԥгаз атуристтә маршрутқәа «Акультуратә аартрақәа» рыпроектҟаҵара азы жәларбжьаратәи ахакатон аҿы аиааира ргеит.
Аконкурс «Акультуратә аартрақәа» ареспубликатә етап аҿы аиааира згаз – Гиачрыԥшьтәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Диана Туркмениани Дариа Хлебниковеи «Акинотә Аԥсны, мамзаргьы акульттә кинофырхаҵақәа рышьҭала» ҳәа атуристтә маршрут аӡыргара мҩаԥыргеит. Урҭ Набережные Челны ахь акыр иззыԥшыз апутиовка роуит.
Хәымш ирылагӡаны Ҭаҭарсҭан, Египет, Монголиа, Казахсҭан, Аԥсны, Белоруссиа аҟынтәи 60-ҩык ахәыҷқәа атуристтә маршрутқәа реиқәыршәара, 3D-акьыԥхьра ахархәарала апроектқәа раԥҵара, VR-технологиақәа, акартографиа, иԥсабаратәым аинтеллект ахархәарала апанораматә ҭыхреи атехнологиақәеи уҳәа азы иҿыцӡоу атехнологиақәа ҭырҵаауан.
Акампус апрограмма аҵарадырратә усҩаԥгатәқәа рнаҩс еиуеиԥшым аекскурсиақәа рыла игәылҭәаан. Убас ахәыҷқәа Ареспублика Ҭаҭарсҭан агәы — Казантәи Кремль иаҭааит, аҭоурыхтә Елабуга рбеит, акоманда «КАМАЗ-мастер» аспорттә база иаҭааит.
Баҭал Џьапуа ицәыргақәҵа “Аӷба шкәакәа” аатит ацәыргақәҵатә зал хада аҿы.
Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахаша, нанҳәамза 23 рзы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа иусумҭақәа рцәыргақәҵа «Аӷба шкәакәа» аатит.
Аекспозициа иалалеит 81 инарзынаԥшуа асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа. Асахьақәа ҟаҵоуп аҵыхәтәантәи хы-шықәса ирылагӡаны.
Аҭыхымҭақәа равтор ишеиҭеиҳәаз ала, хы-шықәса рыла иҟаҵоу аусумҭақәа рхыԥхьаӡара еиҳа еиҳауп иахьа ацәыргақәҵахь инагоу раасҭа. Уажәазы иалху абарҭ ицәыргақәҵоу роуп, урҭ аиҳарак аграфика астиль ала инагӡоуп.
Асахьаҭыхыҩ аҟазадырыҩцәа џьоукы акварель ҿыханҵоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, даҽа џьоукы аграфика ҳәа иашьҭоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Сара сгәаанагарала, акварель – ари аграфика злоу ҿыханҵоуп. Акварель аганахьала уахцәажәозар, араҟа иҟоуп даара иҿыханҵаны инагӡоу аусмҭақәагьы, аха иҟоуп аграфикатә ҟазшьа еиҳа изныԥшуагьы. «Ажәытә ҩны аҭыӡқәа» асериа аагозар, уи, жәаҳәарада, аграфика ду ауп. Аха араҟа иҿыханҵоу апеизажқәагьы цәыргақәҵоуп», – ҳәа иҳәеит Баҭал Џьопуа.
Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа рылаԥш маахар ауам «Воздушное погребение» ҳәа ахьӡ змоу, аԥсуа аԥсреи аԥсҭазаареи рхаҿы ишаарго атәы зҳәо аграфикатә усумҭақәа рсериа.
«Ари аԥсуа рытрадициатә культура, ииасхьоу аамҭа, иара убас амифологиа акыр изныԥшуа Аԥсны аҭоурых анырреи адырреи ҳзырбоу акакәны иҟоуп. Ус еиԥш аԥсыжра атрадициа зқьышықәсала ишьақәгыланы ишыҟазгьы, ҳаамҭазтәи ауаа рыхдырраҿы ирзаагаӡом», – ҳәа иазгәеиҭеит Баҭал Џьапуа.
Аслан Бжьаниеи Даниил Егорови Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәтә напхгараҭараҟны урыстәылатәи атехнологиақәа рхархәара алшарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит аусуратә визитла Москва иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәахтә маҵзура Анапхгаҩы Даниил Егорови реиԥылара.
Аиԥылараҿы ирылацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәтә напхгараҭараҟны урыстәылатәи атехнологиақәа рхархәара алшарақәа.
Аҳазылхыҩцәа Цандрыԥшь ақыҭан аҭаҭын аалыҵ ааныркылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аконтрабати аҳазылхратә зинеилагарақәеи рҿагыларазы аусбарҭа аусзуҩцәа Цандрыԥшь ақыҭан ахыбрақәа руак аҿы ирыԥшааит Аԥсны Аҳәынҭқарра акцизатә дырга змамыз 137 пачка рҟынӡа аколиан азы аҭаҭын, иара убас иахәҭоу атауар - мҩаԥгаратә шәҟәынцҵа зцымыз 127 цыра афымцатә сигареҭ. Иарбоу аҭаҭын аалыҵ зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә ԥҟарақәа реилагарала Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аԥсныҟа иааган, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.